Вардан I Адиан
Вардан I Адиан – ақырҭуа уаҩ ду иакәын, насгьы Адианаа рҭаацәара рхыбаҩ, Гыртәылаҿ (Гырны) анапхгара зуаз аҳцәа. Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла атәылаҿацә, Вардан I Адиан 1183 инаркны 1213 рҟынӡа аерисҭау (аҳмада) иаҳасабла напхгара азиуан. Уи Қырҭтәылатәи аҳкәажәду Ҭамар лҳәынҭқарраҿы аҭыԥ ду иааникылон, аха 1191 шықәсазы Ҭамар ԥыхьатәи лхаҵа Иури Боголиубски дидгыланы қәҿиара змамыз ақәгылара напхгара аниҭоз ашьҭахь, аҳҭынра далган.[1][2]
Аҳкәажәду лмаҵураҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Вардан I Адиан дихылҵшьҭран Вардан, Шәаны аҳмада, 1072 инаркны 1089 рҟынӡа аҳра зуаз ақырҭуа аԥсҳа Гьаргь II ахаантәуаҩ. Вардан I Адиан Марушиани-Варданисӡе аҭаацәара даҵанакуан, аха ахыҵхырҭаҿы иарбоуп Адиан[2] ҳәа, ус ирыхьӡыртәит избанзар дара инхон рҭаацәаратә хан Дади аҿы[3]. Вардан 1183 шықәсазы аҳкәажәду Ҭамара илҭеит Қырҭтәыла мсахурт-ухутцес («аҳҭынра аминистр») иҭыԥ, иара убасгьы Одышь арегиони анапхгаразы. 1186 мамзаргьы 1187 ашықәсқәа рзы Вардан иаҿагылаз Илдегизидтәи аҳәынҭқарра, Кавказтәи Арнауҭтәылаҿ, аиааира агараҿы ихы ааирԥшит. Уи аамҭазы ақырҭцәа Беилаган, Аракстәи адәкаршәра иақәлон[1].
Ақәгылара аҽалархәра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Вардан илаҟәра ҟалеит 1191 ашықәсазы, Иури Боголиубски иқәгылараан, уи аҳкәажәду Ҭамара ԥыхьатәи лхаҵа иакәын. Уи аамҭазы Вардан Қырҭтәыла зегь реиҳа анырра змаз аҳаҭыр зқәу ауаа дыруаӡәкын, аҳраду мраҭашәаратәи ахәҭаҿы Орбетии Каении иара итәын, уи мраҭашәаратәи ахәҭаҿы адгьыл дуқәа рыдагьы: Суарам шьхақәа инаркны Никоԥсианӡа, даҽакала иуҳәозар, «Шәаны зегьы, Аԥсны, Егырҭа, Агәыры, Самокалако, Рачеи, Тақвери, Аргвеҭ»[1], иара убас Санигцәа (асаӡқәа), «Кешиг» (азыхәцәа) рыжәларқәа рыдгьылқәа[1]. Аҿагылаҩцәа дрыдгыланы, Қәҭешь азааигәара иҟаз аҳҭынра Гәықыҭ аҿы Қырҭтәыла аԥсҳас дахаиргылеит Иури. Ҭамара илызиашаз Амирспасалар Гамрекели Торели, Џьавахьеҭ иҟоу Ниалитәи адәкаршәраҿы Вардан ир ииааины, егьырҭ ақәгылаҩцәа, Иури Боголиубскигьы днарылахәны, рҽырҭарҵарц мчыла ирыдиҵеит. Абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь Вардан Адиан атәыла аполитикатә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аҭыԥ ицәыӡит, 1213 шықәсазы дыԥсит[2]. Иара ихылҵшьҭрақәа мраҭашәаратәи Қырҭтәыла еизҳазыӷьеит, насгьы анырра ду змаз ҩ-ҳәынҭқарратә династиақәак шьақәгылеит - Адианааи Агәыри[3].
Азхьарԥш
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 1,3 Ҟаухчшвили Симон, The Georgian chronicle: the Period of Giorgi Lasha, Амсердам, 1991. — ад. 118-119.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 Бараӡе Т., Ақырҭуа советтә енциклопедиа, т. 3, Қарҭ, 1978. — ад. 329.
- ↑ 3,0 3,1 Туманов К. Л., Ақьырсиан Кавказтәи аҭоурых аҭҵаара., Џьорџьтаун, 1963. — ад. 269.