Касланӡиа, Леуарса Шьарадын-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Леуарса Касланӡиа

Леуарса Шьарадын-иԥа Касланӡиа (аур. Леварса Шардинович Касландзия, ақырҭ. ლეუარსან შარდინის ძე კასლანძია; 1912 ш., Кәтол ақ. – 1996 ш., Аҟәа) – ХХ-тәи ашәышықәсазы инарылукааша, еицырдыруа аԥсуа актиор, Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист (1954). В. И. Домогаров напхгара зиҭоз Раԥхьаӡатәи Аԥсуа театртә студиа даушьҭымҭоуп (1929-1933). 1930 ш. инаркны – Аҟәатәи аԥсуа профессионалтә драматә театр актиор. Л. Касланӡиа абаҩхатәра ду злаз акторын. Уи ҟазара ҳаракыла дыхәмаруан афырхаҵаратә, атрагедиатә, иара убас акомедиатә спектакльқәа рҿы.

Аԥсуа сценатә ҭоурых наӡаӡа иазынхоит Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ԥсра зқәым, аԥсуа профессионалтә сценаҿы ихьӡырҳәаганы иҟалаз ахаҿсахьақәа: Мац (С. Ҷанба «Кьараз», 1931); Ҭемыр (Гь. Гәлиа, Н. Миқаа «1866 шықәса», 1939); Морозов (Н. Миқаа, Гь. Абашиӡе «Адунеи аԥшшәқәа», 1939); Акомиссар, Акаԥдан (А. Корнеичук «Аескадра аҭахара», 1936), Аристократ (А. Саркисиан «Икаҷҷа-каԥхо агыгшәыгқәа», 1939); Мазлоу (Ӡ. Дарсалиа «Ажәытәра иагаз», 1936); Отелло (У.Шеқспир «Отелло», 1941; Даур (Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», 1943); Бардӷәа Бурдӷьиа (Н.Миқаа, 1946); Боровски (Б.Лаврениов «Амшын ихыу рзы», 1947); Ардашьыл (А.Лашәриа «Гәыкала абзиабара», 1947); Гьаргь (Н.Миқаа, Гь.Абашиӡе, 1950); Браун (Гь.Мдивани «Зымчхара ӷәӷәоу», 1951); Баирам (Г. Мухтаров «Аҭаацәа рыпату», 1952); Акавалер (К. Голльдони Асасааирҭа аԥшәма ԥҳәыс»,1952); Џьамал (И. Мосашьвили «Иӡаарҟәрылоу ахаҳәқәа», 1953); Муров (А. Островски, «Харада ахара зду», 1953); Ҭарашь (Гь. Габуниа «Амра агыламҭаз», 1953); Калиберов (А. Макаионок «Агәаҵәа хаҳәқәа», 1954), Коломиицев (М. Горки «Аҵыхәтәантәиқәа», 1954); Дундуков(М. Лакрба «Данаҟаи», 1956); Апрофессор Моор (А. Ебралиӡе «Ҳаамҭазтәи атрагедиа», 1960); Акрал (Е. Шварц «Аҳәынҭқар ҟьантаз», 1962); Борис (М. Чамагәуа «Иван-Аԥсуа», 1963); Ауардынхьча (Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», 1979) уҳәа убас егьырҭгьы.

Л. Касланӡиа иаԥиҵаз ирольқәа иреиӷьӡақәоу ҳәа иԥхьаӡоуп Шеқспир итрагедиа «Отелло» аҟнытә Отелло ихаҿсахьеи (1941, 1956) Е. Шварц икомедиа «Аҳәынҭқар ҟьантаз» аҟнытә Аҳәынҭқар ихаҿсахьеи. Л. Касланӡиа дыруаӡәкуп 70 шықәса инареиҳаны Аԥсуа профессионалтә театр арепертуар аӷьырак зыбӷа иқәыз, урҭ рҿы шамахамзар ароль хадақәа назыгӡоз амилаҭтә театр акорифеицәа. Уи ибиуст С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа игылоуп. (Аскульптор В. Џьениа, 2004 ш).