Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт
Абхазский институт гуманитарных исследований им. Д. И. Гулиа Академии наук Абхазии
Ишьаҭаркын ажьырныҳәамза 131925 ш.
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны Аҳәынҭқарра
Аҭыӡҭыԥ Аҟәа
Аофициалтә cаит http://akademra.org/institutions/instituty-ana/abhazskij-institut-gumanitarnyh-issledovanij-im-d-i-gulia-abigi-ana/

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт (аур. Абхазский институт гуманитарных исследований им. Д. И. Гулиа Академии наук Абхазии (АбИГИ АНА)) — аԥсуа ҭҵаарадырратә центр; Аҟәа иҟоуп. Аԥсуа ҭҵаарадырра иазку аинститут аиҿкаара аидеиа хацыркын 20-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы; раԥхьаӡа акәны уи аӡбахә аартны ирҳәеит Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра 1924 шықәса цәыббрамза аҩбатәи азбжазы имҩаԥыргаз Амшын еиқәа агаҿатәии Мраҭашәаратәи Кавкази атәылаҿацә аҭҵааҩцәа Реизара Ду аҿы.

1925 ш. жьырныҳәа 13 рзы Н. Лакоба ихантәарала имҩаԥысыз Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра аилатәараҿы еиқәшаҳаҭны иазхаҵаны ирыдыркылеит «Аԥсны акультуреи аекономикеи реизырҳаразы ара аҭҵаарадырратә институт аԥҵара хымԥада ишаҭаху» ҳәа ақәҵара. Аԥсуа ҭҵаарадырразы иразҟыӡбагахаз ари аизара иалахәын Д. И. Аланиа, З. Н. Бениа,А. М. Ҷоҷуа, Н. С. Патеиԥа, Веқслер, Ступак, Кудриашов, А. И. Чыкәбар, Г. П. Барач. А. А. Колоковски, Л. Л. Захаровски, Л. В. Карташев, С. П. Басариа, Кашкина, Мелиавицки, Р. И. Какәуба, В. И. Стражев, А. С. Меерович, Бердичевски, В. П. Малеев, Н. В. Риабов, Фармаковски. Иара убри аилатәараҿы Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра асовет ирыдҵан аинститут аиҿкаара иазкны иазырхиаз апроект Аԥсуа Центртә Нагӡаратә Комитети Асовет жәлар ркомитети рҿаԥхьа азҵаара ықәыргыланы, абри аус ахәаԥшразы ирыдыргаларц. Ирыдгалаз апроект аҿы ишарбаз ала, иаадыртраны иҟаз аинститут аҿы иазԥхьагәаҭан: ашьхара-геологиатә, адгьылтә (анышәтә), абиологиатә (уи иаҵанакуаз азоологиеи аботаникеи ацҵаны), иара убас агуманитартә (аҭоурых, археологиа, аетнографиа, абызшәадырра, афольклор уҳәа), агеографиатә, атехн. -ааглыхратә, абиблиографиатә, анозологиатә, асанитартә, амузеитә ҟәшақәа раартра. Аштат аҿы 20-ҩык аусзуҩцәа рҭыԥ азылхны шықәсыктәи абиуџьет 30 096 мааҭ азыԥҵәаны аҟаҵара. Аха Аԥсны аиҳабыра аԥара ахьрымамыз иахҟьаны ари апроект мап ацәыркыр акәхеит. Уи ацынхәрас академик Н. И. Марр иаԥшьгарадла иақәшаҳаҭхеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аартра. Ари академиа аартра иазкны аԥшьгаратә гәыԥ реилатәара мҩаԥысит академик Н. И. Марр инапхгарала, 1925 ш. 11. 10. рзы. Уи иалахәын А. М. Ҷоҷуа, С. М. Ашәхәацаа, Н. С. Патеиԥа, С. И. Ҷанба, П. С. Шьаҟрыл, Ш. Е. Хокьерба, А. И. Чыкәбар. Урҭ иазгәарҭеит Академиа иаарласны аартра хымԥада ишаҭаху, иара убасгьы иазԥхьагәарҭеит уи анаҩстәи аусуратә план. 1926 ш. 26. 05. азы Аԥснытәи ССР Асовет Жәлартә комитет ишьақәнаргылеит «Аҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа» аԥҟара, уи аԥхықәра хадақәа ҳәаақәҵаны: «а) аԥсуа бызшәеи, насгьы уи инадҳәаланы аԥсуа жәлар рыбзазареи рҭоурыхтә культуреи ҭҵаарадыррала рыҭҵаара; аԥсуа хатә ажәеи аԥсуа милаҭтә литературеи атехникатә еиӷьтәра; в) Аԥсны аинтересқәа ирызкны аҭҵаарадырра-рккаратә усзура аганахьала иҟаҵоу ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи массала ауаа рыларҵәара уҳәа убас иҵегьы.

Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭак аҳасабала, официалла аҭоурых хацыркуп аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа анаадыртыз инаркны. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Академиа иалахәылаз аҵарауаа рхыԥхьаӡара 9-ҩык инадыркны 30-ҩык рҟынӡа инаӡоит, аха аштат аҿы иҟаз 3-4-ҩык ракәын. Раԥхьатәи хантәаҩыс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. Уи ишьҭахь – Д. И. Гәлиа, уи маӡаныҟәгаҩыс диман – П. С. Шьаҟрыл. Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа аусура мҩаԥнагон асеқциақәа рыла ишаны: атерминологиатә, аҭыжьырҭатә, аҟазареи амузыкатә фольклори. Аԥсуа ҭҵаарадырратә Уаажәларра аҽамаданы, Академиа ишьақәнаргылеит: СССР Аҭҵаарадырратә академиа иатәу Азиатәи аинститут, аҳәаанырцәтәи акультуратә еимадарақәа алзыршоз Зегьеидгылоутәи ауаажәларра, Горсктәи атәылаҿацәҭҵааратә институт, Асахь. ҭҵаарадыррақәа ирызку Аҳәынҭқарратә академиа, Кавказтәи аҭоурых-археологиатә институт уҳәа СССР аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рҿы аимадара бзиақәа. Иара убас аиҩызара рыбжьан Аԥсуа академиеи еицырдыруа аҵарауаа: апроф. Н. И. Марри, апроф. Н. Ф. Иаковлеви, Г. Шмидти, иара убас Москватәи Ацентртә жәларҭҵааратә музеи амаӡаныҟәгаҩи.

Аԥсуа бызшәа академиа иҭнажьит: Н. И. Марр «Аурыс-аԥсуа жәар», Д. И. Гәлиа - «Аԥсуаа рҿы аџьма акульт» (Аԥсуа етнографиа иазкны), «Алитературеи абызшәадырреи рзы атерминологиа (аурыс-аԥсуа, аԥсуа – аурыс); К. В. Ковач - «101 аԥсуа ашәа», «Кәыдрытәи аԥсуаа рашәақәа»; иара убас иҭыжьын асахьаркыратә литература шәыҟәқәа жәпакы.

1930 ш. 28. 05. рзы Аԥснытәи Жәлартә ҵара акомитет иаднакылеит аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡ аиҭеиҭакразы ақәҵара. Аинститут аштат аҿы аус руан 4-ҩык: адиректор (Г. Берзениа), адиректор ихаҭыԥуаҩ (Д. Гәлиа), иара убас ҩыџьа аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1931 ш. 5. 08. азы Аԥснытәи Ацентртә Нагӡаратә комитет апрезидиум иаднакылоит Аԥсуа ҭҵаарадырратә уаажәларреи Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институти реидҵаразы ақәҵара. Уи иахҵан Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа. Еилазаашьала уи асеқторқәеи аҟәшақәеи рыла еиҟәшан. Аус руан х-сеқторк: 1) аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи; 2) ауаажәларратә- ҭоурыхтә; 3) аҭыԥантә ааглыхреи ақыҭатә нхамҩеи ҳәа 2-сеқциак змаз жәлартә нхамҩатә ҟәша. Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҟазареи рсеқтор 4-сеқциак рыла ишьақәгылан: а) абызшәадырра, аҭҵаарадырратәи апрактикатәи аграмматика, б) арҵагатә шәҟәқәа, в) асахьаркыратә литературеи жәлар рырҿиареи, г) аҟазареи. Ауаажәларратә-ҭоурыхтә сеқтор шьақәгылан: апартиа аҭоурыхи Аԥсны ареволиуциа аҭоурыхи, аетнографиеи, асоциалисттә культуреи абзазареи - уи аҩныҵҟа иҟан иара убас акультуратә револиуциеи, абзазара аԥсахреи, амцхаҵарақәа раҿагылареи ирызкыз асеқциақәагьы. Аинститут анапхгара азнауан адиреқторат: А. К. Ҳашба (адиректор), ҩыџьа ихаҭыԥуаҩцәа – В. И. Кәыкба, С. И. Ҷанба; асеқциа еиҳабцәас иаман: А. В. Фадеев (ауаажәларратә-ҭоурыхтә), Бибикови В. Г. Семионови (жәлартә нхамҩатә), А. А. Колоковски (аботаника), В. И. Кәыкба (абызшәеи алитературеи).

Урҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы ихацыркын «Аусумҭақәа» рҭыжьра. Уа ианылон аҵарауаа рколлективтә статиақәа реизгақәа реиԥш, хазы игоу авторцәа рмонографиатә усумҭақәагьы. Иара убас адәаҿы еизыргоз афольклортә-етнографиатә, ма алингвисттә материалқәа; инеизакны уи аамҭа иалагӡаны иҭыжьын 34 том, убарҭ зегь рҟынтә Аҩбатәи Адунеитә еибашьра ду ҟалаанӡа – 20.

