Перейти к содержанию

Дауҭиа, Валери Константин-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Валери Константин-иԥа Дауҭиа
Валерий Константинович Даутия

Валери Константин-иԥа Дауҭиа
Аира жәабранмза 17, 1936 ш.
Жәандрыԥшь ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР, СССР
Аԥсра мшаԥымза 25, 2009 ш.
Гагра ақалақь, Аԥсны
Аусура апоет

Валери Константин-иԥа Дауҭиа (аур. Валерий Константинович Даутия; жәабранмза 17, 1936 ш. Жәандрыԥшь ақыҭа – мшаԥымза 25, 2009 ш. Гагра ақалақь) — Аԥсны апоет. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003). Дыҩуан аԥсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала (1961).

1961-1984 шш. раан аус иуан Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, 1994 –1995шш. рзы Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Раԥхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит: агазеҭ «Аԥсны», ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», апоетцәа ҿарацәа ражәеинраалақәа реизга «Ахҿарах» (1967).

В. Дауҭиа иажәеинраалақәа ирылхны ашәақәа аԥырҵахьеит аԥсуа композиторцәа: Р.Гәымба, Б.Багаҭелиа, О.Хәынҵариа. Урҭ рыхәҭак анҵоуп афирма «Мелодиа» аҟны. Иажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭагоуп.

  • аԥсышәала: Амшыни амреи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983.
  • Сҽыҩ. Ажеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
  • Гагрыԥшь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987.
  • аурысшәахь аиҭага: Отцовские заветы. Ажәеинраалақәа. Гагра, 1995.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 932