Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа (аур. миротво́рческий континге́нт ООН, афр. Les casques bleus, агер. Blauhelme) – атәылақәа рырбџьармчтә контингент — Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара алахәылацәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны иазоужьу, аҭынчреи ашәарҭадареи раԥыхра, мамзаргьы раԥырҟәҟәаара, аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә ҟазшьа змоу ашәага-загақәа аназымхо аамҭазы, иаку мчылатәи аусқәа рыла (арратә демонстрациа, арратә блокада уҳәа реиԥш иҟоу) иаԥызхуа архәҭақәоуп.

1988 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа иранашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада акәзар – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ЕАР) Абжьаҟазаратә мчқәа рымш аԥнаҵеит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә операциақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа — ари Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу атәылақәа рырбџьармчратә контингент ауп. Иара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ашәарҭадаратә хеилак аӡбамҭа ала абџьаршьҭыхралатәи аконфликт аан, ҩба ма инацны жәларбжьаратәи азин асубиектқәа рыбжьара аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә ҟазшьа змоу асанкциақәа анаҭаххалак ирзалырхуа шәага-загоуп. Абжьаҟазаратә мчқәа амилаҭрацәала еилоу еиҿкаароуп.

Ас еиԥш архәҭақәа акыр шықәса инеиԥынкыланы Африка, Азиа, Европа, Агәҭантәи Америка, Ааигәатәи Мрагылара уҳәа рҟны абжьаҟазаратә операциақәа ирылахәын. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаҩцәа рдырра мариоуп, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аемблема алеи, ажәҩангәыԥшшәы змоу ахылԥақәеи рыла (голубые береты), урҭ дара амаҵзура аҟны ианыҟоу иныҟәыргоит. Ажәҩангәыԥшшәы змоу акаскақәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаҩцәа рзы исимволхаз, иарбанызаалак аоперациақәа раан ирхарҵоит, ашәарҭара аныҟоу. Абжьаҟазаҩцәа дара иахьатәиу атәыла аформа ауп иныҟәырго.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адунеи аҟны аҭынчра адгыларазы[аредакциазура | акод аредакциазура]

Раԥхьаӡа ари аиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа, аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡареи, ахымца аанкылареи, еиҿагылоз аганқәа аҳәынҭқаррабжьаратә еибашьрақәа рышьҭахь реидгареи уҳәа реиԥш иҟаз усқәан имҩаԥнагоз.

Аха «аибашьра хьшәашәа» аилгара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рҟазшьа шьаҭанкыла иаԥсахит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак аҭынчра адгыларазы еиҳа иҭбааз, иуадаҩыз амиссиақәа аԥнаҵо иалагеит, урҭ реиҳарак ззырхаз аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аконфликтқәа ирылахәыз рыбжьара, аҭынчратә еиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара аҟны ацхыраара аҟаҵара акәхеит. Уи анаҩсгьы, аҭынчра адгыларазы аоперациақәа ирыҵаркуа иалагеит арра иаҵанамкуаз аелементқәа. Ас еиԥш аоперациақәа акоординациа рзуразы, 1992 шықәса рзы иаԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа Рдепартамент (ДОПМ).

Ашәарҭадаратә хеилак, аибашьра аанкыларазы аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара ахьыҟамыз азы, абжьаҟазаҩцәа убас еиԥш аконфликтқәа рзонахь инанашьҭуа иалагеит, насгьы аконфликт иалахәыз аганқәа зегьы абжьаҟазаратә мчрақәа уа рыҟазаара иахьақәшаҳаҭмыз аҭыԥқәа рахь (аҿырԥштәқәа: Сомалитәии Босниатәии абжьаҟазаратә операциа).

Арҭ абжьаҟазаратә миссиақәа ирыдыз ҳасабтәқәак рынагӡара залыршамхеит, ирымаз аресурсқәеи аперсонали рзымхарала. Арҭ аманшәаламрақәа ирыхҟьаны, зегь реиҳа ихьаа ӷәӷәаны иҟалаз массатә уаҩшьрақәахеит Сребреница (Босниа) 1995 шықәса рзы, 1994 шықәса рзы Руандатәи агеноцид. Абарҭқәа зегьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара инҭырҳәыцааны аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рконцепциа анализ рзурахьы икылнагеит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа Рдепартамент (ДОМП) аҟәшақәа арӷәӷәеит, амиссиа аруааи аполициатә абжьгаҩцәеи рыла еиқәзыршәоз. Еиҿкаан аҟәша ҿыц — абжьаҟазаратә ус азы аԥхьагыларатә гәыԥқәа, ари агәыԥ иҭнаҵаалар акәын еизоз аԥышәа, насгьы амиссиахь инанашьҭлар акәын агендертә зҵаарақәа рзы абжьгарақәа; абжьаҟазаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиӷьтәразы аусқәа аднакылалар акәын; абџьар алгаразы, адемобилизациа, ареинтеграциа рзы апрограммақәа шьақәнаргылалар акәын; иара убасгьы азинмч ахьчара аметодқәеи, егьырҭ азҵаарақәа рыӡбареи рзы аметодқәа еиқәнаршәар акәын.

2006 шықәса лаҵарамзазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа Рдепартамент жәаа операциа напхгара анаҭон аҭынчра ашьақәыргыларазы, адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны. Уи иадԥхьалан, иааизакны иуҳәозар, 89-нызқьҩык аррамаҵзурауаа, аполициеи аграждантә усзуҩцәеи. Жьҭаарамза 31, 2006 шықәса рзы аҭынчра ашьақәыргыларазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аоперациақәа зырбџьармчқәа адызгалоз жә-тәылак рыбжьара иҟан — Бангладеш, Пакисҭан, Индиа, Иорданиа, Непал, Ефиопиа, Уругваи, Гана, Нигериа, Аладатәи Африка. Арҭ атәылақәа рырхәҭақәа ишьақәдыргылон Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара арратәи аполициатәи еилазаара аҟынтә 60 процент.

1948 шықәса рзы 130 тәыла, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә операциақәа рымҩаԥгаразы, рыруааи, рполициатә маҵзуҩцәеи, рграждантә усзуҩцәеи рыдыргалон. Актәи аҭынчра ашьақәыргыларазы абжьаҟазаратә операциа ашьҭахь, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абираҟ аҵаҟа аррамаҵзура иахысуан миллионҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа, аполициа аусзуҩцәа, аграждантә хаҿқәа.

Аррамаҵзурауаа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны аррамаҵзура иахысуа аҭынчра адгыларазы, досу дара ртәыла аҟынтә ауалафахәы роуеит. Убриаан арҭ атәылақәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи акомпенсациа роуеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа аҭынчра адгыларазы аоперациақәа ирыхҭнырҵо аԥарақәа рыхәҭак ашәоит ишьақәыргылоу аформула инақәыршәаны, уи ари аиҿкаара ахаҭа ишьақәнаргылеит. Аха ус ишыҟоугьы, 2006 шықәса жьҭаарамза 31 иаҵанакуа аамҭазы аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рымҩаԥгаразы иҟарҵараны иҟаз алагалақәа, аха иҟарымҵаз ауал ишьақәнаргылеит Еиду Америкатәи Аштатқәа иртәу 2,66 миллиард доллар.

90-тәи ашықәсқәа XX ашәышықәса инаркны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә усура мҩаԥысуан арегионалтә еиҿкаарақәа русеицура иабзоураны. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара актәи аоперациа, аҭынчра адгыларазы арегионалтә мчрақәа роперациа аҭыԥ аҟны ихацыркыз акәны иҟалеит 1993 шықәса рзтәи Либериатәи амиссиа. Арегионалтә мчрақәа уахь инашьҭын Мраҭашәаратәи Африка аҳәынҭқаррақәа Рекономикатә еилазаара (ЭКОВАС) абзоурала.

1994 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиа Қарҭ иҟаз СНГ абжьаҟазаратә мчрақәа аус рыцнауа иалагеит. 1990-тәи ашықәсқәа аҩбатәи азбжазы абжьаҟазаратә операциақәа Босниеи, Герцеговинеи, Косовеи рҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара имҩаԥнагон Европатәи Ахеилаки (ЕС), Аҩадаатлантикатәи аиқәышаҳаҭра аиҿкаареи (НАТО), Европа ашәырҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаареи (ОБСЕ) рыдгылара ала. Афганисҭан акәзар, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара напхгара зырҭо Афганисҭан ашәарҭадаразы ацхыраара Жәларбжьаратәи амчрақәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиеи аполитикатә цхыраара аҟаҵаразы еиныруеит.

Абжьаҟазаратә операциақәа рзы аперсонал алԥшаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭҵааҩцәа гәыԥҩык ргәаанагара ала, акраамҭа абжьаҟазаратә операциақәа рмаҵзурауаа ралԥшаара даара иубарҭаз адискриминациатә, аполитикатә ҟазшьа аман. Иалырхуаз реиҳарак акадртәи арезервтәи офицарцәа ракәын, мраҭашәаратәи атәылақәа рырхәҭақәа рҟынтә, урҭ ишиашоу, мамзаргьы ишакәызаалакгьы аконфликт аҭыԥқәа ахьамаз аҳәынҭқарратә интерес змаз роуп, уи алагьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиа анагӡараҟны аҿиарамҩа иқәыз атәылақәа рҟны анеитралитети ганкы мацара адымцәылареи атәы аҳәара уадаҩуп.

1970-тәи ашықәсқәа рыбжьаранӡа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара апрактика аҟны асоциалисттә тәылақәа (Иугославиа алахәхара ада, Иемен аҟны арратә наԥшыҩцәа ргәыԥ 19631964 шш., Мысратәи (Египет) абжьаҟазаратә миссиа 1950-тәи ашықәсқәа) абжьаҟазаратә операциақәеи арратә наԥшыҩцәа рмиссиеи ианалахәыз ҳәа ыҟамызт. Убриаан, америкатәи афицарцәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Бырзентәыла (Греция), Палестина, Пакисҭан, Кашмир, Ливан, Мраҭашәаратәи Иран имҩаԥнагоз аоперациақәа раан Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара наԥшыҩцәақәак раҳасабала иалахәын. Наԥшыҩцәақәак раҳасаб ала ауаа рацәа азоузыжьыз иреиуоуп НАТО, СЕНТО, ЛАГ, АСЕН уҳәа арратә блокқәа рыла Еиду Америкатәи Аштатқәа рыдгылаҩцәа.

1970-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы аҭагылазаашьа аҽаԥсахуа иалагеит: асоциалисттә тәылақәа абжьаҟазаратә миссиақәа ирылахәхо иалагеит: ПольшаИУНИФИЛ (ЮНИФИЛ) 1982 шықәса инаркны, СССР арратә наԥшыҩцәа ргәыԥқәа рҟны Мысра (Египет), Намибиа, Кувеит, Мраҭашәаратәи Сахара, Камбоџьа.

Урыстәыла абжьаҟазаратә операциақәа рҟны[аредакциазура | акод аредакциазура]

1992 шықәса, хәажәкыра 8 рзы Урыстәыла Иреиҳаӡоу ахеилак аӡбамҭа ала 900-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа уаанӡатәи Иугославиа ашҟа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амчқәа реилазаара иалаҵаны инашьҭын. 1996 шықәса рзы аконтингент аилазаара 1600-ҩык рҟынӡа инаӡеит (урҭ рахьтә 1340-ҩык — Босниеи Герцеговинеи). Босниантәи урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа зегьы алган рашәарамза 14, 2003 шықәса рзы. Хорватиеи Босниеи имҩаԥгаз аоперациақәа раан иҭахеит 22-ҩык урыстәылатәи аррамаҵзурауаа.

Рашәарамза 25, 1999 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аӡбамҭа ала Косовоҟа инашьҭын 3.600-ҩык абжьаҟазаҩцәа. Уи аамҭазы уахь ирышьҭхьан 400-ҩык Урыстәыла аруаа Босниеи Герцеговинеи аконтингент ахыԥхьаӡара аҟынтә, урҭ амарш-ныҟәара ҟарҵеит Приштинаҟа, уахь иагьалалеит рашәарамза 12, 1999 шықәса рзы. Ари амиссиа ԥхынгәымза 24, 2003 шықәсанӡа имҩаԥысуан. Косово рыҟазаара аан иҭахеит 12-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа.

Рашәарамза 7, 2000 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аӡбамҭа аднакылеит 114-ҩык арратә ԥырҩцәа Сиерра-Леоне ашҟа рышьҭразы, урҭ уа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аилазаараҿы абжьаҟазаратә операциақәа ирылахәхаразы. Иара убасгьы, аполициатә мчқәа жәларбжьаратәи аконтингент аилазаараҟны аоперациа иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа фҩык. Аоперациа нанҳәамза 2000 шықәса инаркны цәыббрамза 2005 шықәсанӡа имҩаԥысуан.

Ԥхынҷкәынмза 10, 2003 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак ақәшаҳаҭхеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 40-ҩык аусзуҩцәа Либериаҟа рышьҭра, рашәарамза 30, 2004 шықәса рзы даҽа 40-ҩык Бурундиаҟа. Абжьаҟазаратә операциақәа иахьа уажәраанӡагьы ирыцҵоуп.

Ԥхынҷкәынмза 27, 2005 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 133-ҩык аусзуҩцәа Суданҟа идәықәҵан. Хәажәкырамза 2012 шықәса рзы урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз аҳасабтәқәа анынарыгӡа ашьҭахь, урыстәылатәи абжьаҟазаратә контингент аилазаара зегьы еиҩшаз Судан аҵакырадгьыл аҟынтә иалган.

Цәыббрамза 1, 2008 шықәса рзы усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев аусԥҟа инапы аҵеиҩит «Ареспублика Чад и ЦАР аҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟазаара адгылара аҭаразы, Европатәи ахеилак аоперациа алахәхаразы, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рырратә еиҿкаарақәа уахь рдәықәҵаразы».