1935 ш. азы Аԥснытәи аҿацәҭҵааратә ҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт академик Н. И. Марр ихьӡ ахҵан. Аинститут ахьӡгьы ԥсахны Аԥсуа культура аинститут ҳәа ахьӡҵаны СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иалаҵан. 1938-1948 ш. ш. рзы аинститут диреқторс дыҟан А. М. Ҷоҷуа. 1930-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжазы аинститут харҭәаахеит аҵарауаа ҿыцқәа рыла: К. С. Шьаҟрыл, А. А. Олонецки, Б. П. Џьанашьиа, И. Г. Анҭелава, Хә. С. Бӷажәба, Гь. А. Ӡиӡариа. Сталини Бериеи раамҭақәа рзы массала имҩапысуаз арепрессиақәа, арӡрақәа аинститут ӷәӷәала ааха арҭеит. Аԥснытәи аинтеллигенциеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи аӡәырҩы реиԥш, харада ахара рыдҵаны, русқәа еиқәырҽаҽаны идырӡит аинститут аҿы аус зуаз аԥсуа ҵарауаа: А. К. Ҳашба. В. И. Кәыкба, С. М. Ашәхаҵаа, В. М. Маан, З. Р. Агрба. Даҽа гәыԥҩык аԥсуа ҵарауаа арепрессиақәа ирцәынхеит Аԥснынтәи ибналаны ацара ахьрылшаз иабзоураны. Акьыԥхь аҿы урҭ зегьы «жәлар раӷацәа» ҳәа рыхьӡ ҳәаны ирықәыӡбон. Аҭҵарадырра иазкыз ихатәраз ҳәа ишьаз аҭыжьымҭақәа рыҿгьы иуԥылар алшон уи аамҭа еиқәаҵәа азы иҟазшьарбагаз абас еиԥш иҟаз ақәыӡбарақәа: «. . Уажәы иаҿаԥырҽыз жәлар раӷацәа, Аԥсуа акультура аинститути, Жәлартә ҵара акомитети, Аԥснытәи асовет шәҟәыҩҩцәа реидгылеи рҿы итәаз абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа, агәазыҳәаратә нырра ду узҭо, ибеиаӡоу ақырҭуа культура дуӡӡа иацәхьаҵны, аганахь игылаз… избанзар урҭ имаҭ шҳамыз ргәы-ԥсы зегьы ала ақырҭуа жәлар рцәымӷын. Қырҭтәыла аҟәыҭхазаара, Қырҭтәылеи Аԥсни рџьажәлар ирыбжьоу сталинтәи аиашьаратә еиҩызара аԥырхагахара, Аԥсны инхо ақырҭуа џьажәлар зегь рыла рыларҟәра - абас акәын ишыҟаз урҭ имҩаԥыргоз атеррористтә, аконтрреволиуциатә, арӷьа-троцкисттә политика. Асабрадақәа рхаҵаны, асоветтә мчра бзиа ирбошәа рҽыҟаҵаны, урҭ Аԥсны акыраамҭа рыцәгьаусқәа ирҿын, асоциалистә ргылара системала ааха аҭо. Избан арҭ агәымхашьацәа, абуржуазтә милаҭеилыхҩцәа Қырҭтәыла абриаҟара изырцәымӷхаз? Избанзар урҭ амҵақьақьаҩцәа зегьы - лакобақәеи агрбақәеи Қырҭтәылатәи аџьажәлар мацара ракәӡам изаӷоу, урҭ Аԥсны аџьажәларгьы ираӷоуп. Урҭ ахәымгақәа, ихагахаз ауаа мишәанқәа, аԥсахҩы ламысдақәа – афашисттә, иара убас егьырҭ аҳәаанырцәтәи аԥшыхәыҩцәа рагентцәа роуп. Урҭ аханатәгьы асовет мчра ианымшәо иаӷацәан, асоциализм иаӷацәоуп, Ленини – Сталини рпартиа Ду иаӷацәоуп».

Аха иара убри аамҭазы акьыԥхь рбеит аԥсуаҭҵаара иазкны акрызҵазкуа аусумҭақәа: Н. И. Марр «Аԥсуаа рбызшәеи рҭоурыхи иазкны», А. В. Фадеев «Аԥсны аҭоурых иазкны икьаҿу аочерк», Гь. А. Ӡиӡариа «ХХ ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны азы ақәԥара».

1939 шықәсазы аинститут дырҩегьых ахьӡ ԥсахны Н. И Марр ихьӡ зху абызшәеи аҭоурыхи рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ҭҵааратә институт ҳәа ахьӡҵан. 1941 шықәсазы, Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадырратә академиа анаԥҵаха ашьҭахь, уи асистема иалаҵан. 1930-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы аинститут аҿы аԥсуаҭҵааратә тематика еиҳа-еиҳа еиҵало иалагеит: уи хымԥада ақырҭуа ҭоурыхҭҵаареи акультуреи ашьаҭала иахәаԥшуан, аԥсуа бызшәа афункциақәа еиҳа-еиҳа имаҷхон; иҭыҵуаз аусумҭақәа рҿы аԥсуа авторцәа рхыԥхьаӡара еиҵалон; аԥсышәала иҩу астатиақәа зынӡасгьы ианыломызт; дара аизгақәа ртитултә даҟьақәа рҿы қырҭшәалеи урысшәалеи мацара ианырҵон. Аҩбатәи адунеитә еибашьра ианалага нахыс ари атенденциа еиҳа-еиҳа аҽарыӷәӷәо иалагеит, уи ус иҟан 1950-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызыбжанӡа. Аинститут диреқторцәас урҭ ашықәсқәа рзы иҟан: В. А. Ивардава, П. К. Ратиани, П. Г. Гәыџьабиӡе.

1945 шықәсазы аинститут аилазаашьатә структура аҟнытә иалхын аботаникатә сеқциа, Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан ихазу аҭҵаарадырратә усҳәарҭа.

1950 шықәсазы Аԥсуа институт даҽа зныкгьы ахьӡ ԥсахны, «Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт» ҳәа ахьӡҵан. Аамҭакала, 1950 шықәсазы «абызшәатә дискуссиақәа» ирыбзоураны имҩаԥгаз аӡбарақәеи, иара убасгьы И. Марр илингвисттә ҵара иазыруаз акритикеи инарымаданы аинститут ихьӡ ахырхит; 1954-1955 ш. ш. аинститут Д. И. Гәлиа ихьӡ ахырҵоит, анаҩс 5 шықәса хьӡыда иҟан. 1960 шықәсазы Д. И. Гәлиа иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь аинститут еиҭа ихьӡ ахырҵеит.

