Перейти к содержанию

Тесла, Никола

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Никола Тесла
Никола Тесла
Ахатәы хьӡы Никола Тесла
Аира ԥхынгәымза 10, 1856 ш.
Смилян
Аԥсра ажьырныҳәамза 7, 1943 ш.
Хеллс Китчен
Аԥсра зыхҟьаз инфаркт миокарда
Аԥсыжра аҭыԥ Музей Николы Теслы
Анхарҭа Прага (1880 ш.–1881 ш.), Будапешт (1881 ш.–1882 ш.), Грац (1875 ш.–1878 ш.), Париж (1882 ш.–1884 ш.), Колорадо-Спрингс (1899 ш. инаркны), Ниу-Иорк (1884 ш. инаркны), Карловац (1870 ш.–1873 ш.)и Смилян (1856 ш.–1870 ш.)
Амилаҭра Сербы в Хорватии
Атәылауаҩра Австрийская империя,
Королевство Венгрия,
Еиду Америкатәи Аштатқәа
Алма-матер Высшее реальное училище,
Грацский технический университет,
Карлов университет
Аусура изобретатель,
инженер-электрик,
инженер-механик,
физик,
футуролог
Аусураҭаҩцәа Tesla Electric Light & Manufacturing (1886 ш. инаркны)
Westinghouse Electric (1888 ш. инаркны)
Анашьамҭақәа Большой крест ордена Белого орла
почётный доктор Грацского технического университета
член Американской ассоциации содействия развитию науки
член IEEE
орден Белого льва
… подробнее на Викиданных
Адин Сербская православная церковь
Абызшәақәа Англыз бызшәа,
Афранцыз бызшәа,
Ачех бызшәа,
амаџьар бызшәа,
анемец бызшәа,
Алаҭын бызшәа,
Аиталиан бызшәа,
Ахорват бызшәа,
Асерб бызшәа
Анаԥынҵамҭа

Никола Тесла (асерб. Ни́кола Те́сла, англ. Nikola Tesla; ԥхынгәымза 101856 ш. Хорватиаажьырныҳәамза 71943 ш., Ниу-Иорк) — XX ашәышықәсазы дыԥҵаҩ дуӡӡоуп. Арекламатә ҭыӡқәарҿы, зегьы ирбахьазар ауеит, еилаарцыруа алазертә мцабзқәа. Урҭ раԥҵара ибзоуроуп Никола Тесла. Ари дзакә уаҩ ҟәышу аилкааразы, иԥсҭазаара ибзиан иаҳдыруазарц, ихәыҷрашықәсқәа инадыркны ишәзеиҭаҳҳәоит.

Никола Тесла ихәыҷра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Никола Тесла диит 1856 шықәсазы, Хорватиа Госпик ақалақь ааигәара. Никола дынхон ақалақь иазааигәаз ақыҭа ԥшӡаҿы, уаҟоуп ихәыҷрагьы ахьихигаз. Алагарҭатә ҵарагьы Госпик иоуит. Иара иҭаацәара дуун, ԥшьҩык иашьцәеи иаҳәшьцәеи, иара дыхәҩыкын. Никола иаб, аиашахаҵаратә уахәмаҿ дпапын, аҩны ааигәара иҟаз ауахәамаҿ аус иуан. Иан дыҩнԥҳәысын, аҩны иаҭахыз амаҭәарқәа зегьы лнапала иҟалҵон. Тесла ибаҩхатәра иан илҿиҵааит, лара лҟынтә ауп ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи рацәаны иахьиҵаз, аха Тесла иан аԥхьашьеи аҩышьеи лыздырӡомызт. Лара ҿырҳәала илгәалашәоз ахәыҷқәа идлырҵон.

Никола Тесла даара игәырҵҟәыл бзиан, иара знык дзыԥхьаз иибаз, иаҳаз иаразнак игәникылон, ашәҟәы зынӡагьы иҭахӡамызт. Ас еиԥш иҟоу агәынкылара, афотатә гәынкылара ҳәа иашьҭоуп. Иара иаԥиҵозаалакгьы, амеханизм зегьы шеибакыз раԥхьа асахьа ҭихуан, анаҩс, уи хәҭа-хәҭала еизигон.

Никола Тесла Америка иҟазаара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ақалақь Граце Австриа аҵара анаҩс, Тесла аусуразы Франциаҟа диасуеит. Уи, зауадкаҿы нџьнырс аус иуан – афымцатә шьақәгыларақәа реиӷьтәразы. Анаҩс, Франциантәи Америкаҟа диасуеит. Иара усҟан, Франциатәи аԥҵаҩы Чарльз Бечелор, америкатәи аԥҵаҩы Томас Едисон изиҩыз абжьагаратә шәҟәы ада, акымзарак имамызт: «Сара иахьа ҩыџьа ауаа дуӡӡақәа здыруеит. Руаӡәк – уара уоуп, егьи – абри ауаҩ – қәыԥш, убара агәаҳәара змоу».