Ара зыӡбахә ҳәоу аоперациа амҩаԥгарҭа аҭыԥахь урыстәылатәи атранспорттә вертолиотқәа ԥшьба Ми-8МТ, ҩышәҩык инарзынаԥшуа аруаа рынашьҭра акәын. Убри алагьы, хәажәкыра 10, 2009 шықәса рзы Ареспублика Чад и ЦАР аҟны абжьаҟазаратә операциа иалахәын авертолиотқәа ԥшьба Ми-8МТ-и ҩышәҩык Урыстәыла аруааи. Ԥхынҷкәынмза, 2010 шықәса рзы урыстәылатәи архәҭақәа, апрезидент иусԥҟа инақәыршәаны Чади ЦАР-и аҵакырадгьыл аанрыжьит.

Урыстәылатәи арратә еиҿкаарақәа рнаҩсангьы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиақәа еснагь ирылахәуп афицарцәа-арратә наԥшыҩцәа, урҭ абџьар ҳәа акагьы рымам, адипломатиатә статуси ркьысра азин аҟамзаареи заҵәык ауп рхы иадырхәо. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асоветтә арратә наԥшыҩцәа актәи ргәыԥ 36 афицар рыла ишьақәгылаз, Ааигәатәи Мрагылараҟа идәықәҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анаԥшратә орган аилазаара иалаҵаны, Пакисҭан (ОНВУП) аамҭалатәи аинышәара анагӡара ахылаԥшразы, 1973 шықәса, жьҭаарамзазы араб-израильтәи аибашьра ашьҭахь.

Абжьаҟазаҩцәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Лаҵарамза 29 рзы иазгәарҭоит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа жәларбжьаратәи рымш. Ари арыцхә 2002 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада иаднакылеит (арезолиуциа № A/RES/57/129). Ари аныҳәа абжьаҟазаҩцәа адунеи зегьы аҟны змаҵзура зхызго ирныҳәоуп. Иара иаанарԥшуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иабзоураны еиҿагылоз аганқәа реиныршәара, агәаҟрақәа рырԥсыҽра, абжьаҟазаҩцәа рхамеигӡара.

Абжьаҟазаҩцәа рхыдҵа хадақәа – еиҿагыло аганқәа реиныршәара ауп. Абри ахықәкы инақәыршәаны абас еиԥш аусқәа мҩаԥыргоит:

  • аконфликт иалахәу зызнеиз жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа иахьынӡарықәныҟәо ахылаԥшра;
  • аконфликт иалахәу рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа рыҟамлара ахылаԥшра;
  • адәныҟатәи амчрақәа аконфликт зыбжьоу бџьарла еиқәыдмыршәаратәы аҟаҵара хылаԥшра аҭара;
  • аимак зцу азҵаарақәа рҭышәныртәалара, насгьы апровокациақәа рыҟамлара хылаԥшра аҭара;
  • еиуеиԥшым аделегациақәа рыхьчара аҭагылазаашьа аԥҵара;
  • аҭынч уааԥсыра ацхыраара рыҭара.

Абжьаҟазаҩцәа абџьар ахархәаразы ирымоу азин[аредакциазура | акод аредакциазура]

Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҟны иҟоуп абжьаҟазаратә операциақәа ҩ-хкык, урҭ абџьар ахархәаразы еиуеиԥшым азинқәа рымоуп:

  • ДҚ анаԥшыҩцәа рмиссиа — абџьар ныҟәыргаӡом, адипломатиатә статуси ркьымсразы аҭагылазаашьеи рымоуп.
  • абжьаҟазаратә мчқәа злахәу аоперациақәа — ирмариоу, иласу бџьарла еиқәыршәоуп, уи рхы иадырхәарц анрылшо ахыхьчареи аҭыԥантәи ауааԥсыра рыхьчареи мацара раан ауп.
  • Абжьаҟазаҩцәа аҭыԥқәа рҟны аҭынчра анышьақәдыргыло аамҭазы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟнытә еибашьуа аганқәа рзы еиныршәаҩцәоуп, мамзаргьы атәылақәа рнапхгара ирԥылоит, аҭынчра аазгаша аӡбамҭақәа рыԥшаауеит. Убриаан, абжьаҟазаҩцәа азин рымам абџьар ахархәаразы аграждантә хаҿқәа рганахь ала, мамзаргьы аконфликт зыбжьоу рахьтә ганкы адгылара.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә операциақәа рыхкқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абжьаҟазаратә операциақәа ҩ- хкыкны ишоуп: аҭынчра адгылара аҭаразы аоперациақәа – урҭ мҩаԥысуеит аконфликт зыбжьоу аганқәа зегьы реиқәышаҳаҭра ала, иззырхоугьы аибашьра аанкыларазы анапы зҵаҩу аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара хылаԥшра аҭара ауп; аҭынчра адгылара азы аоперациақәа – урҭ рхықәкы аинышәара, мамзаргьы ахысра аанкыларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, амҩақәа рзыԥшаара ауп.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]