Перейти к содержанию

Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Дырмит Гәлиа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа
Дмитрий Иосифович Гулиа

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа
Ахатәы хьӡы Гач Урыс-иԥа Гәлиа
Аира жәабранмза 211874 ш.
Уарча ақыҭа, Урыстәылатәи аимпериа
Аԥсра мшаԥымза 71960 ш.
Агудзера
Аусура аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа,
аурыс бызшәа,
Ақырҭуа бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Асовет Еидгыла
Анашьамҭақәа орден Ленина,
орден Трудового Красного Знамени,
медаль «За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941—1945 гг.»

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа (аур. Дмитрий Иосифович Гулиа; жәабранмза 211874 ш., Аԥсны, Уарча ақыҭа – мшаԥымза 71960 ш.) – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист. Аԥсны ашәыҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (1928), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла (1934). Аԥсны жәлар рпоет (1937), Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа (1929). Ианашьан Ленин иорден (1949). Дыҩуан аԥсышәалеи (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи).

Аурыс-аҭырқәа еибашьраан (1877-1878) Урыс (Иасыф) Гәлиа иҭаацәа ахган Ҭырқәтәылаҟа (1877), аха хара имгакәа, 1878 ш. маӡала Аԥсныҟа ахынҳәра илиршоит. Аҭаацәа рҭыӡҭыԥ ылырхит Аӡҩыбжьа ақыҭан, избанзар уаанӡатәи рынхарҭахь ахынҳәра азин ирымҭеит. Аԥхьареи аҩреи иҵеит ақыҭа апап иҟны, 8-10 шықәса анихыҵуаз Аҟәатәи ашьхаруаа ршкол-пансионат (интернат) далгеит (1889). 1889 ш. Гори (Қырҭтәыла) ақалақь аҟны Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩратә семинариа даанахәоит, аха ԥшьымз рҟынӡа ааҵуаны ашыӡ чмазара ихьит, убри аҟнытә Аԥсныҟа дхынҳәыр акәхеит. 1891 ш. ианвар азы иан дыԥсит, 1893 ш. акәзар - иаб, 1894 ш. - ианду. Абас еиԥш атрагедиатә хҭысқәа рышьҭахь иҵара изацымҵеит. 1890-1891 шш. рзы рҵаҩыс аус иуан Екатериновка ақыҭан (Аҟәа азааигәара), аурыс бызшәа дирҵон . Аҟәатәи аокруг Очамчыратәи аучасткаҿы акраамҭа еиҭагаҩыс дыҟан. 1892 ш. Аҟәатәи ашьхаруаа ршкол ахылаԥшҩы (адиректор) К. Д. Маҷавариани дицырхырааны еиқәиршәеит, егьҭижьит «Аԥсуа нбан», аурыс графиака шьаҭас иаманы. Ашьҭахь адинхаҵара иаҵанакуаз алитература аԥсшәахь аиҭагаразы Акомиссиа аусура далахәын. Уи еиҿкаан Аҟәатәи аепархиа аҟны. Адоуҳатә литература еиҭеигон, аус иуан ақыҭа рҵаҩыс. Жәлар ршкол арҵаҩы ҳәа ашәҟәы аниоу, аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыӷтәи ( 1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ақыҭа школқәа рҟны.

1910-тәи ашықәсқәеи 1920-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы Д. Гәлиа ирҵаҩратә усура иациҵоит: рҵаҩыс аус иуеит Аҟәатәи аҳәса ргимназиеи, Аҟәатәи ашьхаруаа ршколи (1912), Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭеи (1914), Аҟәатәи арҵаҩратә семинариеи (1915-1921) рҟны. Асеминариаҿы Д. Гәлиа екстерно ҳасабла аԥышәарақәа аниҭи азин иоуит азеиԥш бжьаратә ҵараиурҭақәа рҟны арҵаҩратә усуразы. 1917 шықәсазтәи Октиабртәи ареволиуциа ашьҭахь Аԥсны Жәлар Рсовет далан. (Гәлиа Д. И. Аԥсны Жәлар, Рсовет (Аԥсны. 1920. №36(74), октиабр 8). 1919 ш. Д. Гәлиа дыҟан иара убас Аԥсуа Милаҭтә Совет аизара ду аиҿкааразы Акомиссиа ахантәаҩыс, аха уи Асовет аԥҵара залыршамхеит.

Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы Д. Гәлиа адраматә кружок еиҿикааит, уи иалахәын иҵаҩцәа: М. Аҳашба, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр уҳәа егьырҭгьы; аԥшьгаҩыс даман анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа», Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа алшарақәа рыла. 1921 ш. апрель инаркны Аԥсны ареволиуциатә комитет аԥсуаа аҵара дырҵаразы жәлар рҵара аҟәша напхгара аиҭон. Абри ашықәс август нахыс Аԥсны аҵара Жәлар ркомиссариат амилаҭқәа рыҟәша аԥсуа секциа деиҳабын. Атеатртә гәыԥ еиҿикааит, уи Аԥсны ақыҭақәа рҟны иқәгылон. 1924-1926 шш. раан Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аԥсуа бызшәеи Аԥсны аҭоурыхи ркурс иазкны алекциақәа дрыԥхьон. 1927 ш. инаркны хадара азиуан 1925 ш. Н. И. Марр иаԥиҵахьаз аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа. 1930 ш. нахыс иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аамҭазынӡа абызшәеи алитературеи Аԥснытәи рыҭҵаарадырратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩыс, ашьҭахь – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дыҟан. 1937 ш. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидиум иаднакылаз аӡбамҭала уи ихҵан аетнографиатә (шьҭа - аҭоурыхтә) ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ. 1927 ш. – Аԥсны Ацентртә Анагӡаратә Комитет далан. 1938 ш. инаркны – зныкымкәа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырххьан, Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум далан, 1958 ш. акәзар, - СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далхын.

Иазгәаҭатәуп, Д. Гәлиа Қырҭтәылатәи ССР Аԥсны имҩаԥнагоз анационалисттә политика шидикылоз, 1931 ш. ССР Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР аилазаара ианаларҵа ашьҭахь. Убри шьақәдырӷәӷәоит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы К. В. Ворошилови (1954; 1956шш.), КПСС Ацентр Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ Н. С. Хрушьчови (1957) рахь иишьҭыз ашәҟәқәа. Урҭ рҟны иаҳәон Қырҭтәылантә ақырҭқәа хырҵәаны Аԥсныҟа иааганы рнырхара хықәкыс ишамаз иааинырсланы адемографиатә ҭагылазаашьа аԥсахра, аԥсуа культура ахәаҽра, хықәкыхырхарҭала ажәытәтәи аԥсуа топонимика ақырҭуатәра уҳәа егьырҭгьы (Гәлиа Д. И. Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, афольклортәи аетнографиатәи нҵамҭақәа, аиҭагақәа, астатиақәа, арҵага шәҟәқәа, асалам шәҟәқәа. Аҟәа, 2003. Ад. 420-427). Гәлиа ихаҭа Сталин иаамҭазы, ақырҭуа мчрақәа иаадырԥшыз аҳаҵҳаҵарала «жәлар раӷацәа» рсиа далаҵан. Имаӡоу документк аҟны – 1945 ш. декабр 4 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссиа р… (ашьҭахь КГБ) аҩбатәи аҟәша аиҳабы аподполковник Убилава ила, «Антисоветтә, аҳратәра-националисттә дунеихәаԥшра змаз иреиуаны аԥсуа милаҭ рахьтә Аҟәа ақалақь аҿы инхоз Рмеморандум» аҟны Д. Гәлиа дцәырган асовет мчра аӷа, аҳратәра анационалист ҳәа, избанзар иара ихаҭа ишьақәирӷәӷәон Аԥсны ахатә ҭоурых амоуп, аԥсуаа ракәзар, хазы иҟоу жәларуп ҳәа. Абри адокумент аҟны иарбан иара убас Дырмит Иасыф-иԥа иҷкәын – Владимир «Аԥсадгьыл иҭиит, насгьы Германиатәи аԥшыхәра агент ҳәа дыԥхьаӡаны иԥшаара иашьҭоуп ҳәа. Асовет мчра иаҿагылоз рсиа далаҵан иара убас апатриарх аҩбатәи иҷкәын Гьаргь. (Шәахә.: «Абхазскии архив. ХХ век. Вып.. М., 2002. Ад. 26-29).

