Еинштеин, Алберт

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Алберт Еинштеин

Алберт Еинштеин (агер. Albert Einstein; хәажәкырамза 141879 ш., Ульм, Германиатәи аимпериамшаԥымза 181955 ш., Принстон, Ниу-Джерси, ЕАА) — агерман физик аҭоурых аҿы ахәыцҩы дуқәа дыруаӡәкны дрыԥхьаӡоит.

Диит иара Ульм, Германиа хәажәкырамза 1879 шықәсазы, иқәыԥшра зегьы Миунхен ихигеит. Ара иҭаацәа дәқьан хәыҷык рыман. Миунхен ашкол ахь дныҟәон, уи зыхгара цәгьаз гәҿыӷьран иара изы. 12 шықәса анихыҵуаз ихала Евклидов игеометриа иҵеит. Ашьҭахь иҭаацәа Италиа Миланҟа нхара имцар амуит, уа нас, 15 шықәса дшырҭагылаз ашкол дҭыҵырц иӡбеит. Уи еиликаауазар ҟаларын азеиԥшдырратә школ ишалгатәыз. Аха, даҽаганкахьалагьы, иурокқәа рыбжьажьра дшаҿыц даҿын физи ка ихала иҽазыҟаиҵарларц азы. 22-шықәса дырҭагылан Швеицариа датәылауаҩханы даныҟала, 1903 шықәсазы уи ԥҳәысс дигеит Милеве Марек. Хара имгака ҩыџьа аԥацәа ихылҵуеит, аха 1919 шықәса азы иԥҳәыс длылҵуеит, иаб иашьа иԥҳа ԥҳәысс дигарцаз азы. 26 шықәса анхыҵуаз ихадоу иҭҵаарадырратә усумҭақәа хәба икьыԥхьуеит. Раԥхьатәи иусумҭа Броун иныҟәара, иеиҭаҵра иазкуп, уи 1905 шықәсазы адоктортә ҩаӡара изҭаз усумҭоуп.

Аҩбатәи аусумҭа афотон мамзаргьы алашара акванттә теориа шьаҭас иауит. Алашара амчхара хаз-хазы иҟоу ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, урҭ аквантқәа ма, афотонқәа ҳәа ирышьҭоуп. Еинштеин иусумҭа алашара атеориа даҽакала иазнеиуеит. Ателехәаԥшра – ари Енштеин иаартроуп, уи аԥсҭазаараҿы ахархәароуп. 1921 ш. азы Енштеин Нобель ипремиа ианашьоуп афизика иазкыз аусумҭазы. 1933 шықәсазы Уи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь диасуеит, ара 1940 шықәсазы атәылауаҩрагьы иоуит. Еинштеин иԥсҭазаара далҵит 1955 шықәса мшаԥымза 18 рзы Принстон, Ниу-Джерси аштат аҿы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]