Перейти к содержанию

Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Лакрба, Миха Аҳмаҭ-иԥа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Миха Алеқсандр-иԥа Лакрба
Михайл Александрович Лакрба

Миха Алеқсандр-иԥа Лакрба
Ахатәы хьӡы Михаил Ахматович Лакрба
Аира ажьырныҳәамза 191901 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Гәылрыԥшь араион) Мархьаул ақыҭа
Аԥсра жьҭаарамза 151965 ш.
Москва ақалақь
Аусура аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
Грузинская демократическая республика,
Асовет Еидгыла
Алма-матер Грузинский технический университет

Миха Алеқсандр (Аҳмаҭ)-иԥа Лакрба (аур. Михайл Александрович Лакрба; ажьырныҳәамза 191901 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Гәылрыԥшь араион) Мархьаул ақыҭа – жьҭаарамза 151965 ш., Москва ақалақь) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы. Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1938) Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Асахьаркыратә ҩымҭақәа иҩуан аԥсышәала, астатиақәеи аҭҵаамҭақәеи – урысшәалеи аԥсышәалеи.

Аҵара иҵон Мархьаултәи ауахәаматә школи (1908-1911), Аҟәатәи ашьхаруаа ршколи (1909 - 1912), Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭеи (1913-1918) рҟны. Қарҭтәи аполитехникатә институт аекономика-иуристтә факультет далгеит (1929), иара убас Москва, асценаристцәеи акинорежиссиорцәеи Иреиҳау ркусрқәа (1937). 1921-1925 шш. раан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс аус иуан. 1931-1936 шш. рзы акәзар, акиноекспедициа «Восток-кино» даланы дыҟан Даӷьсҭан, Одесса, Сибра, Урал. Акинофабрика «Восток-кино» ашҟа аусура дрыдыркылеит М. А. Шолохов иҟаиҵаз абжьагарала.

1934 ш. СССР ашәҟәыҩҩцәа актәи реизара ду далахәын.

1941 ш. хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит. Аус иуан адивизиа иатәыз агазеҭ «На штурм врага» аҟны, адивизиа арратә трибунал амаӡаныҟәгаҩ еиҳабыс. Севастополь ахьчара далахәын. Аамҭак азы дрытҟәеит, Днепропетровсктәи алагер аҟны дыҟан, хҩык иҩызцәа дрыцны дыбналеит. Ашьҭахь, ҩаԥхьа Каменка (Днепропетровсктәи аобласт) инаркны Тираспольнӡа ажәыларақәа дрылахәын, афронт агазеҭ «За победу» редакторс даман.

30-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс Қырҭтәылатәи ССР Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариати уи «афилиал» Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариати ишьклаԥшуан. «Меморандум на а/с (антисоветски), буржуазно-нацианалистически настроенных лиц из среды абхазской национальности, проживающих в г. Сухум», зыхьӡыз, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Жәлар ркомиссариат (ашьҭахь - Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аминистрра, аҳәынҭқарратә шәарҭадара акомитет) 1945 ш. декабр 4 рзы аҩбатәи аҟәша аиҳабы Убилава еиқәиршәаз имаӡаз адокумент аҟны М. Лакрба дарбоуп асовет мчреи даӷазшәа, аҳратәра анационалист иакәызшәа, насгьы хымԥада иарбан аамсҭа хылҵшьҭра дшеиуаз. Ахара идырҵон «жәлар раӷа Н. Лакоба дирҽхәон» ҳәа, ҳаҭырқәҵарала дихцәажәомызт ҳәа аҩ. Бериа (атеррористтә ҟазшьа аҭаны)…» (Шәахә.: Абхазский архив. ХХ век. Вып. . М., 2002. С. 12-13). Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аматериалқәа рҟны изларбаз ала, М. Лакрба Аԥсны ақырҭуатәра даҿагыланы дықәгылон, иазгәеиҭон аԥсуа бызшәеи амилаҭтә культуреи есааира аныӡаара иаҿуп ҳәа. Ҳәарада, Лакрба дадгыломызт Қәырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитети Аиҳабыреи Аԥсны имҩаԥыргоз ассимилиациатә политика. Ақәымчратә политика иаҿагыланы ақәгылара згәаӷьыз, асовет мчра иаҿагылоу, аконтрреволиуциатә елементқәа, «ажәлар раӷацәа» ҳәа иԥхьаӡаны аҳәынҭшәарҭадара рылаԥш иҵдыршәомызт (ари асиа еиқәаҵәа аҟны иалашәеит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа театр актиорцәа, арежиссиорцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа уҳәа: Д. И. Гәлиа, С. И. Ҷанба, Г. Д. Гәлиа, И. А. Лакрба, Н. А. Лакоба, С. П. Басариа, М. И. Тарнаа, В. М. Маан, Н. Е. Гериа, А. Р. Агрба, Г. З. Шакирбаи уҳәа егьырҭгьы).