«Аԥсасира» аамҭазы СССР иҟалаз аполитикатә еиҭакрақәа, хымԥада аинститут аусура акыр иазеиӷьхеит: аҽарҭбаауа иалагеит аԥсуаҭҵааратә тематика, Москвеи, Ленингради, Қарҭи аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантура иалгаз аҭыԥантәи аспециалистцәа рыла иазҳаит аинститут акадртә еилазаашьа; игәоуҭартә еиԥш иазҳаит аусзуҩцәа рыҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа рхыԥхьаӡара. Еиԥҟьарада, исистематәны иҟалеит археологиатәи афольклортә-етнографиатәи аеқспедициақәа. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа хԥа: абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи аетнографиеи, аекономикеи. Аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара иазҳаит 14-ҩык рҟынтәи 31-ҩык рҟынӡа. Урҭ реиҳараҩык аҭыԥантәи ҵарауаан. Аинститут аҿы аԥышәа ду змаз аспециалистцәа инарывагыланы қәҿиарала аус руан аҵарауаа қәыԥшцәагьы; афилологиа аганахьала: Х. С. Бӷажәба, К. С. Шьаҟрыл, Б. П. Џьанашьиа, Б. В. Шьынқәба, М. М. Цколиа, Е. П. Шаҟрылԥҳа, Шь,Ҟ. Арсҭаа, Л. П. Ҷкадуа, В. Х. Конџьариаԥҳа; аҭоурыхҭҵаара аганахьала: И. А. Аџьынџьал, А. А. Оленецки, Л. Н. Соловиов, Г. А. Ӡиӡариа, Шь. Д. Инал-иԥа, И. Г. Анҭелава, М. М. Ҭраԥшь, А. А. Аԥшьлаа, З. В. Анчабаӡе, А. Ф. Хонелиа, Л. Х. Акаба, Ц. Н. Бжьаниа, А. Е. Кәыпраа, М. М. Гәынба,. Арҭ ашықәсқәа рзы аинститут директорс дыҟан Х. С. Бӷажәба (1953-1966).

1960-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжа инаркны акыр еиӷьхоит аинститут аматериалтә-техникатә база, еиҳахоит акадрқәа рхыԥхьаӡара, иаадыртуеит аҟәша ҿыцқәа. Аинститут аҿы аус руан аҟәшақәа фба – абызшәа; алитературеи афольклори; аҭоурыхтә; археологиатә; аетнографиеи аҟазареи; аекономикатәи; урҭ рҿы аҭҵаара ус рнапы алакын 60-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. 1960-1980-тәи ашықәсқәа раан аинститут аколлектив маҷ-маҷ ихаҭәаауеит атәыла еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә центрқәа рҿы аспирантурақәа ирылганы адиссертациақәа зыхьчаз, здырра ҳараку аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рыла. Алингвистцәа: Т. Х. Ҳалбад, Н. В. Аршԥҳа, А. Д. Хьециа, Е. Қь. Кьылԥҳа, В. Е. Кәарҷиа, С. М. Наҷҟьебиа, В. М. Бганба, Л. Р. Ҳагба; афольклористцәа: Шь. Хь. Салаҟаиа, С. Л. Зыхәба, А. А. Аншба, Р. А. Ҳашԥҳа, В. Б. Агрба; алитератураҭҵааҩцәа: Л. Д. Чаҵәба, Н. П. Лакоба, В. В. Дарсалиа, В. Л. Ҵнариа, М. Т. Лашәриа, И. И. Кәыҵниа, Р. Хә. Қапба; аҭоурыхҭҵааҩцәа: Б. Е. Саӷариа, Л. М. Прицкер, Гь. А. Амҷба, Г. П. Лежава, С. З. Лакоба, Д. Ч. Нодиа; археологцәа: Гь. К. Шамба, Иу. Н. Воронов, О. Хә. Бӷажәба, Л. Г. Хрушкова, И. И. Ҵнариа, С. М. Шамба; аетнографцәа: Р. К. Ҷанба, Е. М. Малиаԥҳа, Г. Г. Ҭарџьманиԥа, Иу. Гә. Аргәын, П. К. Кәыҵниа, В. Л. Бигәаа, М. С. Ҭҳаицыҟә; амузыкаҭҵааҩцәа: И. М. Ҳашԥҳаи М. М. Ҳашԥҳаи; аҟазараҭҵааҩы Б. М. Аџьынџьал, адин ҭҵааҩы Г. В. Смыр; аекономикаҭҵааҩцәа: Б. Ш. Ашәба, Н. Е. Бушина, Р. М. Лагәлаа, А. М. Амқәаб, А. Р. Гәлиа уҳәа егьырҭгьы.

