Перейти к содержанию

Гьач-Ҟәаџ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Гьач-Ҟәаџь, Гьачлер, Гьачрыԥшь – Саӡны агьежьырақәа ируакуп.[1]

Агьажьыра
Гьачрыԥшь
Гьач-Ҟәаџ, Гьачлер, Гьач
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аҳҭнықалақь Гьачрыԥшь
арегион Саӡны
Аофициалтә бызшәа аԥсуа бызшәа
Абызшәақәа аԥсуа бызшәа, асаӡуа диалект
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 2000 ҩык


Аҭауадцәа Гьач (Гьачба) напхгара ахьырҭоз атәылаҿацә Гьач, ма Гьачрыԥшь ҳәа иашьҭан, аԥсуа хьыӡқәа иреиԥшу Гәылрыԥшь, Гагрыԥшь, Цандрыԥшь, Мқьелрыԥшь. Аҭоурыхтә литератураҿы иуԥылоит ари ахьӡ даҽа вариантқәакгьы: Геч-Ҟәаџ (Гьачаа рқыҭа, рҭыԥ) ма аҭырқә традициаҿы Гьачилер. Абас еиԥш иҟоу ауаажәларрақәеи арратә ҭыԥқәеи рхьыԥшымра рзымариан амчра ахьԥсыҽхаз, географиала иахьеиҟәыҭхаз, мамзаргьы урҭ аҭыԥқәа агәҭа иахьыхараз. Гьачрыԥшь иаҵанакуази уи анапхгаҩцәа рнырреи ирыбзоураны, ари атәылаҿацә зхы иақәиҭыз аҳра, ма европатәи атерминқәа рыла ҳцәажәозар, асиниориа ҳәа аԥхьаӡара ҳалшоит.[1]

Ажәибжьтәи ашәышықәса агәҭаны инхоз аҭырқәа ныҟәаҩы Евлиа Челеби, аԥсуаа зхы иақәиҭыз аҳратә ҳәынҭқаррақәа еиқәыԥхьаӡаны, амшын аԥшаҳәаҿы иҟаз Гьач адгьылгьы далацәажәоит.

«Урҭ џьанаҭтәи абаҳчақәа иреиԥшу абзазаратә ҭыԥ рымоуп, 70 қыҭа, ҩызқьҩык раҟара абџьарқәа зку аибашьцәеи, беики рыла ишьақәгылоу». Иара убас, аныҟәаҩ иазгәеиҭоит, Гьачаа зегьы ааидкыланы «жәанызқьҩык аибашьцәа шрымоу, урҭ реиҳараҩык ҽыуаҩцәаны ишыҟоу. Ажәла беиоуп, идууп. Хафка ақыҭан Жьаԥшьхә ҳәа абазак иҩнаҭаҿы жәларык ҳрылсит. Сара сҩызцәеи сареи ҳзы жәа-уасак шьны ачара ҟаиҵеит»[2].

Иазгәаҭатәуп, агьама збо ачысқәа рахьтә аныҟәаҩ иазгәеиҭоит “сазбал”, даҽакала иуҳәозар, асаӡбал, уи ада аԥсуа традициалатәи шьыбжьонтәи акрыфара иахьагьы ухаҿы иааумгартә иҟам. «Ԥсоу аӡиас аҿы иҟоу ақыҭа хадақәа, — иҩуеит С. Ажәанба, — Гьачбеиқәа ирыҵанакуа: Баӷрыԥшьи Мқьелрыԥшьи. Урҭ рахьтә актәи амшын аҟынтәи х-сааҭк рыла унеиуеит, насгьы 100 гәараҭа инареиҳаны иҟоуп. Уаҟа инхоит аамсҭацәа Кьынца рыжәла, уигьы аҭыԥаҿ анырра маҷк амоуп. Мқьелрыԥшь еиҳа амшын иазааигәоуп, Баӷрыԥшь аладагьы иҟоуп. Ари ақыҭа аамсҭацәа Мқьалба иртәуп, Гьачбеиқәа ирыдҳәалоуп». Азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы Гьачаа рахьтә дцәырҵит аҭауад Рашьыд. Иара иқыҭа Мӡымҭа арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы иҟан (уажәы Веселое ақыҭа). «Кеч (Кечилер) рыжәла 75-ҩык рҟынӡа аулқәа рыман», насгьы ақыҭақәа зегьы «абжьааԥны ҭаацәарак рыкәыршаны иҟан», уи иаанагон анапхгаҩы Рашьыд Гьачба 70-ҩык рҟынӡа ақыҭақәа иман ҳәа. Хыхь зыӡбахә ҳәаз ажәлақәа Мқьалбеи, Кьынцеи рнаҩсангьы, аҭауадацәа Гьачба рнапаҵаҟа иҟан аамсҭацәеи Баӷбеи Цысбеи (Цышбеи). Кьынцаа рыжәла еиҭашьақәыргылоуп Маадан Сақаниа рҭоурыхтә ҳәамҭақәа рыла, Аканцба ҳәа.

Гьач-Ҟәаџ адгьыл Маҳадыри Мӡымтыи рыбжьара иҟан. Гьачаа Баӷеи Ҵәыџьи рҟныанырра ду рыман, аха рацәакгьы акәымкәа.

Чачхалиа Денис, Гьаба ҭауадшьҭра иазкны. // Астатиа.

Ажәанба Салуман, Мраҭашәарахьтәи Аԥсны ма Саӡны аетнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа., Москва: Аҟәа-Абаза, 2012.

  1. 1,0 1,1 Чачхалиа Денис, Гьаба ҭауадшьҭра иазкны. // Астатиа.
  2. Ажәанба Салуман, Мраҭашәарахьтәи Аԥсны ма Саӡны аетнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа., Москва: Аҟәа-Абаза, 2012.