Ихадоу адаҟьа

Материал из Wikipedia

Авикипедиa-Аҧсуа бызшәа иадаҟьоуп. Ишаадыруа аиҧш ҳаҧсуара гәыс иамоу аҧсшәоуп.
182 Аҩымҭақәа/Articles.

понедельник 6 ҧхынгәы 2009

  • Article #182 :



АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
Абираҟ

Аҧсны Аҳәынҭқарра Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьра ишьҭоуп. Атерриториа – 8 700 км²; аҳәынҭқарра иаланхо – 214 016-ҩык. (2003 ш.).

Ақалақь Аҟәа (43 716) Аҧсны иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (10 717), Гәдоуҭа (7738), Гал (7169), Ҭҟәарчал (4786), Очамчыра (4702), Афон Ҿыц (1308). Административ-территориалтә шара – ақ. Аҟәеи бжь-раионки ыҟоуп: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал. Аҧсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.

Аҳәынҭқарра хьыӡқәа: 1921-1931 – Советтә Социалисттә Республика Аҧсны; 1931-1992 – Аҧснытәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика; 1992 инаркны – Аҧсны Аҳәынҭқарра.

Ақалақьқәа:

Аусумҭақәа

Аусумҭақәа. Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.

Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа.

Урҭ Кавказ аҭҵаарадырратә дунеиаҿ мацара акумкуа, аҳәаанырцәгьы ахәшьара ҳарак зыҭоу амонографиақәа: "Заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаан Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьа", "Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа", "Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара" рҟынтә иаагоуп, иара убас апериодика ианылахьоу аҭҵаарадырратә статиақәа, арецензиақәа, аҧсуаҭҵаара аусзуҩцәа ирызку анҵамҭақәа, аиҭагақәа рылоуп.

Ашҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымҧада, аҧхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.

Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳау аҧхьаҩцәа зегьы.

Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.

АКАТЕГОРИАҚӘА

Ажәлар, общество и гуманитарные науки

Aетнографиатә –Аҧсуаа Рыбжьы – Здоровье – Aҭоурых – Аҳəынҭқаррақәа – Лингвистика – Медицина – Персоналии – Аус – Aполитика – Психология – Социология – Философия – Финансы – Экономика – Акультура

Природа, естественные науки

Астрономия – Биология – География – Геология – Физика – Химия – Экология

  
Акультура, искусство и досуг

Архитектура – Aкинематограф – Арелигиа – Аспорт – Абызшәа – Амифологиа – Амузыка – Атеатр – Acaxьaқәa –

Атехника и точные науки

Аинтернет – Акомпиутер – Космонавтика – Аматематика – Атранспорт

На других языках