Аԥсуа институти атәыла ацентртә, иара убас арегионалтә академиатә институтқәеи (Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнографиатә Институт, М. Горки ихьӡ зху адунеитә литература Аинститут, археологиатә Институт, СССР аҭоурых Аинститут, аибашьратә ҭоурых Аинститут, аҭоурыхтә Институт, И. А. Џьавахьишьвили ихьӡ зху аҭоурыхи, археологиеи, аетногарфиеи Ринститут) атәылаҿы Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет, Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет уҳәа егь. ) реимадара бзиа иалҵшәаны хықәкылатәи аспирантурала акадр ҿыцқәа рааӡарази, иара убасгьы аҭҵаарадырратә проектқәа реицынагӡарази алшара бзиақәа ҟалеит.

Рзанааҭтә усура инаваргыланы, аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩцәа аӡәырҩы акыршықәса аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчара иазкыз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәын. Урҭ иаартны иаҿагылон Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рганахьала иҟаз аицакрақәа, ашәҟәқәа рыҩуан апартиатәи аҳәынҭқарратәи инстанциақәа рышҟа, аиҳабырахь. 30-40-тәи ашықәсқәа раахыс ириашамкәа иаанханы иҟаз Аԥсны амилаҭтә политикатә еилагарақәа рыриашара иазку апроблемақәа рыҭҵааразы аҳәара ҟарҵон. Активла иалахәын есжәашықәса Аԥсны протесттә ҳасабла имҩаԥысуаз аԥсуа жәлар рықәгыларақәа. Уи азы Аԥсни Қырҭтәылеи рпартиатә еиҳабыра аинстиут аусзуҩцәа кыдцаланы ирыман.

1980-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рызбжазы Аԥсуа институт аҿы аусура иалагоит аԥсуаҭҵааҩцәа рабиԥара ҿыц: афилологцәа - Б. Г. Џьонуа, Џь. И. Адлеиԥҳа, В. А. Кәаӷәаниа, Ц. С. Габниаԥҳа, Ҭ. Шь. Џьапуаԥҳа, А. Гь. Ладариаԥҳа, З. Џь. Џьапуаԥҳа; аҭоурыхҭҵааҩцәа – В. М. Ԥачлиа, Р. К. Кациа, В. Ф. Быҭәба, Гә. Џь. Гәымба, Е. М. Ешба-Чкок; аетнологцәа – А. Е. Шьынқәба, С. А. Дбар, О. В. Маан; археологцәа – М. Хә. Хәарҵкьиа, Л. М. Кәаӷәаниа, Д. С. Бжьаниа.

Арҭ ашықәсқәа рзы Аԥсуа институт аҿы аус руан аҟәшақәа ааба, 70-ҩык инареиҳаны аҭҵаарадырратә усзуҩцәа. Урҭ рахьтә иҟан 10-ҩык аҭҵаарадырртә доқторцәа, 46-ҩык  аҭҵаарадырратә кандидатцәа. Аинститут адиреқторс дыҟан Гь. А. Ӡиӡариа (1966-1988).

1988 шықәсазы Аԥсуа институт дахагылеит В. Г. Арӡынба. Аинститут усҟан хықәкыс ишьҭнахит атематика аус адулараҿы ахьыԥшымра ду аарԥшра, акрызҵазкуа аусмҩаԥгатәқәа разԥхьагәаҭареи реиҿкаареи. Адиректор аинститут аусзуҩцәа ирыдигалаз апрограммаҿы иқәиргылон аԥсуаҭҵаарадырразы акрызҵазкуаз адҵақәа, ҷыдала, адисциплинақәа рыбжьара арҿиаратә коллективқәа раԥҵара: ареспубликаҿы амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҭҵааразы, «Аԥснытәи АССР атопонимқәеи агидронимқәеи рыхсаалеизга» азырхиаразы икомплекстәу аономастикатә гәыԥ аиҿкаара, «Аԥсны археологиа (ажәытәӡатәи аамҭа инаркны 17 –тәи ашәышықәса аҟынӡа)» захьӡу амонографиа аԥҵаразы археологиа иазку арҿиаратә гәыԥ аиҿкаара; азҵаара ықәгылан аҭыжьымҭақәа: «Аԥсуаа рытрадициатә культура», «Аԥсуа мифологиатә жәар», «Аԥсны аҭоурых» (3-томк иҟоу); «Аԥснытәи АССР. Аенциклопедиатә жәар» разырхиаразы аусура ахацыркра; Аԥсуа институт иҭнажьуаз аҭҵарадырратә ҭыжьымҭақәа рхыԥхьаӡара ацҵара. Аԥсуа институти, Аԥсуа университети, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии аҭҵаарадырра аганахьала русеицура уҳәа уб иҵегьы.

Иазԥхьагәаҭаз аусқәа рынагӡара залмыршахеит есааира иуадаҩхоз ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, В. Г. Арӡынба аполитикатә усзура ашҟа аиасра аниқәшәа. Уи раԥхьа СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхит, анаҩс – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩыс. Аха иара ус шакәызгьы, уеизгьы иалыршахеит иазԥхьагәаҭаз аҭҵаарадырратә уснагӡатәқәа рыҟнытә акык-ҩбак рынагӡара: иҭыжьын арҵагатә цхыраагӡа «Аԥсны аҭоурых» (1991), иара убас архивттә материалқәа реизга: «Аԥсны. Адокументқәа шаҳаҭра руеит. 1937-1953 шш. » (1992); имҩаԥган Зегьеидгылоутәи аҩаӡара змаз аконференциақәа ҩба – «Башкаԥсаратәи археологиатә семинар», «1986-1987 ш. ш. рзы имҩаԥгаз аетнографиатәии антропологиатәии ҭҵаарақәа рылҵшәақәа ирызкны Зегьеидгылоутәи аҭҵаарадырратә сессиа».

