Аԥсҳа
Аԥсҳа – VIII-XI ашәышықәса рыбжьараан ахархәара змаз аԥсуа ҳәынҭқар ититул ауп[1][2][3][4].
Атитул аԥсҳа ахьынтәааз инҭкааны еилкааӡам. Иҟоуп аԥсҳа «Аԥсуаа раҳ»[1] иаҵанакуп ҳәа зҳәо, аха аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Д. Чачхалиа ишәҟәы "Аԥсуа ԥсҳацәа рҭоурых" аҿы иҩуеит:
Аԥсҳа – «аԥсуа раҳ» акәӡам иаанаго. Ари еиԥш аетимологиа иашахом. Ас ала еиқуршәо, ас еиԥш аҵакы змоу атермин статусла илаҟәцәоуп аҳәынҭқар изыҳәан. Аҳцәа раҳ иоуп аҳәынҭқар. Араҟа раԥхьатәи ацыраҿы иуаҳауеит аԥсуаа рҿы и́иаӡаахьоу, аха аидыгьқәа рҿы макьана ахархәара змоу ажәы «ԥшьы», аҳ аҵакы аманы. Арҭ ажәақәа ԥшь/аҳ асинонимра рзеилан анкьа. Ҳазҿу ажәақәа «реихаҳара» иалҵуан аԥс/ҳа, аҳцәа раҳ, мамзаргьы – аԥсҳа. Ари классикатә форма иҭашәо иҟазаап. Аерманцәа рхы иадырхәон аԥсҳа иацназго атермин «ишханац ишхан» - «аҳцәа раҳ» иаанаго. Киевтәы аҳәынҭқар Х ашәышықәсазы «царь» ҳәа изырҳәомызт, ишырҳәоз - аҳ-ду. «Аҳдуи» «аԥсҳаи» статусла еиҟароуп, иаанагогьы – «царь», «аҳәынҭқар» ауп. Атермин «аԥсҳа» иазку ажәа хыркәшо, абас еиԥш алкаа ҟаҳҵар алшоит: ажәа «аԥсҳа» дарбан ҳәынҭқарзаалакгьы изырҳәоит: даԥсыуаз, дерманыз, доурысыз. «Аԥсҳа» – аԥсуаа раҳ» ҳәа аилкаара ма аиҭагара иашам[2].
787 шықәсазы раԥхьаӡа акәны “аԥсҳа” ҳәа атитул идикылеит Леуан II. Ари атитул Аԥсны официалла ахархәара аман VIII инаркны XI рҟынӡа, усҟан аԥсуа ԥсҳа Баграт II ақырҭуа ԥсҳа (меԥе) ититул идикылеит[5].
Анаҩс Аԥсҳацәа рофициалтә титул “ахцәа раҳ аԥсҳа ду”[4] ҳәа иҟалеит, аџьамтә «шаҳаншаҳ» ақырҭуа «меԥеҭ меԥе» иреиԥшны.
Раԥхьаӡакәны ажәа аԥсҳа иаҳԥылоит "ҳаԥсҳа" ҳәа аформа аҭаны Сымбаҭ иаамҭанҵаҿы. Ақырҭуа аҟынтә ари ажәа аиҭагашьа амаӡам, аха аԥсшәантә "ҳара ҳаԥсҳа" (урыс. наш царь) ҳәа еиҭаҳгар алшоит. Иҟан ахҭысқәа аҳәсаа аҳәынҭқарра рнапы ианнылоз, усҟан аԥсҳагәашьа ҳәа атитул рыдыркылон: Гәырандыхәт, Ҭамара, Русудан. [4]
Азгәаҭқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 Лакоба Станислав, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа: Алашара, 1991.
- ↑ 2,0 2,1 Денис Чачхалиа, Аԥсуа ԥсҳацәа рҭоурых, Аҟәа, 2020. — ад. 17.
- ↑ Денис Чачхал, БАГРАТРАА рхылҵшьҭреи рыхҭыси, Москва: Аква-Абаза, 2021.
- ↑ 4,0 4,1 4,2 Кәарҷиа В. Е., АУСУМҬАҚӘА РЕИЗГА, т. I, Аҟәа: Academia, 2019.
- ↑ Чачхал Денис, Аԥсуа аҳраду. Баграт иаамҭа. 978-1014 шш., Аҟәа: Аква-Абаза, 2019.