Коӷониа, Иуа Абас-иԥа
| Коӷониа Иуа Абас-иԥа | |
|---|---|
| Когониа Иуа Абасович | |
|
Коӷониа Иуа Абас-иԥа | |
| Аира |
13.03.1904 Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа |
| Аԥсра |
14.07.1928 Кәтол ақыҭа |
| Аусура | аԥсуа поет, ажурналист |
| Атәылауаҩра | Асовет Еидгыла |
Коӷониа Иуа Абас-иԥа (аур. Когониа Иуа Абасович; 13.03.1904, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа – 14.07.1928, Кәтол ақыҭа) – аԥсуа поет, ажурналист. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Д. И. Гәлиа иаԥшьгарала еиҿкааз Кәтол ақыҭантәи ашкол даналга, 1919 ш. инаркны аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы (ашьҭахь – арҵаҩратә техникум). Араҟа аԥсуа бызшәа дирҵон Д. И. Гәлиа. Асеминариаҿы алитературатә кружок аусуреи анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа» аҭыжьреи дрылахәын. 1924-1925 шш. рзы Аҟәа еиҿикааит алитературатәи адраматәи кружокқәа. Инапхгарала иҭрыжьуан анапылаҩыратә журнал «Аҿар рыбжьы». Акружокқәа хықәкы хадас ирыман ақалақьи ақыҭеи рҟны акультура-рккаратә усура амҩаԥгара, ахатәы бызшәа аиқәырхареи уи арҿиареи, ауааԥсыра рыҩнуҵҟатәи аҵарадара аԥыхра, алитераторцәа ҿарацәа ралԥшаара.
1925-1928 шш. раан И. Коӷониа аҵара иҵон Москватәи аҳәынҭқарратә ажурналистикатә институт аҟны. Москва уи аԥсуа газеҭқәа ркорреспондентс дыҟан, Аҟәаҟа иааишьҭуан акультуратә ҵакы змаз аматериалқәа. Хара имгакәа иаби, иани, иаҳәшьа Камеи рыԥсҭазаара иалҵит. Аҭаацәара ду ныҟәызгоз дрымамкәа иаанхеит. Аӡын И. Коӷониа ашкол ахь данзымцоз ҟалалон иахәҭаз ашьаҵатәы амамзаара иахҟьаны. Абри иахҟьазгьы ыҟоуп игәабзиара ауашәшәырахараҿы. Аинститут далгаанӡа, ӷәӷәала дычмазаҩны Аҟәаҟа дааргеит. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иара дышьҭан Ахәҵа аҳаблан, Ҳаџьараҭ Аӡынба иҩнаҭаҿы. Араҟа ауп иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Ашьҭахь иԥсыбаҩ Кәтолҟа ииаган.
И. Коӷониа данхәҷыз инаркны жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа, алакәқәа, афырхаҵаратә ҳамҭақәа, жәлар рпоезиа, ажәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи дрызҿлымҳан. Рыҩнаҭа лассы-лассы иаҭаалон Чагә Чаҵә иеиԥш иҟаз еицырдыруаз ажәабжьҳәаҩцәа. Ишнеи-шнеиуаз афольклортә материалқәа шьаҭас иаиоуит ипоезиа, еиҳаракгьы ипоемақәа.
Агәаанагара злаҟоу ала, ажәеинраалақәа рыҩра далагеит арҵаҩратә семинариа данҭаз. Аха, ифольклортә анҵамҭақәа реиԥш, урҭ иҩымҭақәа акьыԥхь рбо иаланеит 1920ш. инаркны. Раԥхьатәи истатиа «Аҵара шаҟа хәарҭара алоу!» анылеит агазеҭ «Аԥсны» (1920, №8), раԥхьатәи иажәеинрала «Аӷьыч рыцҳа» акәзаргьы, ари агазеҭ ианылеит (1920, №9).
И. Коӷониа авторс дрымоуп апоемақәа ааба («Абаҭаа Беслан», «Наҩеи Мзауҷи», «Хмыҷ Шәарыцаҩ», «Маршьанаа шықәибахыз» «Зосҳан Ачбеи Жанаа Беслан иԥацәеи», «Мшәагә кьаҿи Папба Рашьыҭи», «Ашәныуа Мырзаҟан», «Ашәба Данаҟаи аҟарач Баҟәыҟәи»). Апоемақәа ҩуп 1924-1925 шш. раан, насгьы Кәтол. Урҭ апоет ихаҭа дызхааныз аԥсуаа ажәытәтәи рыԥсҭазаара иазкуп. Убри аҟнытә, апоет дықәгылоит хьӡыртәҩык иаҳасабала, аобиктивтә-епикатә форма змоу ажәабжь еиҭаҳәаҩык иакәны. Урҭ ртема хадақәас иҟоуп – аиҩызара, агәрагара, ачарҳәара, афырхаҵара, аҳаҭыр, ашьаура. Апоемақәа ҩуп жәлар рҳәамҭақәеи ражәабжьқәеи рышьаҭала. Апоет ҟазарла ихы иаирхәоит афолклортә сиужетқәа, бызшәа лыԥшаахлагьы ицәыригоит. Апоемақәа зегьы рҟны апоет ихшыҩзышьҭра хадаҿы иҟоуп Аԥсуара, амилаҭтә етика, уи аныҟәгашьа.
И. Коӷониа иԥсы ҭанаҵы иҭыҵит ипоемақәа рышәҟәы «Апоемақәа. Ажәытә ажәабжьқәа» (Аҟәа, 1925). Ашьҭахь иҩымҭақәа реизгақәа зныкымкәа иҭыжьын. Иажәеинраалақәеи ипоемақәеи рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа- Сухум», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Еҵәаџьаа», рыхәҭак агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа –Москва, 2009) уҳәа егьырҭгьы.
И. Коӷониа иажәеинраалақәа аурысшәахь еиҭаргеит Б. Брик, Д. Голубков, И. Левитански, Р. Казакова, Д. Чачхалиа. Аиҭагақәа кьыԥхьын «Аԥсуа поезиа антологиа» (урысшәала, М., 1958), агазеҭ «Советская Абхазия» уҳәа рҟны, хазы шәҟәқәангьы иҭыҵхьеит.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Апоемақәа, Ажәытә жәабжьқәа. Аҟәа, 1925.
- Ажәытә жәабжьқәа. (Апоемақәеи ажәеинраалақәеи аԥсуаа рыбзазашьа аҟнытә). Аҟәа, 1934: Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1955.
- Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969.
- Иҩымҭақәа. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Астатиақәа. Асалам шәҟәқәа. Аҟәа, 1974.
- Иҩымҭақәа. Аҟәа, 2015.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Избранное. Стихи и поэмы. М., 1971.
- Стихи и поэмы. Сухуми, 1972.
Иҩымҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Раԥхьатәи аԥсуа поема
[аредакциазура | акод аредакциазура]Алитератураҭҵааҩцәа еицҿакны иазгәарҭоит Иуа Коӷониа иоуп ҳәа аԥсуа литератураҿы апоема ажанр хацзыркыз. Уи ипоемақәа жәлар рҳәамҭақәа шьаҭас ирымоуп, изызку атемақәа аамҭақәа зегьы рзы иактуалтәуп, ауаҩытәыҩсатә цәаҩа хадақәа рныԥшуеит: абзиабара, аиҩызара, аламыс, ачарҳәара. Аԥсуа школхәыҷқәа зегьы ирдыруеит Иуа Коӷониа ипоема «Наҩеии Мзауҷи», «Абаҭаа Беслан» уҳәа рҟынтә ацәаҳәақәа.
«Абаҭаа Беслани» «Наҩеии Мзауҷи» И. Коӷониа ихьӡ кашәара ақәымкәа дҟазҵаз инеиҵыху аепикатә ҳәамҭақәа, апоемақәа роуп. Ипоемақәа, шамахамзар, зегьы шьаҭас ирымоуп ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭа, ҷыдала урҭ рҭоурых- фырхаҵаратә ҳәамҭақәа. Апоет ажәлар рырҿиамҭахь ихьаԥшра машәырны иҟамлеит. Апоемақәа иҿыцу аепиграф аҿы уи ихаҭа иҳәоит урҭ рыҩра игәазырԥхаз абиԥара ҿыцқәа рзы аиқәырхара шакәу:
Саҟәыҵыр, исымҩыр,
Ибжьаӡӡоит иара,
Иахаану маҷхар,
Ирхашҭӡоит жәлара.
Иуа Коӷониа иқәҿиарақәа иреиҳауп сахьаркырала аҩымҭақәа зегьы иаарылукаартә иҟоу апоема «Абаҭаа Беслан». Егьырҭ ипоемақәа рҟны еиԥш, ари апоемаҿгьы апоет иҭихуеит афырхаҵа хада иҭеиҭыԥш:
Аԥсны иааӡаз Абаҭаа
Дхаҵа ӷьеҩын иаамҭала.