СССР ахыбгалара, уи ашьҭахьҵәҟьа излагаз Қырҭтәыла агрессиа, ақырҭуа ир еибашьрала Аԥсны рақәлара, шықәсык инеиҳаны ицоз Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра, аҳтнықалақь Аҟәа аӷа инапаҵаҟа аҟазаара – ишьаарҵәыраз арҭ ахҭысқәа зегьы Аԥсуа институт азы итрагедиа дуны иҟалеит. 1922 шықәса 22. 10. рзы Қырҭтәылатәи арбџьар мчқәа аоккупациа ззыруз аҳҭнықалақь аҿы ирыблит Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа; инықәыццышәаа ицеит урҭ рыҩныҵҟа иҵәахыз зегьы: архивтә фондқәа, иуникалтәу абиблиотека, аусзуҩцәа рнапылаҩырақәа, аҭыжьра иазырхианы иҟаз аҵарауаа русумҭақәа уҳәа уб. иҵегьы ирацәаны. Аибашьраан аԥсадгьыл ахьчараҿы иҭахеит аинститут аусзуҩцәа – М. Х. Хәарҵкьиа, В. Ф. Быҭәба, Л. М. Кәаӷәаниа. Аҟәа иалаханы иҟаз аинститут аусзуҩцәа В. Г. Арӡынба дызхагылаз Аԥсны ахьчаҩцәа иаартны ирықәыӡбарц азы аоккупациатә мчқәа изныкымкәа ишрықәмақархьазгьы, уи рзалмыршеит. Акраҵанакуан усҟан Аҟәа иаанханы иҟаз адиректор ихаҭыԥуаҩ В. В. Дарсалиа иникылаз ипозициа.

1992-1993 ш. ш. рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа иалагеит аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: иҿыцны ишьақәыргылатәын аҭҵаарадырратә библиотека афондқәа. Уи аиқәыршәараҿы ацхыраара ду ҟарҵеит Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә академиа асистема иалахәу Мрагылараҭҵаара Аинститут, А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература Аинститут, Архологиатә Институт, Н. Н. Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститут, иара убас Мрагыларатә жәлар рҟазара Амузеи, Пиотр Ду ихьӡ зху антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьессиеи, Ҟабарда-Балкариеи рреспубликақәа ринститутқәеи руниверситетқәеи, Ростови, Ставрополи, Краснодари атәылаҿацәқәа рҿы иҟоу аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа. Хаз игоу ԥыҭҩык аҵарауаагьы ҳамҭас аинститут иарҭеит рхатәы библиотекақәа (н. Г. Волкова, А. Х. Халиков).

Урҭ ашықәсқәа рзы нап аркын имариамыз аинститут аиҭашьақәыргылара апроцесс: аматериалтә-техникатә база, архив; иалыршан имаҷымкәа аҭҵаарадырратә процессқәа раларҵәара: Аԥсны аҵакырадгьыл аҩныҵҟа археологиатәи аетнологиатәи еқспедициақәа, жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститут иатәуи аконференциақәа, аишәа гьежьқәа уҳәа убас егьырҭ аусқәа рымҩаԥгара. Акыр иазҳаит аԥсуаҭҵаара иазкны иҭыҵуаз аҭҵаарадырратә литература ахыԥхьаӡара; аинститут аҿы иаартын иҿыцу аструктуратә ҟәшақәа: аполитологиеи аконфликтологиеи, аенциклопедиеи, ахыҵхырҭеи, аспирантуреи рыҟәшақәа.

Урҭ ашықәсқәа рзы акьыԥхь збаз аҭыжьымҭақәа рыҟнытә, хазы игоу авторцәа рышәҟәқәа рыдагьы, иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аколлективтә монографиақәа, аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа. Аколлективтә монографиақәа рҟнытә иалукаар алшоит: «Ҳаамҭазтәи Аԥсны ақыҭа: асоциалтә-етнографиатәи антропологиатәи аҭҵаарақәа» (2006; Н. А. Дубова, В. И. Козлов, А. Н. Иамсков рредақторрала), «Кавказ ажәларқәа» рсериаҿы Британиа иҭыжьыз ашәҟәы «Аԥсуаа» (1999ш. ,аиқәыршәаҩ Џь. Ҳиуитт), Миклухо-Маклаи ихьӡ зху аетнологиеи антропологиеи Ринститути Аԥсуаҭҵааратә институти еицдырхиаз, нас «Ажәларқәеи акультуреи» асериаҿы иҭыжьыз «Аԥсуаа» (1-тәи аҭыжь. – 2007, 2-тәи - 2012ш. ш. ; атакзыԥ. аредакторцәа Иу. Д. Анчабаӡе, Иу. Г. Аргәын), «У111-Х1 ашә. рзы Аԥсуа аҳра аҟазара» (2011; аҭакзыԥ. Аредактор, аиқәыршәаҩы Е. Иу. Ендольцев), «Азиеи, Кавкази Урало- Поволжиеи. 1-тәи атом. Аԥсны» (2013; аҭакзыԥ. Аредактор А. Иу. Скаков). Архивтә документқәеи аматериалқәеи кьыԥхьын аҭыжьымҭақәа: «1917-1921 ш. ш. Аԥсны ахақәиҭратә ҵысра алахәцәа. Кьаразааи, Агвардиаҟаԥшьааи, апартизан ҟаԥшьааи ргәалашәарақәа» (2007; аиқәыршәаҩы А. Е. Кәыпраа, А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи (1803 – 1839) Аԥсны аҭоурых. Адокументтә материалқәа реизга», 3- томк: (1 атом. 2008; аиқәыршә. Гь. А. Ӡиӡариа), «ХУ111-Х1Х ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1762-1859)» (2-тәи атом, 2011; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Х1Х-тәи ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых иазку аматериалқәа. (1863-1874)» (3-тәи атом. 2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, С. Шь. Салаҟаиа,А. Ф. Аҩӡба), «Аԥсны. Адокументқәеи аматериалқәеи (1917-1921 ш. ш. )» (2009; аиқәыршә. Р. Х. Гәажәба), «Аԥсны асоветтә аамҭазтәи аҭоурых иазку аматериалқәа», 3-томкны: 1-тәи атом – Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) Ақыҭа. Ақыҭанхамҩа» (2012; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа, 2-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. ) . Жәлартә ҵарадырра. Акультура. Аҭҵаарадырра» (2012 ; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), 3-тәи атом - Аԥснытәи ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931 ш. ш. )» (2016; аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа), «1992-1993 ш. ш. рзы Ареспублика Аԥсны амедицинатә маҵзура» (Адокументқәеи аматериалқәеи» 2018; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба, Е. Г. Гегиа).