Едисон Тесла дидикылт, аусурагьы ииҭеит. Уи идигалеит иааиԥмырҟьаӡакәа афымцамч ҟазҵо агенератор ҿыц апроект аҟаҵара. Абас, Тесла иаразнак еиликааит арныҟәагақәеи агенераторқәеи лассы-ласс ишыԥхасҭахо, акгьы ишаԥсам урҭ аиӷьтәра шырҭахыу.

Едсон ибзианы иусуразы 50 000 доллар шизишәо ажәа ииҭеит. Тесла иус анынаигӡа, ирҭаран иҟаз аҳамҭа данҳәа, Едсон аҭак ииҭеит аԥара атәы уҳәозар сыхәмарит: «Ҳара америкаа» ҳиумор узеилымкааӡои» ҳәа Тесла иеиҳәеит. Абри ашьҭахь, Тесла ари акомпаниа нижьуеит, ишакәхалакгьы Америка ихы ныҟәигарц ажрақәа рыжра далагеит. Теслеи Едсони реиҿагылара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Тесла ишьақәирӷәӷәон Едсон иргылаз иаиԥмырҟьаӡакәа фымцамч змоу астанциа, ауаа иахьрыхәо шмаҷу, насгьы, аамҭа-аамҭалатәи афымцамч еиҳа алҵшәа шамоу атәы. Афымцамч афымцацәаҳәақәа рыла хара анашьҭразы, афымцамчӷәӷәа аҭахын, уи еимш амчӷәӷәа, афымца цәаҳәақәа ирзычҳаӡомызт азы лассы-ласс иԥхасҭахон.

Уи аҭыԥан, Тесла ирыдигалеит аамҭа-аамҭалатәи афымцамчы, секундк ала 50-60-нтә зхырхарҭа зыԥсахуаз, убри аҟынтә, афымцацәаҳәақәа афымцмчыӷӷәа рычҳауан. Ари апроект аиааира агеит, абас ала, иааиԥымҟьаӡакәа иҟаз афымцамч, аамҭа-аамҭалатәи афымцамч аԥсахит.

Тесла егьырҭ иаԥҵамҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Тесла иаԥиҵақәаз иахьагьы ирацәоуп ԥсахрада рхы иадырхәо. 1891 шықәса азы уи аспираль аԥиҵеит, иахьагьы, арадио, ателевизорқәеи рконструкциақәа рҿы рхы иадырхәоит. Иара убас, Тесла иаԥиҵеит харантәи афымцамч напхгара азҭо ашьақәыргыламҭа. Тесла илшеит 200 лампочка кабельда зныкала реицаркра 40 километра ақалақь иацәыхараз аҿы, уи ала Америка зегьы иршанхеит. Зегь раԥхьаӡатәи арадио-коммуникациеи, арадиоеимадареи ҭелда ахархәара Тесла ибзоуроуп.

Иапониаа аробот аԥырҵаанӡа, уи ахархәара еиӷьыртәаанӡагьы Тесла иаԥиҵахьан баша аробот, харантәи анапхгара зуҭоз.

Тесла иԥсы шҭаз зегьы деицырдыруа дҟалеит, иакымкәагьы аҳамҭақәагьы иоуит. Теслеи Едсони Нобель ипремиагьы ранашьахеит. Урҭ ари апремиа еиҩыршар анакәха, Тесла мап ацәикит.

Никола Тесла иџьоушьаша иҟазшьақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Никола Тесла, даара иџьоушьашьа аҟазшьақәа иман: ахыԥхьаӡара 3 – иара изы амагиатә ҵакы амаӡамызт. Иара иҟаиҵоз зегьы лассы-ласс хынтә-хынтә ианыҟаиҵоз ыҟан. Иныҟәарақәа раан дахьынҿасуаз ауадақәа, ахыԥхьаӡара 3 ала иалагон. Тесла, даара бзиа ибон аԥсаатәқәеи, аԥстәқәеи, еиҳараӡак аҳәыҳәқәеи, ацыгәқәеи.

Никола Тесла ахаан ԥҳәыс дааимгаӡацызт, ишмаҷҩымызгьы бзиа дызбоз аҳәса. Иԥсҭазаара зегьы ихала ихигеит, аԥҳәысгьы, ахәыҷқәагьы имаӡамызт. 1943 шықәса азы, Ниу-Иорк асасааирҭақәа руак (3327 – аномер змаз, хынтәны ишоз) аҿы иԥсҭазаара далҵит.

Тесла игәазыҳәарала, Хорватиатәи иҩыза Иване Местрович изыҟаиҵеит аскульптура. Иахьа уи аскульптура Ниагартәи аӡхыҽҽа ааигәара, Америкатәи Амилаҭтә баҳчаҿы игылоуп.