М. Лакрба анемеццәа дытҟәаны данрымаз ахҭысгьы ишаарҭахыз рхы иадырхәон. Аԥсны Аҳәынҭшәарҭадара Жәлар ркомиссариат еиднакылоз «агентуратә» материалқәа рышьҭуан Қарҭҟеи Москваҟеи. Ишнеи-шнеиуаз, 1947 ш. М. Лакрба дырбаандаҩын Москва. Абри шьақәнарӷәӷәоит СССР Аҳәынҭшәарҭадара аминистрра ахәбатәи аусбарҭа аҟнытә еиқәыршәоу Имаӡоу ашәҟәы (№56/19762, 1947 ш. август 13-14), Аԥсны Аҳәынҭшәарҭадара аминистр, аинрал-маиор И. Гагуа ихьӡала иҩу ашәҟәы рнапы аҵаҩуп аинрал-леитенант Дроздецки, аподполковник Шумаков). (Шәахә.: Абхазкий архив. ХХ век. Вып. 1. М., 2002. С. 86). М. Лакрба колыматәи алагерқәа рҟны (1947-1955) ихигеит 8-шықәса, ихы дақәиҭыртәит 1955 ш. февраль 5 рзы, дагьыриашан.

М. Лакрба ирҿиаратә усура ахацыркра апублицистикеи апоезиеи ирыдҳәалоуп, аԥхьаҩцәа рахь раԥхьатәи ишьаҿақәа ҟаиҵеит раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» ала, уи аҭыҵра иахьалагаз даараӡа гәацԥыҳәарала иаԥылаз дреиуоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵон ацхыраара арҭаларц. Уи адаҟьақәа рҟны икьыԥхьит астатиақәа 16, ажәеинраалақәа 3. Иҟалап, ибжьаӡыз агазеҭ аномерқәа (1919. №8, 9, 11; 1921. №4/85) рҟны иҵегьы иҩымҭақәа кьыԥхьызҭгьы. Иажәеинраалақәа рахьтә еицырдырит «Абахҭаҿы», «Дырмит Гәлиа», аԥсуа литература ахьтәы фондгьы иагәылалеит.

М. Лакрба раԥхьатәи ишәҟәы «Апиесақәеи астатиақәеи» ҭыжьын Аҟәа 1956 шықәсазы. Авторс дрымоуп акомедиақәа: «Гьечаа рҵыхәтәа» (1939, иқәыргылан – 1940), «Сабыда игәаҩара» (1940, иқәыргылан – 1941); аҭоурыхтә драма «Данаҟаи» (1946-1947; Аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылан – 1956), ановеллақәа, алибретто, аоперақәа, аопереттақәа, афильмқәа «Тҟәарчал» (1934), «Ҩ-хыҵхырҭак» (1938), «Аԥсны-ишәҭуа атәылаҿацә», «Иӡааҟәрылаз ақалақь аԥшаахқәа» («Диоскуриа») (аҵыхәтәантәи ҩ-фильмк «Грузия-фильм» иҭнахит), алитературатә-музыкатә композициа «Жәлар рҵеи». Адунеи аҟны деицырдырит иновеллақәа рыла, 25 инареиҳаны абызшәақәа рахь еиҭагоуп, иаагозар: англыз, афранцыз, анемец, аполиак, аиспан, араб, акореи бызшәақәа, зныкымкәагьы Аҟәеи Москвеи иҭыжьын.

Аурыси, ақырҭуеи, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәеи, М. Лакрбеи арҿиаратә еимадарақәа рыбжьан. Акиносценарист К. Минц дицырхырааны иҩит афильм «Земля и рай» асценариа. Иара иоуп изҩыз Д. Н. Швецов иопера «Изгнанники» (1935), аԥсуа ԥсҭазаара аҟнытә акомпозитор В. Т. Куртиди иоперетта «Ҳаџьараҭ» (1937), А. М. Баланчиваӡе иопера «Мзиа» (1951) рлибреттоқәа.

Авторс дрымоуп иара убас амилаҭтә театр иазку раԥхьатәи аҭҵаамҭа, насгьы аԥсуа жәлар рашәеи жәлар рашәаҳәаҩ-абырг Жана Ачбеи ирызку ашәҟәқәа.

