Гелаҭтәи аберҭыԥ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Анхарҭаҭыԥ
Гелаҭтәи аберҭыԥ
გელათის მონასტერი
Атәыла Қырҭтәыла Қырҭтәыла
Акоординатқәа 42°17′41″ ҩ. ҭ., 42°46′5″ мг. н.
Ашьақәгылара 1106 ш.
Ақәӡара 4,2 ha
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Аофициалтә cаит http://whc.unesco.org/en/list/710
Карта

Гелаҭтәи аберҭыԥ (ақырҭ. გელათის მონასტერი ) — Игылоуп Қәҭешь аҩада-амрагыларала 11 км. аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны. Иргылоуп 1106 шықәсазы, Давиҭ Аӷмашьенебели-(Аргылаҩ)иалахәыларала. Иаакәыршаны абаагәара амоуп. Ансамбыль иалоуп еиуеиԥшым аамҭа иатәу (еиҳарак XII-XIII- тәи ашәышқәсақәа) аргыларақәа.

Гелаҭтәи аберҭыԥ

Акомплеқс[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара аладала, аҩналарҭа хадала, Давиҭ Аӷмашенебели иҳаҭгәын ыҟоуп. Гелаҭтәи аберҭыԥ Аҳратә ҭаацәара рхатәра ауп, рыԥсыжьырҭа акәын, ҵакырала ааигәа иҟан аҳра аполитикатә центр аҟнытә- Қәҭешь азааигәара. Араҟа анышә иамоуп еизаку Қырҭтәыла аҳцәа зегьы: Давиҭ IV –тәи Аӷмашьенебели, Деметре I-тәи, Гьаргь III-тәи, Ҭамари III-тәи (Ҭамари лҭоурыхҭҵааҩцәа рдыррала) уб.егь. Имереҭтәи Аҳцәа: Баграт III-тәи, Гьаргь II-тәи, Гьаргь III-тәи, Гьаргь VI-тәи, Алеқсандр V-тәи, Соломон I –тәи уб.егь. Гелаҭтәи аберҭыԥ акыр ибеиаз афеодалтә сениора дыҟан. Уи илымпыҵакын лхатәра акәын акыр идуыз адгьыл. Анхамҩаҿы аԥыжәара аман адгьыл аус адулара, аҿиара змаз аӡахәааӡара, аҩы, ацха, ацәашьы, арахәааӡара –аџьармыкьтә аагалыхра аберҭыԥ аԥара рацәа алҭон.

Гелаҭтәи аберҭыԥ

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп. XII-XV –тәи ашәышқәсақәа рзы Гелаҭтәи аберҭыԥ ианашьан инагӡаз автономиа, иазханаҵон аҳ изин мацара. Қырҭтәыла акатоликос-апатриархгьы иарбынзаалак зин имаӡамзт (апап иԥшьара ада). Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны аҳ ихатәы хаҭарнак диман. Аберҭыԥ аиҳабыра аберҳәсақәа, аԥыжәа-иԥыжәа аҳ еилак иалахәыз ҳәа иԥхьаӡан. XIII-тәи ашәышқәса II –тәи азбжаз, XV-тәи ашәышқәсазы атәыла аҟны аполитикатә-аекономикатә амаҷхара иахҟьаны (амонголцәа, Ҭемурленг иқәыларақәа, аҩнуҵҟатәа афеодалтә аибарххарақәа, адгьылқәа разықәԥара) Гелаҭтәи аберҭыԥ аекономикатә, акультуратә бзазара еиҵакит. Уи ажәытә аҭагылазаашьа хәҭак еиҭашьақәиргылеит Гьаргь Алаша. Қырҭтәыла аполитика аилаҳара (XV шәышқәса II азбжа) аамышьҭахь Гелаҭтәи аберҭыԥ амраҭашәаратәи Қырҭтәылатә аҳцәа рнапаҵаҟа ахь ииасит. 1510 шықәса абҵара 23 уи ирблит Имереҭи иажәылаз аосманцәа рар. Имераҭтәи аҳцәа Баграт III-тәи Гьаргь II-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны акыр ирҭбааз анхамҩатәи, аргыларатәи аусқәа мҩаԥыргеит – шьагәыҭла еиҭаҟарҵит, асахьаҭыхрақәа дырҿыцит, ирбгаз, икажьыз ауахәама-аеквдерқәа, аберҭыԥ иарҭит аҿыц адгьылқәа. Баграт III-тәи иаамҭатәи Гелаҭи «Иҩынтәи иргылаз» ахьӡырҵеит. Уи иган аҟны игылан Гелаҭтәи аҷкәындар Мелқиседек Саҟварелиӡеи, амраҭарәаратә Қырҭтәыла акатолик-апатриарх Евдемон Чхетиӡе. XVI-тәи ашәышқәса 20- тәи ашқәсқәа рзы Баграт III-тәи Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы аепископтә кафедра шьақәиргылеит, уи акыр ишьҭнахит аберҭыԥ аполитикатә-аморалтәи, аекномикатәи ҭагылазаашьа. XVI –тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы амраҭашәаратә Қырҭтәыла акатоликос-апатриархратә арезиденциа Пицундатә Гелаҭиҟа ииаргеит. XVIII –тәи ашәышқәса инаркны Гелаҭтәи аберҭыԥ аҿы акырӡа иҭбааз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥыргеит Гьаргь VI-тәи, Алеқсандре V-тәи, Соломон I тәи, Соломон II-тәи, Гелаҭтәи аҷкәындарцәеи. XVIII –тәи ашәышқәсаз Урыстәылатә аимпериа ала Аҳра аԥырхра аамышьҭахь (1810) ашьҭахь Гелаҭи аберҭыԥ аҟны идуыз арҿиаратә усурақәа ирылагит. Еиуеиԥшымз аамҭазы араҟа аусура наргӡон Арсен Иҟалҭотәи, Иоан Петриҵи, Арсен Булмаисимисӡе, Петре Гелаҭтәи, Евдемон Чхетиӡе (1557- 1578), Еқвҭиме Саҟварелиӡе (1578-1616), Гедеон Лорҭқиԥаниӡе (XVII шәш.), Антон I-тәи, Зақариа Габашвили уҳәа уб.егь. 1923 шықәсазы Гелаҭтәи аберҭыԥ адыркит. Уажәы азы уи Қәҭешьтәи аҳәынҭқарратә аҭоурых-етнографиатә амузеи аҟәша ауп.

ЕАА –қәа рацхыраара[аредакциазура | акод аредакциазура]

2003 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа Еиду Америкатә Аштатқәа ацҳаражәҳәарҭа афонд Гелаҭтәи аберҭыԥ акомплеқс иазкны апроектқәа хәба афинансркра ҟанаҵит. Еиуеиԥшымз апроектқәа 2003, 2012, 2013, 2014, 2016 ашықәсқәа рзы имҩаԥган. Ахыннатә, 2003 шықәсазы, аберҭытә аҭӡысахьақәа арестоврациа рызура шьақәыргылан, адиагностикатә ҭҵаарақәа мҩаԥган. XII-XVIII-тәи ашәышқәсақәа рыла имшарбоу аҭӡысахьақәа рыҭҵаареи, иԥхасҭаз аусрыдулареи рыӡбит, хықәкыс иаман зыԥштәы хыббыз, акәыкәбаачымазарақәа, аҭӡысахьақәа рҿы аџьыкхыштә кристаллизациа аус адулара. Аҭҵаарала ишьақәыргылан, