Колхтәи амилаҭтә парк
Колхтәи амилаҭтә парк (ақырҭ. კოლხეთის ეროვნული პარკი) — амилаҭтә парк Қырҭтәыла, амшын Еиқәа аԥшыҳәаҿ, Палиастомтәи аӡиа ааигәа-сигәа иҟоуп. Колхтәи ихьчоу аҵакырарадгьыл иахәҭоуп. Аҵакыра 44 980 га, уи 29 229 га. адгьылтә ҵакыроуп, 15 751 га. амшын Еиқәа аквториа ауп.[1] Ишьақәыргылан 1999 ш. ықәса. Иаҵанакуеит амшын Еиқәа амрагыларатә аԥшыҳәеи, Ҷуриатәи аҳабла иаҵанакуа аквториатә ҵакыреи, Палиастомтәи аӡиеи. Апарк Колхтәи жәларбжьаратәи ахадара змоу ацәаакыра ӷәӷәа змоу екоаилазаара ахьчареи, аиқәырхареи амзыз ала еиҿкаауп. Иалукаауеит абнатә флореи, афауни ирацәаӡаны абиоԥштәырацәала, аендемтәи, ареликттәи ахкы рацәала. Араҟа иҟоуп еиуеиԥшым аландшафтқәа, ихазу аекоеилазаареи, аценозқәеи.[2] Амилаҭтә парк иаҵанакуеит 5 муниципалитетк рҵакырадгьыл – Жәыргьыҭ, Хоби, Сенаки, Абаша, Ланчхәыҭи – Қырҭтәылатә аҭоурыхтә әакьқәа ҩба- Гытәылеи, Гуриа ахәҭаки.[2]
Амилаҭтә парк ахадара амоуп еиҭаҵуа реиԥш иара убас арахь иԥырны иаауеи, иӡсуа аԥсаатә рынхаразы ибзиоу ареалуп, иара убас амшын Еиқәа еиԥш аԥсыӡкәтаӷьтә ҭаацәара рзы атоԥраз ҩба рыҟнытә акы иаҭыԥуп (Риони амшын иахьалало 9-км. аҿы; аҩбатәи - Дунаи).[3]
1935 шықәсазы еиҿкаан Колхтәи аҳәырԥсарра (аҵакыра 561 га.) Уи хықәкыс иаман Колхтәи алаҟәырақәа ирымаз иҷыдаз аҟазшьа ареликтә флореи афаунеи акомплекс зегьы ахьчара. Аҳәырԥсарра аҭҵаара-аҭҵаарадырратәи аҭоурыхтәи ахадара аман.[4] Амлаҭтә парк шьақәыргылан 1999 шықәса.
Ихьчоуп Колхи азын аҟазшьа ҷыда змоу аӡмахқәа, алаҟәыратә абнақәа рландшафти. Иаларҵәоуп ал, ашәҵла,ашәч,ашымҳа, ахәажә, ареликттә аҳаскьынтә ҵиаақәа. Аԥстәқәа – ашьабсҭа, абынҳәа уб. егь.[4]
Аинтирес змоу афактқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]2007 шықәса жьҭаара 24 Колхеҭтәи аекоеилазаара иалаҵан Иунеско адунеи аҭынха аԥышәатә сиа ахь.[5] 2021 шықәса Колхеҭтәи атропикатә абнақәа, аӡмахқәа урҭ Колхеҭтәи амилаҭтә парк аҵакырадгьыл иаҵанакуеит, Иунеско адунеитә аҭынха абаҟа асиа ианылеит.[6]
Ахьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი 671 ჰექტარით გაიზარდა // „ჩვენი სოფელი“, თბ., 2022, № 72, გვ. 3.
- ↑ 2,0 2,1 "კოლხეთის ეროვნული პარკი". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-09-23 ахь. Ириашоу 2023-08-25 шықәсазы.
- ↑ „ზუთხისებრთა ყველა სახეობა გადაშენების საფრთხის წინაშეა" - კოლხეთის ეროვნული პარკის ფართობი იზრდება“
- ↑ 4,0 4,1 მამისაშვილი კ., კოლხეთის ნაკრძალი // ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 5, თბ., 1980. — გვ. 596.
- ↑ http://whc.unesco.org/en/tentativelists/5223/
- ↑ UNESCO World Heritage Centre