ИУНЕСКО

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
UNESCO

ИУНЕСКО (англ. UNESCOUnited Nations Educational, Scientific and Cultural Organization) — аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаароуп – иаԥҵан абҵара 16, 1945 шықәсазы.

Иахьа ИУНЕСКО иҿыцу аидеиақәеи астандартқәеи рцәыргара зылшо акакәны иҟоуп. Урҭ ауаатәҩса рҿаԥхьа иқәгыло аетика ҟазшьа змоу апрболемақәа рҭышәныртәалара, рҳәаақәҵара иазку жәларбжьаратәи анормативтә документқәа шьаҭас ирыҭахоит.

ИУНЕСКО иара убас аинформациқәеи адыррақәеи реимдареи рыларҵәареи иазку центрны иҟоуп, убри алагьы ари аиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа руаажәларрақәа рылшарақәа иеиуеиԥшым аҟәшақәа рыҟны рыҿиара иацхраауеит. Иааизакны, ИУНЕСКО аус зуа 191 иара убас ассоциациатә ҳәынҭқаррақәа 6 рыбжьара – аҵараиуреи, акультуреи, акоммуникациеи рысфераҟны жәларбжьаратәи аусеицура иацхраауеит. ИУНЕСКО ииашаны, мцҳәарада, хра злоу ауаатәҩсатә ҟазшьақәеи иарбан цивилизациа - заалакгьы, иарбан культуразаалакгьы ҳаҭыр ақәҵареи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аигәныҩразы аҭагылазаашьа аԥҵара иазку.

ИУНЕСКО ари ароль иахьа ҷыдала аҵакы дуӡӡа амоуп атерроризм ауаҩытәҩса ашәарҭара анрызцәырнаго аамҭазы.

Адунеи аԥхьаҟа иҭышәынтәаланы аҿиаразы, ауаҩы изинқәеи ирықәныҟәаны, ҳаҭырла ауааи ажәларқәеи реизыҟазаашьеи, аӷарра аҿагылареи шьаҭас измоу аглобалтә знеишьа аҭахуп. Абарҭ ахырхарҭақәа роуп ИУНЕСКО хықәкыс иамоу, уи аусурагьы ҵакыс иаҵоу.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]