Перейти к содержанию

Шевченко, Тарас

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шевченко, Тарас
Тарас Григорович Шевченко
Ахатәы хьӡы Тарас Григорович Шевченко
Аира жәабранмза 25иул. / хәажәкырамза 9, 1814 ш.грег.
Моринцы
Аԥсра жәабранмза 26иул. / хәажәкырамза 10, 1861 ш.грег.
Санкт-Петербург
Аԥсра зыхҟьаз асцит
Аԥсыжра аҭыԥ Смоленское православное кладбищеи Чернечья гора
Апсевдоним Т. Ш.
Аусура художник,
апоет,
антрополог,
деятель искусств,
ашәҟәыҩҩы,
драматург,
этнограф,
прозаик,
афилософ,
киносценарист
Абызшәақәа аурыс бызшәа,
церковнославянский язык,
Украин бызшәа,
юго-восточное наречие украинского языка,
Аполш бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа
Алма-матер Императорская Академия художеств
Magnum opus Кобзарь,
Гайдамаки,
Сон
Анаԥынҵамҭа

Тарас Григори-иԥа Шевченко (аукр. Тарас Григорович Шевченко, аур. Тарас Григорьевич Шевченко; хәажәкырамза 91814 ш., Морынцихәажәкырамза 101891 ш., Санкт-Петербург) — аукраин апоетеи асахьаҭыхҩыеи. Дырмит Гәлиа диҭазгуан аҩымҭақәа аԥсшәа.

Дырмит Гәлиа аиҭага.

АУСИАҬ АЖӘА
Са санԥслакь шәара сыжәжы
Адамра сҭаҵаны,
Асазан ҭбаа агуҭаны,
Са с-Украинаҿы;
Адә ду ԥшӡа ҭбаакуеи,
Днепри уи аԥаҩкуеи
Сара избауа, цқьаисаҳауа
Иара абжьы шгауа.


Украинатә ишаагалакь
Хара амшын иаҵәахь
Хаӷацәа ршьа… усҟан сара
Адәи ашьхеи абра —
Зегь ааныжьны иара убрахь,
Сцап анцәа ихаҭа иахь
Сматанеирацы… Уаанӡа сара-
Дсыздырам уи анцәа.


Сара сыжәжы, нас шәа шәнагыл,
Ашьамҭлаҳәкуа ншашәыжь,
Нас ҳаӷацәа ршьала
Ицқьашәтә ахакуиҭра.
Саргь ҭаацәара ду аҿы,
Хакуиҭ ҭаацәа ҿыц аҿы,
Сышәхашәмырхҭын, сышәгуалашәала
Жәа хаа гуҟаҵагала.

«Аусиаҭ ажәа»