Леуан II
Леуан II | |
---|---|
Леуан II Аԥснытәи | |
Аԥсҳа | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 787 – 811 | |
Аԥхьа иҟаз | атитул ашьақәырӷәӷәара |
Аҭынха | Феодоси II |
Аԥсны аҳ | |
Амаҵураҭыԥ ахь: 767 – 787 | |
Аԥхьа иҟаз | Леуан I |
Аҭынха | 787 ш. Леуан атитул Аԥсҳа идикылеит |
| |
| |
Аира | 750 |
Аԥсра |
811 Қәҭешь |
Атәылауаҩра | Аԥсҳара |
Ани аби | Константин II Абазгтәи, N.N |
Ахәыҷқәа | Феодоси II, Дырмит II, Гьаргь I |
Леуан II — 12-тәи Аԥсны аҳ (767-787) иара убас актәи Аԥсҳа (787-811)[1].
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Леуан Константин II Абазгтәи уи иԥшәмаԥҳәыси Џьырымҳан-ҳаными рыҷкәын иакәын[2]. 767 ашықәсазы, иабшьа Леуан I данԥсы ашьҭахь, Аԥсуа аҭауадра даҭынхеит[3]. Аҳраура даналага, аҳазарцәа иҭынхацәа рҟынтә адгылара ду иоуит. Аамҭа зегьы Леуан иҭахын Византиеи адҵара. 787 шықәсазы, Ҳазартәи Аҳаканра иҟанаҵаз адгылара ихы иархәаны, Византиа дадҵеит[2]. Иара убри ашықәсан Аԥсны Аҳра шьақәиргылеит, "Аԥсҳа" ҳәа атитулгьы игеит "аԥсуаа раҳ" ҳәа иаанагоит[4].
806 шықәсазы аҳҭнықалақь Анаҟәаԥиа аҟынтәи Қәҭешьҟа ииаигеит, аҭынхацәа ирзааигәаратә еиԥш[4]. 811 шықәсазы, дыԥсит аԥсҳа Леуан II. Уи ихаҭыԥан аԥсҳас дҟалоит иԥеиҳабы Феодо-си II[1].
Аҭаацәара.
[аредакциазура | акод аредакциазура]Леуан идырым аҳкәажә ԥҳәысс диман. Аха В. Амаршьан ироман "Аԥсҳа" аҟны Леуан иԥшәмаԥҳәыс “Хьҵыс” лыхьӡуп, анырра ду змаз Ҵабалтәи аҭауад Амаршьан иԥҳа ҳәа лыхьӡиҵоит[2]. Ари аҭаацәалазаараҿы иит[1]:
- аҳиԥа Феодоси - ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (811-837)[1]
- аҳиԥа Дырмит - ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (837-872)[1]
- аҳиԥа Гьаргь - ԥхьаҟатәи Аԥсҳа (872-878)[1]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 1,3 1,4 1,5 Чачхал Денис, Аԥсҳацәа рыхроника., Москва, 2000.
- ↑ 2,0 2,1 2,2 Амаршьан Витали, Аԥсҳа, Аҟәа: Аԥсуа ҳәынҭ. ҭыжьырҭа, 2012.
- ↑ Кәакәасқьыр Ирина, Аԥсны аҭоурых, Аҟәа, 2012.
- ↑ 4,0 4,1 Лакоба Станислав, Бӷажәба Олег, Аԥсны аҭоурых 10-11, Аҟәа: АҲә Аҵареи анаукеи рминистрра, 2015.