  • аԥсышәала: Апиесақәеи аскетчқәеи. Аҟәа, 1956.
  • Аламыс. (Ановеллақәа). Аҟәа, 1959.
  • Иҩымҭақәа реизга: 3-томкны. Актәи, аҩбатәи атомқәа (ахԥатәи атом ҭымҵӡеит). Аҟәа, 1968, 1971.
  • Иҩымҭақәа реизга. 3-томкны. Актәи атом: Ановеллақәа. Аҟәа, 2009.
  • аурысшәахь еиҭаганы: Абхазские новеллы. (Перевел С. Трегуб). М., 1957.
  • Абхазские новеллы. (Перевел С. Трегуб). М., 1961.
  • Аламыс. Абхазские новеллы. (Перевел с абхазского С. Трегуб). М., 1961.
  • С горсткой родной земли. Новеллы. (Перевели с абхазского М. А. Лакербай и С. Трегуб). М., 1972.
  • Тот, кто убил лань. Новеллы. Сухуми, 1966.
  • Тот, кто убил лань. Новеллы (Перевел с абхазского Х. С. Бгажба). Сухуми, 1982.
  • аҭҵаамҭақәа: Очерки истории абхазского театрального искусства. Сухуми, 1957. 2-е издание, дополнительное – Сухуми, 1962.

Миха Лакрба аԥсуа литературеи адраматургиеи рыҟны илагала

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҵыхәтәантәи жәашықәса азоуп Миха Лакрба иҩымҭақәа инарҭбааны, Аԥсны анҭыҵгьы, егьырҭ акыр тәылақәа рҿгьы ирдырыртә ианыҟалаз. Иара аҳаҭырқәҵара ду дшаԥсахаз, ажәлар рыбзиабара шиоузгьы агәра узырго акакәны иҟалеит 1961 шықәсазы, диижьҭеи 60 шықәса аҵра иазкны аиубилеи инарҭбааны иахьазгәарҭаз. Урҭ ашықәсқәа рзы идраматә ҩымҭа лыԥшаахқәа аԥсуа театр асценаҿы иқәдыргылеит, иҭыҵит аԥсышәалеи, урысшәалеи, егьырҭ акыр бызшәақәеи рыла иновеллақәа.

Иҩымҭа лыԥшаахқәа знылаз аԥхьаӡатәи аизга «Апиесақәеи аскетчқәеи» ҳәа хьӡыс иаманы иҭыҵит 1956 шықәсазы, Аҟәа.

Миха Лакрба алитературатә жанрқәа акыр рҿы иҽԥишәеит. Иара аԥхьа дпоет лирикны дцәырҵит, нас апублицистикатә статиақәа иҩуан, еиҳараӡакгьы апиесақәа, акинофильмқәа рзы асценариақәеи, аоперақәа рзы алибреттоқәеи, ановеллақәеи иҽрыдцаланы иҩуан.

Аха апоезиагьы зынӡа даҟәыҵны дыҟамызт. Иԥсҭазаара еиуеиԥшым аетапқәа рҿы, иналаршә-ҩаларшәны акәзаргьы, ажәеинраалақәа аԥиҵеит. Убас, ажәлар рҳәамҭа асиужет шьаҭас иамоуп иара иҩымҭа «Риҵа», аинтерес рыгым иахьагьы «Сара сашьа», «Зҽызмырҭынчқәо шәахь», «Ашәа Аҟәазы», «Ӡызлан» уҳәа убас егьырҭгьы. Иалукаартә иҟоуп Миха Лакрба Сибраҟа дахганы даныҟаз ииҩыз ажәеинраала «Ажәҵыс».

Миха Лакрба акыр аус иухьан аԥсуа драматургиа арҿиаразы. Иҩымҭақәа шәҟәны иҭыҵаанӡа, аспектакльқәа рылхын, ҿырԥштәыс иаагозар, 1938–1940 шықәсқәа рзы аԥсуа театр асценаҿы ицон Миха Лакрба иҩымҭа апиеса ала иқәыргылаз аспектакль «Гьечаа рҵыхәтәа». Аҭоурых - револиуциатә темп ала иҩуп ҩ-қәгылараки быжь-сахьаки змоу идрама «Ҩынҩажәа шьаҿа». Миха Лакрба ирҿиамҭақәа иаарылукаартә иҟоуп ԥшь-қәгылараки жә - сахьаки змоу аҭоурыхтә драма «Аиларҭәа ссир». Уи азкуп 1859–1862 шықәсқәа рзы Аԥсны имҩаԥысыз, лымкаалагьы Далааи Ҵабалааи ирхыргаз ахҭысқәа.

