Ҵабалтәи абаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ҵабалтәи абаа (ақырҭ. წებელდის ციხე) — Қырҭтәыла, Аԥсны автономтә республика, Гәылрыԥшь амуниципалитет, ақыҭа Ҵабал. Акомплекс иалоуп абаашқәа, ауахәамақәа, аргыларақәа, ахьчаратә аргыларақәа, абаагәара иаарԥшуп Византиатәи аҭоурыхҭҵааҩы Пракофи Кесариатәи ианҵамҭақәа рҟны, VI ашәышықәса зы. Ҵабалтәи абаа, абырзен хыҵхырҭақәа рыла абжьарашәышықәсақәатәи Қырҭтәыла ахадара ду змаз афорттә ргылара акәын. VI ашәышықәсаз Византиатә аҭоурыхҭҵааҩы Прокофиа Кесариел идыррақәа рыла, Ҵаибелиум иҟан, ибзианы еибыҭаз абаа-арӷәӷәарҭа акәын, уи лазаа (амраҭашәаратә ақырҭуа ажәлар) аҳра ахьчаратә системаҿ ахадара ду змаз ароль нанагӡон. абаа-арӷәӷәарҭа арбгарақәа иахьагьы иаанханы иҟоуп: аԥыԥшырҭатә ҳәышәҭқәа, ауахәаматә ргыларақәа, абааш аргыларақәа иара убас еиуеиԥшым ахыхьчаратә ргыларақәа. Иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз Ҵабалтәи абаатәи ауахәамақәа акы аҭҵаара аан иԥшаан аҭӡысахьақәеи, аҭыхрақәа рыхәҭеи. 2019 шықәса рашәараз аргылара акультуратә ҭынха баҟа астатус анашьан[1]

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • „Аԥсны акультуратә аҭынхара“, қарҭ, 2015.
  • კულტურული მემკვიდრეობა აფხაზეთში, თბ., 2015

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]