Чаԥашьалеи ԥшра-сахьалеи
Дкаҷҷа-каҷҷон мра ҳасабла…
Алитератор В. Аҵнариа иҩуан: «Аԥсуа литератураҿы ҳара иҳамам Беслан ихаҿсахьа аҟны еиԥш аԥсуа иламыси, иуаҩреи, ихаҵареи, иаамысҭашәареи абысҟак еицнеиуа, ихеибарҭәаауа иҳаракны иахьаарԥшу даҽа ҩымҭак» ҳәа. «Наҩеии Мзаҷи» Уаанӡа ҳзыхцәажәоз апоема аасҭа алирикатә цәа ахоуп аҩымҭа «Наҩеии Мзауҷи». Уи зызку аиҩызареи абзиабареи – апоет иаҳа алшара ирҭоит аепикатә ҳәамҭа лирикала аарԥшразы. Араҟа еилаӡҩеит аепикатә жәабжьеиҭаҳәареи алирика - цәанырратә хәшьареи. Алирика-епикатә поема «Наҩеии Мзаҷи» асиужет шьаҭас иамоуп жәлар рҳәамҭа. Ари аҩымҭа ишьақәнарӷәӷәоит ажәлар еицырзеиԥшу, урҭ рдоуҳатә зҩыдара злыжжуа ахшыҩҵак: нҵыра амам ацәгьара шьаҭас измоу анасыԥ, аиааира агоит аиаша. Адраматә ҟазшьа амоуп, еибарххоуп асиужет. Мыцхәы бзиа еибабоз ҩыџьа аиқәлацәа, аигәылацәа, аиуацәа Наҩеии Мзауҷи еснагь еицын, шәарыцара, ныҟәара еиццалон, аха ҽнак Наҩеи ԥҳәыс ссирк дааигеит:
Лара мыцхәы дыԥшӡаӡан,
Лычаԥашьак митәӡан,
Ҟазшьалагь дхааӡан,
Зегь рыла дссирны дшан.
Мзауҷ бзиа дибеит иҩыза иԥҳәыс. Иҩызагьы уи иахырҟьаны дҭеирхоит. Аха аиаша ахы цәырнагоит. Иуа Коӷониа ипоемақәа зегьы зызку «аԥсуара» ҳәа азеиԥш хьӡы змоу, аԥсуа жәлар зқьышықәсала идырҿиаз аетика-моралтә дунеи, ауаҩра, аламыс уҳәа рыхьчара, рзышәаҳәара ауп, ацәгьа ҟазҵо иахьырхәроуп. Урҭ рҟны апоезиа бызшәа ҳаракыла ашәа рхиҳәаауеит аламыс шьаҭас измоу афырхаҵара, ҳәаа змам абзиабареи аиҩызареи, иҿаԥиҽуеит зхы мацара ада хәыцырҭа змам ауаа гьангьашқәа, ахамаԥагьара бзамыҟә, ақәылара-еимҵәарақәа уҳәа уб егь.
Ажәакала, И. Коӷониа апоемақәа рыла зегьы еицгәарҭаратәы иҟаиҵеит ижәлар рдоуҳатә беиара иахылҵыз, наунагӡа ԥсра зқәым ауаҩытәыҩса иреиӷьӡоу иҟазшьақәа: аламыс, ақьиара, агәымшәара. («Ҳанифа-ԥшӡа», «Жанаа Беслан иԥацәа», «Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы» …).
Иуа Коӷониа илирика
[аредакциазура | акод аредакциазура]Апоет дышқәыԥшӡаз еиликааит аԥсуа жәлар рҿаԥхьа идыз ауалԥшьа. Зааӡатәи иажәеинраалак аҿы иҩуан: «Иааулап ҳара ҳауаажәлар рзы аус!».