Акьыԥхь рбеит апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟнытә аматериалқәа зныз ашәҟәқәа: «Аԥсни аԥсуааи Урыстәылатәи апериодикаҿы (Х1Х – ХХ ашә. алагамҭеи)», 2- шәҟәык (1-тәи ашәҟәы 2005; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба, 2-тәи ашәҟәы – 2008; аиқәыршә. Р. Х. Агәажәба,Ҭ. А. Ачыгәба) , «Агазеҭ «Аԥсны» (1919-1921 ш. ш. )» (2006, акьыԥхь азырх. В. Ш. Аҩӡба), «Агазеҭ «Республика Абхазия». 1992 ш. нанҳәа 14 – 1993 ш. цәыббра 30» (2017; аиқәыршә. А. Ф. Аҩӡба,В. З. Чамагәуа), «Агазеҭ «Конфедерация», 1992-1993 ш. ш. » (2018; аиқәыршә. Л. Р. Ҳагба, А. Ф. Аҩӡба).

Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥгаз жәларбжьаратәи, ареспубликатәи, аинститутә конференциақәеи аԥхьарақәеи ирыбзоураны иҭыжьын хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә статиақәа реизгақәа, урҭ иреиуоуп: «Кавказтәи абызшәадырреи афольклорҭҵаареи ҳаамҭазтәи рыпроблемақәа. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор К. С. Шьаҟрыл диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (лаҵара 28-30 1999ш. Аҟәа» (2000; аҭакз. Аред. Л. Р. Ҳагба), «Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. Лаҵара 28-31 2001 ш азы имҩаԥгаз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, Аҟәа» (2004; аҭакзыԥ. Аредактор В. Ш. Аҩӡба), «Амилаҭтә культурақәа ҳазҭагылоу аамҭазы: Алитература. Афольклор»). 2003ш. жьҭарамза 22-26 ш. азы Аҟәа имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2012; аҭакзыԥх. аредактор А. И. Чагин, В. Ш. Аҩӡба, А. А. Бигәаа), «Актәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказ амшынеиқәаҿықәтәи ажәытәӡатәи акультурақәа, урҭ ргәыларатә регионқәа ркультурақәеи дареи реигәныҩра. Акультуратә ҭынха аиқәырхара. . Иу. Н. Воронов игәалашәара иазкны». (2006; аҭакзыԥ. аредактор В. В. Бжьаниа), «Аҩбатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа. Кавказтәи ажәытәӡатәии абжьарашәышқәсатәии археологиа апроблемақәа. М. М. Ҭраԥшь игәалашәара иазкны. 2008ш. абҵара 8-12, Аҟәа» (2011; аҭакзыԥ. Ардеактор А. Иу. Скаков), «Актәи Жәларбжьаратәи Инал -иԥа иԥхьарақәа (2007ш. жьҭаара 9-12, Аҟәа)» (2011; аҭакзыԥ. аред. Ҭ. А. Ачыгәба), В. Г. Арӡынба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа, «З. В. Анчабаӡе диижьҭеи 90 шықәса иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа (2010ш. лаҵара 27-28, Аҟәа)» (2012, аредактор хада С. Шь. Салаҟаиа), «Ахԥатәи Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциа, Кавказ ажәытәӡатәии абжьарашәышықәсатәии археологиа апроблемақәа. 2011 ш. абҵара 28 - ԥхынҷкәын 1, Аҟәа). Г. К. Шамба игәалашәара иазкны» (2013; аҭакзыԥх. аредактор А. Иу. Скаков), «Кавказ имҩаԥысуаз аибашьрақәа – аҭоурых аҵатәхәқәа. 1992-1993 ш. ш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. 2012 ш. абҵара 11-12, Аҟәа» (2014; аҭакзыԥх. аред. С. Шь. Салаҟаиа), «Амилаҭтә культурақәа ҳаамҭазы»: Алитература. Афольклор. (В. В. Кожинов игәалашәара иазкны). Аҩбатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа. 2012 ш. жьҭаара 15-18 2012 ш. Аҟәа» (2015; аҭакзыԥх. аред. В. А. Бигәаа, В. Ш. Аҩӡба), «Аибашьреи аҭынчреи Кавказ аҭоурых аҿы. 1992-1993 шш. азтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра 20 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла. (2013ш. Жьҭаара 24-26, Аҟәа» (2016; аредколлегиа), «Аҩбатәи Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2011ш. жьҭаара 11-13, Аҟәа» (2016; аҭакз. аред. В. Л. Бигәаа), «Кавказ Х1Х-ХХ-тәи ашәышықәсқәа рзы аҭоурыхтә еиҭакрақәа раан; аполитикатә, асоциалтә,аинтеллектуалтә ҭоурых ирызку апроблемақәа. Г. А. Ӡиӡариа диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа (2014ш. лаҵара 5-7, Аҟәа) (2016; аредколлегиа), «Аԥсны адунеитә ҭоурых аҿи жәларбжьаратәи аизыҟазаарақәа рҿи». Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. В. Г. Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны (2015ш. лаҵара 14-17, Аҟәа ақ. )»(2016; аҭакзыԥх. аред. А. Иу. Скаков), «Ахԥатәи жәларбжьаратәи Инал-иԥа иԥхьарақәа. 2016ш жьҭаара 4-6, ақ. Аҟәа» (2017; аҭакз. аред. Иу. Д. Анчабаӡе), Идыру археолог-кавказҭҵааҩы Л. Н. Соловиов игәалашәара иазкны «Кавкази Аԥсни ажәытәӡани абжьаратәи ашәышықәсқәеи рзы: акультурақәа реигәныҩра» зыхьӡу 1У –тәи Аԥснытәи археологиатә конференциа аматериалқәа. (2013 ш. абҵара 26-30, Аҟәа)» (2017ш. Аредактор хада А. И. Џьапуа), афольклорҭҵааҩы, еицырдыруа нарҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы А. А. Аншба игәалашәара иазкны жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа: «Кавказ ажәларқәа рфольклор: аҭоурыхтә ҭынхеи ҳаамҭатәи абзазаашьеи»(2016ш. жьҭаара 24-27, Аҟәа ақ. » (2019 ш; аҭакзыԥх. аредактор Ц. С. Габниа).