Миха Лакрба ибаҩхатәра даҽа ганкгьы хымԥада аӡбахә ҳәатәуп. Иара атеатр бзиа ибон, дадҳәалан аҟынтә, аԥхьаӡакәны 1957 шықәса рзы, Аҟәа, урысшәала иҩны иҭижьит ашәҟәы «Аԥсуа театртә ҟазара аҭоурых ахьтә аочеркқәа» ҳәа хыс иаманы. Абасала, Миха Лакрба апоезиаҿгьы апублицистикаҿгьы акыр аус иуит. Аха, Аԥсны анҭыҵ, акыр харагьы абаҩхатәра ду змоу шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала деицырдыруа дҟазҵаз, Москва, 1957 шықәсазы иҩымҭақәа реизга «Аԥсуа новеллақәа» урысшәала ианҭыҵ ашьҭахь ауп. «Аламыс» ҳәа зеиԥш хьӡыс иаманы Миха Лакрба иновеллақәа реизга аԥсышәала аԥхьаӡа ианҭыҵызгьы 1959 шықәсазоуп. Арҭ ановеллақәа аԥхьаҩцәа ирласны ирылаҵәеит, бзиа ирбеит. Урҭ раӷьырак акыр абызшәақәа рахь еиҭаганы агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы иркьыԥхьит. Миха Лакрба абарҭ иҩымҭақәа ирыбзоураны аԥсуа жәлар рыхьӡ - рыԥша акыр ахара инаҩит, иззымдыруаз идирдырит. Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵаанӡа ановелла ажанр аҿы аус шиуц иуан. Урҭ рхыԥхьаӡара шәи жәаба иреиҳауп. Миха Лакрба иновеллақәа ауаҩы еилыхха инарбоит аԥсуаа аӡәи-аӡәи реизыҟазаашьақәа зеиԥшроу, рҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа шеиҿкаау, ахьӡи ахьмыӡӷи, аламыси аламысдареи ишырзыҟоу, аԥсадгьыл абзиабара рылаҽны иахьынӡаҟоу, афырхаҵареи ашәыргәындареи, ауаҩытәыҩса ицқьара, иажәеи иуси реимадара.

Миха Лакрба иновеллақәа еиҳараӡак изызку аԥсуа жәлар рҟазшьа бзиақәа рӡыргареи рзышәаҳәареи ауп. Дара зегьы ҟазара ҳаракыла иҩуп, еиуеиԥшым аԥсҭазааратә зҵаарақәа шьҭырхуеит, аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ рыхә еиҳа - еиҳа ишьҭыҵуеит. Аинтерс ду амоуп урҭ злаҩу абызшәа, реиҿкаашьа, рстиль. Ановелла ажанр ишаҟазшьоу еиԥш, акык-ҩбак ахҭысқәа, аепизодқәа рыла ауп ишышьақәгылоу. Еиҳараӡак дара ажәлар рыбзазаратә лакәқәа ирзааигәоуп сиужет еилазаашьалагьы, бызшәалагьы, композициалагьы, стильлагьы.

Миха Лакрба иновеллақәа ирылхны 2019 шықәсазы иҭыхын икьаҿу афильмқәа быжьба. Уи азы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит амобилтә еимадара «Амобаил». Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Аԥсны араионқәа зегьы рҿы. «Аб», «Ианаамҭамыз», «Абабыц», «Аешьцәа», «Асас», «Аиҩызцәа», «Арупап» – арҭ абыжь-новеллак рҭыхра иалахәын аԥсуа театр актриорцәа реиԥш, иаабац ауаагьы. Аԥсуа режиссиорцәа ҿарацәа рҽеизганы рҽазыршәеит доусы икьаҿу фильмк Миха Лакрба иновеллақәа рыла аҭыхра. Иҳәатәуп иҭырхыз быжь-фильмк аԥсышәала ишцәажәо.

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 902-903
  • ИНАЛ-ИԤА, Ш. Аԥсуа литература аҭоурых аҟынтә. Аҟәа, 1961 ш.
  • АНҚӘАБ, В. П. Аԥсуа новеллақәа. Аҟәа, «Алашара», 1968 ш.
  • АНШБА, А., ДАРСАЛИА, В. Миха Лакрба. Арҿиаратә портрет. Аҟәа, «Алашара», 1978ш.
  • ҚАПБА, Руслан. Миха Лакрба (Иԥсҭазаареи ирҿиамҭеи). Аҟәа, «Алашара», 1980ш.