Д. Гәлиа ибиографиаҿы , аԥсуа культура аҭоурых зегьы аҟны еиԥш, аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, раԥхьатәи ихьыԥшым адемократиатә аԥсуа газеҭ «Аԥсны». Ихаҭа аԥшьгаҩыс даман, редактор хадасгьы даиуит, аиҳарааӡак аномерқәа рҟны «Аредактор: Агәыԥ (№26 (54), даҽакала иаагозар, (Аредактор: Агәыԥ) (26 (54) азынӡа), (еиҳа ииашаны - №26 (64) 1920 ш.), ашьҭахь (№26(64) инаркны) – аредакторс иҟаз ижәла аҵагылоуп - Д. И. Гәлиа. Аредакциа алахәцәа ракәны иҟан Д. И. Гәлиа идагьы – С. И. Ҷанба, Д. И. Аланиа, М. А. Лакрба дыҟазаргьы ауан. Агазеҭ аномерқәа еиҳараӡак еиқәзыршәаз иара иакәын, аамҭа аниауаз С. И. Ҷанба даницхраауазгьы ҟалалон, избанзар уи ауаажәларра-политикатә усура аганахьала деилахан.

Агазеҭ аҭыҵра иалагеит 1919 ш. февраль 27 рзы, иҭыҵуан 1920 ш. март мза азынӡа. Иҭыжьын 85 номер. Иркьыԥхьуан Аҟәа, раԥхьатәи жә-номерк Н. В. Захаров итипографиаҿы, егьырҭ А. М.Заидшер итипографиаҿы. Аҭыжьра ауадаҩрақәа ацын, зус здыруаз аҟазацәа рыҟамзаара аныԥшуан, иҟамызт акорректорцәа, аполиграфиа уҳәа. Агазеҭ еснагь зҩымҭақәа анызҵоз иреиуан Д. И. Гәлиа ихаҭа, иара убас С. И. Ҷанба, М. А. Лакрба, Ш. И. Хокерба, Д. И. Аланиа, Ӡ. Х. Дарсалиа, Д. Т. Маан, М. Л. Аҳашба, И. А. Коӷониа, Н. Чалмаз, Н. С. Патеиԥа, И. А. Аџьынџьал, М. Булиа, Б. Ҷолокәуа, М. Лагәлаа, Ҭ. Аҳашба уҳәа.

Агазеҭ аҟны икьыԥхьуп еиуеиԥшым аҩаӡара иаҵанакуа ажәеинраалақәа шәкы, ҩеижәа инареиҳаны ажәабжьқәа, апиесақәа (С. И. Ҷанба ипиеса «Амҳаџьыр» налаҵаны), ҩеижәа инареиҳаны аиҭагақәа (ажәеинраалақәа, ажәамаанақәа, апиесақәа, ажәабжьқәа уҳәа егьырҭгьы (аурысшәеи ақырҭшәеи рахьтә), ҩеижәихԥа рҟынӡа афольклортә материалқәа (алакәқәа, ашәақәа, жәлар ражәабжьқәа уҳәа), хышәи жәохә статиеи егьырҭ аматериалқәеи.