Иахьатәи аамҭазы Аԥсуа ҭҵааратә институт аҿы иҟоуп аҟәшақәа 8: абызшәатә, афольклортә, алитературатә, археологиатә, аетнологиатә,аҭоурыхтә,ахыҵхырҭатә, аполитологиатәи аконфликтологиатәи; алабораториақәа ҩба адиалектологиатәии афольклортәии; аинститу аҿы иҟоуп архивтәи аҭҵаарадырратә библиотекеи; аус руеит 105-ҩык аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, урҭ рҟнытә адокторцәа – 20. ҩык, аҭҵаарадырратә кандидатцәа -27-ҩык (2019).

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Бӷажәба Х. С. Аԥсуа институт аҭоурых иазкны// Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ирызку Аԥсуа институт Аусумҭақәа. ХХХ11 атом. Аҟәа, 1961;
  • Ӡиӡариа Г. А. Аҭҵаарадырра ашәҭыкакаҷра// Аԥснытәи АССР асоветтә жәларқәа риашьаратә ҭаацәараҿы. Аҟәа, 1972;
  • Салаҟаиа Ш. Х. Аԥсуаҭҵаара ацентр ( Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт 50 шықәса ахыҵразы), Аҟәа , 1982;
  • Ҷоҷуа А. М. Иалкаау арҿиамҭақәа. Қарҭ, 1987;
  • Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа русумҭақәа рҭыжьымҭа абиблиографиатә рбага (1925-2000) / аиқәыршәаҩ: Е. В. Марганиа, Л. Д. Наҷҟьебиа. Аҟәа, 2001; В. Ш. Аҩӡба Д. И. Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥсуа институт: аҭоурых, апроблемақәа, аперспективақәа// Кавказ: аҭоурых, акультура, атрадициақәа, абызшәақәа. (Аԥсуа Ҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа гуманитартә аҭҵаарадырратә институт 75 шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа аматериалқәа рыла, 2001 ш. лаҵара28-31, Аҟәа2003 ш;
  • ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара рҭҵаарадырратә усумҭақәа рбиблиографиатә рбага (1979-2004). (Аиқәыршә. Ш. С. Гәарамиа)). Аҟәа). Аҟәа, 2011; Асоветтә ҟәша иаҵанакуа Аԥсны аҭоурых аматериалқәа. Аԥсны ССР актәи ажәашықәсазы (1921-1931ш. ш. ). Жәлартә ҵара. Акультура. Аҭҵаарадырра. Атехникатә ааглыхра. (Аиқәыршә. А. Е. Кәыпраа). Аҟәа, 2015;
  • Арӡынба В. Г. Қырҭтәылатәи Аҭҵаарадырратә академиа иаҵанакуа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи рзы Аԥсуа институт аперспективақәеи апроблемақәеи
  • Арӡынба В. Г. Аусумҭақәа реизга. Х-томкны иҟоу. 11 атом. Кавказтәи амифқәеи, абызшәақәеи, аетносқәеи. М. Аҟәа, 2015.