Иуа Коӷониа еицеиԥшны ицааиуан алирикеи аепоси, аԥсуа литератураҿы деицырдыруа, ихьӡ камшәо дҟазҵаз ипоемақәа шракәугьы. Лирикк иаҳасаб ала, усҟантәи аԥсуа поетцәа даарылукааратәы дызлаҟалаз, уи инаҵшьны ицәыригоит ихатә субиективтә дунеи, ишиашоу иааирԥшуеит аԥсҭазаареи аԥсабареи рцәырҵрақәа издырҵысуа ацәаныррақәа. Уи ипоезиа дахәаԥшуеит аԥсы иауазны, агәы иаҭырџьманны. Иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа ҟазшьа хадас ирымоуп ауаҩытәыҩса иҩныҵҟатәи идоуҳатә дунеи иашьашәалоу агәҭыхаҳәарақәа, агәҭахәыцрақәа, ауасиаҭҳәара. Уи заа иҽырҟәиҭхеит афилософиатә, алабжьаратә ҟазшьа змаз Д. Гәлиа ипоезиа, иааџьоушьаратәы ирласны иалихит апоезиаҿы ихатәы мҩа. Апоет уа амцхә игәы дырцыхцыхуан аԥсҭазаараҿы иԥылоз абзиеи ацәгьеи, агәышьҭыхра изҭоз асахьақәеи, игәы изырхьуаз ацәырҵрақәеи. Уи илира еиуеиԥшым абжьырацәа зхылҵуа музыкатә инструментуп.
Иуа Коӷониа илирикатә мчхара зегь реиҳа иааԥшит Аԥсны аԥсабара блахкыга асахьақәа раарԥшраҿы. Уи апоезиатә лирика улаԥш ихгыларатәы ацәыргара дшазҟазоу шаҳаҭра руеит ажәеинраалақәа «Ашәарыцаҩ ашьха», «Аӡын ҵхы», «Аҵых ҵәца», «Аӡын мшы», «Ааԥынтәи ахәылбыҽха» уҳәа убас егь. Уаҟа ӷәӷәала еиларсуп апоет ицәаныррақәеи аԥсабара адәныҟатәи асахьақәеи.
Лирикатә поетк иаҳасаб ала аасҭа, И. Коӷониа хараӡа еиҳа дыӷәӷәан аепикатәи алира - епикатәи ҟазшьақәа змоу ипоемақәа рыла. Урҭ рахьтә акызаҵәык – «Ашәаныуа Мырзаҟан» ауп аҭоурыхтә хҭыс темас иамоу. Иуа Коӷониа ҳлитератураҿы раԥхьаӡа акәны ахы икит алирикаҵәҟьа ажанр, ицәыригеит иара иаԥхьа аӡәгьы дызхымцәажәацыз атемақәа, апроблемақәа, апоезиатә бызшәа рзиԥшааит аԥсуа иԥсабара иашьашәалоу, иазгәакьоу адоуҳатә хазынахәқәа.
Апоет иԥсҭазаара иалҵра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Хыхь ишаҳҳәахьаз еиԥш, Иуа Коӷониа акыр иуадаҩын Москватәи иԥсҭазаара. Абас еиԥш иҭагылазаашьа иахҟьаны, дычмазаҩхеит, аха ичҳаны ус дааиуан, иҵара каижьуамызт. Насгьы ӷәӷәала игәы иасит иаби иаб иаҳәшьеи рыԥсра. Иуа Коӷониа 1927 шықәсазын дычмазаҩхоит. Уи еиҳа - еиҳа ичымазара аҽарӷәӷәон, аҵарагьы аусурагьы илымшо дышьҭанаҵеит. Ианамуӡа, Аԥсныҟа дааргеит, аратәи аҳауа зҩыда ихәоз џьшьа, аха усҟан ачымазара иара атәы ҟанаҵахьан. 1928 шықәса ииуль 14 рзы, аинститут алгаразы маҷк шигыз, иԥсҭазаара далҵит аԥсуа поезиа ашаеҵәа И. А. Коӷониа. Дагьыржит уи иқыҭа гәакьа Кәтол. 1965 шықәсазы апоет ибаҟа ықәдыргылеит Аҟәа амшын ахықәан.
Иуа Коӷониа иаалырҟьаны иԥсра гәалсра хьанҭаха ирзыҟалеит аԥсуа жәлар зегьы. Ажурнал «Еҵәаџьаа» аномерқәа руак ишеибгаз апоет иԥсра иазкны иҭыжьын. Иуа Коӷониа аԥсуа литератураҿы дзыԥсаз, иаамҭанымкәа иԥсра шаҟа ҳмилаҭ культура аҿиара еиҵанархаз атәы иахцәажәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Д. Гәлиа, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, И. Папасқьыр, П. Ҷкадуа.