Д. Гәлиа илитературатә рҿиара ахацыркра апоезиа иадҳәалоуп. Иажәеинраалақәа рҟны ихы иаирхәон жәлар рҿаԥыц поезиа атрадициақәа, асиужетқәеи амотивқәеи рыла мацара акәымкәа, жәлартә жәеинраала аформеи аритмикеи рыла. 1900-тәи ашықәсқәеи 1910-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи раан Д. И. Гәлиа иҩит ажәеинраалақәа: «Ааԥын», «Аҳы, сышәҟәы уеиҵамхан…», «Насыԥ имоуп згәы иҭоу зегьы зҳәо…», «Ауаҩы», «Ахшыҩи, адырреи, амчи», «Ажәытәраан», «Москва», «Еиҭеиз ауаҩы иажәа», «Амаҭи, аҵыси, абжи» (афольклортә сиужет ашьаҭала); аԥсуа литератураҿы раԥхьатәи асатиратә жәеинраалақәа: «Ҩыџьа зцомызт, руаӡәк дрыхьӡомызт», «Хоџьан ду». Асатиратә жәеираалақәа рпоетика аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит аирониа, аиумор, убри ала ауаажәларраҿы ицәырҵуа ацәгьарҿиара, ақәӡбара амотив арӷәӷәоит, аӷьычреи, аԥсыцәгьареи, тәым џьала анхареи, аашьареи. Арҭ ашықәсқәа рзы афольклортә сиужетқәа рышьаҭала иҩит раԥхьатәи аԥсуа поемақәа рахь иуԥхьаӡаша ҩ-рҿиамҭак: «Абрыскьыл» (1910), «Ешсоу итапанча» (1910).

Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» ҭыҵит 1912 ш., ҵабыргыҵәҟьаны, ари аԥсуа литератураҿы раԥхьатәи сахьаркыратә шәҟәын. 1913ш. акәзар, иҭыжьын аҩбатәи ишәҟәы «Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы». Анаҩстәи ажәашықәсқәа раан апоет иҭижьит шәкы инареиҳаны ажәеинраалақәа, урҭ рахьтә иалукаауа иреиуоуп: «Сбаҳча», «Сыԥсадгьыл», «Тарас дуӡӡа», «Аҽацә», «Ҳара ҳ-Кавказ» уҳәа егьырҭгьы. 1956 ш. иҩит алиро-епикатә поема «Сара схәышҭаара». Ипрозатә рҿиамҭақәа рахьтә иалукаауеит ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» (1918, 1919 ш. агазеҭ «Аԥсны» (№2, 3) ианылеит), иара убас ироман «Камаҷыҷ».

Д. Гәлиа деицырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аԥсшәахь еиҭеигеит Аевангелие (аиҭагацәа хадацәа дыруаӡәкуп), А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов, Т. Г. Шевченко, Н. М. Бараҭашвили, А. Р. Ҵереҭели рырҿиамҭақәа, И. Русҭавели ипоема «Абжьасцәа зтәу».

Ҭоурыхҭҵааҩык, етнографк, лингвистк, рҵаҩык иаҳасабала икьыԥхьит аусумҭақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп: «Аԥсны аҭоурых». I атом (Қарҭ, 1925), «Аԥсуаа рҟны ашәарыцара анцәахәи ашәарыцара абызшәеи». (Аԥсны аетнографиа азы). Аҟәа, 1926), «Аԥсуа грамматика азы аматериалқәа (П. К. Услар ишәҟәы «Аԥсуа бызшәа» азы ахарҭәаарақәеи аилыркаарақәеи)» (Аҟәа, 1927); «Алитературеи абызшәаҵареи ртерминологиа (аурыс-аԥсуеи аԥсуа-аурыс бызшәақәеи рыла» (Аҟәа, 1930); «Иаазыркьаҿу аԥсуа орфографиатә жәар» (Аҟәа, 1932; «Ахатәы бызшәа. Аҩбатәи акласс аҟны дырҵаразы» (Аҟәа, 1933) уҳәа егьырҭгьы. 1920 ш. аԥсышәала иҭижьит раԥхьатәи «Аԥсуа календар».

