Лакрба, Миха Алеқсандр-иԥа
Миха Алықьсандр (Аҳмаҭ)-иԥа Лакрба (аур. Михайл Александрович (Ахматович) Лакрба; ажьырныҳәамза 19, 1901 ш., Мархьаул ақыҭа, Кәыдрытәи аучастка, Аҟәатәи аокруг — жьҭаарамза 15, 1965 ш., Москва) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, адраматург, асценарист, атеатрҭҵааҩы.
Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]
Диит 1901 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Мархьаул ақыҭа Аҟәа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1965 шықәса ԥхынҷкәынмза 15 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.
Аҵара иҵон Аҟәа, Ашьхарыуаа рышкол аҟны, уи даналга - Аҟәатәи Ареалтә училишьче аҿы, иреиҳау аҵара-дырра иоуит Қарҭ, 1929 шықәсазы далгоит Қарҭтәи Аполитехникатә институт аиуристтә-економикатә факультет, нас, а-30-тәи ашықәсқәа раан, аҵара иҵоит Москва, акино-драматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳау акурсқәа рҿы.
Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра.
Антологиаҿ иарбоу М.Лакрба иеицырдыруа иажәеинраала «Дмитри Гәлиа изынасҭиуеит» (абас акәын раԥхьаӡа адунеи анабоз ишахьӡыз) абри аҭыжьымҭаҿ хыс иазалхуп ажәеинраала излалаго актәи ацәаҳәа: «Ушнеиуа унеи!..»
1947-1955 шықәсқәа рзы, харада-барада, аара ӷәӷәа идҵаны дҭакын, доурышьҭит залымдарыла дышҭакыз шьақәырӷәӷәаны.
Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Актәи атом ҭыҵит 1968 шықәсазы, аҩбатәи - 1971 шықәсазы, аҳԥатәи атом зҭымҵыцкәа иаанханы иҟоуп.
Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 902-903