Абреџь, Гильда Салиҳ-иԥҳа
Адәныҟатәи асахьа
| Гильда Салиҳ-иԥҳа Абреџь | |
|---|---|
| Гильда Салиховна Абредж | |
|
Гильда Салиҳ-иԥҳа Абреџь | |
| Аира |
лаҵарамза 29, 1941 ш. Адыгатәылатәи Автономтә Област, ақ. Маиҟәаԥ |
| Аусура | адыга шәҟәыҩҩы |
| Амилаҭра | адыгейцы |
| Атәылауаҩра | Аԥсны Аҳәынҭқарра |
Гильда Салиҳ-иԥҳа Абреџь (аур. Гильда Салиховна Абредж; лаҵарамза 29, 1941 ш., Адыгатәылатәи Автономтә Област, ақ. Маиҟәаԥ) – адыга шәҟәыҩҩы. Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит урысшәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Маиҟәаԥтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит англыз бызшәа арҵаҩы изанааҭ ала.
Акыр шықәса инеиԥынкыланы дынхон, аус луан Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблан. Иахьазы дынхоит Гагра ақалақь аҟны.
Лҩымҭақәа анылахьеит альманах «Литературная Абхазия».
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Акварель детства. Ановеллақәа рышәҟәы. М., 1995.
- Вечность учит терпению. Аповест. Аҟәа, 2010.