Аԥсны Абжь-ныха
Аԥсны иҟоу, Абжьныхак мамзаргьы, аԥсуаа рыбжь-ныха — иԥшьоу аҭыԥқәа ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа традициатә нцәахаҵарала.
Аԥсны арҭ Абжьныхак ирымҵаныҳәоит аԥсуаа реиҳарак, ақьырсианцәа реиԥш аԥсылманцәагьы. Ныхацыԥхьаӡа дасу ажәла аныхаԥааҩ дамоуп. Иаҳҳәап,
Дыдрыԥшь-ныха аныхаԥааҩ ааигәа иҟоу Аҷандара ақыҭа иатәу анхаҩы жәла Чычаа рыжәла иалҵыз а-Чичба иоуп. Лых-ныха — аамсҭа жәла Шьаҟрылаа дырхылҵшьҭроуп, Шьаҟрылуп. Аԥсуаа зегьы ҭоурыхла ирзеиԥшны иҟоу, зегьы зымҵаныҳәо абарҭ абжь-ныха рыдагьы, шамахамзар, аԥсуа жәлақәа зегьы ирымоуп ажьыра, ажәла зымҵаныҳәо аҭыԥ. Аԥсуаа рыҟны аныхаҟны инеины амц зҳәаз, хымԥада, дахьырхәхоит рҳәоит. Аԥсуаа реиҳарак Дыдрыԥшь-ныха зегьы иреиҳауп, зегь раасҭа амч амоуп ҳәа ирыԥхьӡоит. Лашькьындар ашьхаҟны аныҳәарақәа еиҭахацыркын 1990 шықәса абжьаразы.
Аныҳәарақәа ирылахәуп иара убас аҳәынҭқарра анапхгаҩцәагьы. 1992 шықәсазы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан Дыдрыԥшь-ныха дамҵагыланы Анцәа диҳәеит Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба Аԥсны дахылаԥшырц,иҟаз ашәарҭа иацәихьчарц азы.
2012 шықәса нанҳәамза 3 рзы Аҟәа ҿыц еиҭаԥҵан Аԥсны аныхаԥааҩцәа рхеилак.
Аныха | Аҭыԥ | Араион | Аныхааԥаҩ
(2012 шықәсазы) |
Дыдрыԥшь-ныха | Дыдрыпш-ныха ашьха Аҷандара ақыҭан | Гәдоуҭа араион | Заур Чычба |
Лых-ныха | поляна Лыхнашта, центр села Лыхны | Гәдоуҭа араион | Сергеи Шьаҟрыл |
Лӡаа-ныха | Лӡаа ақыҭа азааигәара Пицунда | Гагра араион | |
Инал-куба | Инал-ҟәуба ашьха Ԥсҳәы | Аҟәа араион | |
Адагәа-ныха | Адагәа ашьха Ҵабал ақыҭан | Гәылрыԥшь араион | |
Лашькьындар | Лашькьындар ашьха Тҟәарчал | Тҟәарчал араион | |
Елыр-ныха | Елыр ақыҭан | Очамчыра араион | Галтер Шынқәба |