Д. Гәлиа иҩуан: «Ҳаԥыхьа далгоит ҳәа аҵара, ҳаԥсуа литература ирҿыхоит ҳәа ҳашиеигәырӷьоз, иҟалазеи? Иҟалазеи – дычмазаҩуп ӷәӷәала, аҳақьымцәагьы дук изиқәгәыӷуам рҳәоит. Ари иара дыздыруа зегьы дыдыбжьны ирылаҩит, ргәы канажьит, рнапқәа рываҳауеит, аиҳарак аԥсуа литература знапы алакыз. Уажәы иҳаҳаит дыԥсит ҳәа, ари зынӡак агәкажьга. Убас иамуит ачымазара бааԥсы». М. Л. Аҳашба истатиаҿы ҳаԥхьоит: «Даҳцәыӡит мыцхәы ҳзықәгәыӷуаз аԥсуа шәҟәыҩҩы. Аԥсуа литература иампыҵабеит аԥсуа литература дгьыл иныҵшәаз аӡыхь бзиа, аӡыхь ду».
Апоет қәрахьымӡа иԥсра иазкны ажәеинраала иҩит Л. Кәыҵниа. Уаҟа уи иҩуан:
Икыдшәеит ҳаеҵәа, уаҳа иԥхаӡом,
Алашара ацәыӡит, наӡаӡа иаабаӡом.
Аԥсуа литература шәҭык ахшәеит,
Аԥсуа литература еҵәак ацәҭашәеит!
Иуа Коӷониа иԥсра аԥсуа литературазы шаҟа ицәыӡ дууз атәы ибзианы иҳәеит апоет О. Демерџь-иԥа, уи иҭаацәара рахь ииҩыз асалам шәҟәы гәыҿкаагаҿы: «Уахынла амза аныҟам, аеҵәақәа ыҟоуп, аха илашьцоуп аԥсабара. Ишнеиуа, аҵх агәҭа ианынахыслак, игылоит ашаеҵәа ҳәа еҵәак. Егьырҭ аеҵәақәа зегьы рылымкаа, уи шаԥшаԥуеит, ишгылалак ашара ҟалоит, амрагьы хара имгакәа игылоит. Убри даҩызан ҳалмас Иуа, зегь рылымкаа дшаеҵәаха Аԥсны азы дгылан, дымрахахьан егьигмызт, аха дахьызмыгӡашаз, ҳагәнаҳара зықәшәаша, ачымазара даҳцәагеит».
Иуа Коӷониа ибаҩхатәра ду алшарақәа зегьы ихы иаирхәартә еиԥш аамҭа имоуит, игәахәтәы дахьнамыгӡеит иаџьал, иԥсынҵры кьаҿ. Насгьы, рхабар ыҟамкәа ибжьаӡит Москва аҵара аниҵоз иаԥиҵаз арҿиамҭақәа. Аха, ус шакәугьы, уи иҭынхеит ԥсра-ӡра зқәым апоемақәеи ажәеинраалақәеи. Апоет илирика зегьы дызҭагылаз аамҭа иазкуп, иепикатә ҩымҭақәа ракәзар, урҭ ажәытә ԥсҭазаара иадҳәалоуп, шьаҭасгьы ирымоуп, шамахамзар, ажәлар рфырхаҵара-ҭоурыхтә ҳәамҭақәа.
Ахархәара змоу алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Хә. С. Бӷажәба. Аԥсуа литературазы. Аҟәа, 1960.
- Ш. Д. Инал-иԥа. Аԥсуа литература аҭоурых аҟынтә. Аҟәа, 1961ш.
- В. Л. Ҵнариа. Ашаеҵәа.Аҟәа, 1979ш.
- М. Т. Лашәриа. Ажәа аҳәаақәа. Аҟәа.1973ш.
- Б. А. Гәыргәлиа. Аԥсуа поема. Аҟәа, 1974ш.
- М. Т. Лашәриа, И. А. Коӷониа иаԥҵамҭақәеи аԥсуа советтә поезиаҿы аепикатә жанрқәа рырҿиареи. Аҟәа, 1979 ш. (урысшәала).
- В. Б. Агрба. Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭеи. Қарҭ, 1970 ш.
- В. Л. Аҵнариа. Б.В. Шьынқәба ирҿиамҭа. Алирика. Аепос. Апоетика. Қарҭ, 1970 ш.(урысшәала)
- Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа. Аҟәа, 1974 ш. (урысшәала)
- Ажәеинраалақәеи апоемақәеи, Аҟәа, 1969ш.
- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 902
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рсиа
- Когониа Иуа Абасович (аур.)
- Коӷониа Иуа Абас-иԥа (аԥс.)