Д. Гәлиа изыркхьеит аԥсуа поетцәа аӡәырҩы ражәеинраалақәа, иара убас аурыс, ақырҭуа, нхыҵкавказтәи уҳәа егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа, иаагозар, К. Симонов, Р. Гамзатов, К. Кулиев, Г. Табиӡе, Ш. Дадиани уҳәа ражәеинраалақәеи рстатиақәеи.

  • аԥсышәала: Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ, 1912.
  • Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәи, даҽа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913.
  • Ажәеинраалақәеи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аҟәа, 1923.
  • Иалкаау иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа, ачастушкақәа, апиесақәа, аиҭагақәа, ажәаԥҟақәа, ацуфарақәа. Аҟәа, 1933.
  • Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934.
  • Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937.
  • Ажәабжь кьаҿқәа. Аҟәа, 1942.
  • Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947.
  • Иҩымҭақәа. Ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956-1962.
  • Алирика. Аҟәа, 1967.
  • Иалкаау. Апоезиа. Апроза. Адраматургиа. Аҟәа, 1973.
  • Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. Аҟәа, 1973.
  • Атәым жәҩан аҵаҟа. Аҟәа, 1978.
  • Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа.
  • Иҩымҭақәа реизга: Ф-томкны. Аҟәа, 1981-1986.
  • Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, афольклортәи аетнографиатәы нҵамҭақәа, аиҭагақәа, астатиақәа, арҵагақәа, асалам шәҟәқәа. Аҟәа, 2003 (аматериалқәа рыхәҭак урысшәала иҟоуп).
  • Ажәеинраалақәеи ачастушкақәеи. Аҟәа, 2004.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Избранное. М., 1950.
  • Избранные произведения. М., 1953.
  • Избранные стихи. М., 1954. (Библиотека «Огонек», № 20).
  • Избранное. [Стихи]. Тбилиси, 1957.
  • Избранные произведения. М., 1958.
  • Стихи. М., 1959.
  • Камачич. Роман. М., 1961.
  • Избранное. Сухуми, 1973.
  • Избранное. М., 1974.
  • Стихотворения и поэмы. Л., 1974.
  • Стихотворения и поэмы. Л., 1976.
  • В нашей деревне. Стихи для детей. Сухуми, 1984.
  • Избранное. М., 1986.
  • Стихотворения. М., 1986.
  • егьырҭ абызшәақәа рахь аиҭагақәа: Иалкаау иажәеинраалақәа. Софиа. 1967, болгар бызшәала.
  • Апартиа. Ажәеинраала. Аҟәа, 1973 (аиҭаҭыжьра – Аҟәа, ҩынҩеижәи хԥа бызшәа рыла; Камаҷыҷ. Ароман. Киев, 1979, украин бызшәала; Сара схәышҭаара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Цхинвал, 1988, ауаԥс бызшәала.
  • Аиашьа — Гәлиа Иуан Иасыф-иԥа;
  • Аиаҳәшьа — Гәлиа Екатерина Иасыф-иԥха;
  • Аԥа — Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа — иналукааша аԥсуа советтә шәҟәыҩҩы;
  • Аԥа – Гәлиа Владимир Дырмит-иԥа – дынџьнырын;
  • Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Владимир-иԥа — аҵарауаҩ, афизик, апрофессор;
  • Амоҭа - Гәлиа Дырмит Гьаргь-иԥа, дҭоурыхҭҵааҩын;
  • Амоҭа – Гәлиа Татиана Гьаргь-иԥҳа, атеатрҭҵааҩы, ацҳаражәҳәаратә усзуҩы;
  • Амоҭа – Гәлиа Гьаргь Гьаргь-иԥа, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩы;

Исахьаркыратә ҩымҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса.

Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәеинраалақәи, ахьӡыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.

  • Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901.
  • Советская энциклопедия, «Асоветтә Енциклопедиа Ду» (аур. Большая советская энциклопедия), 3-тәы аҭыжьра, 30-тәи атом. Москва, 1974.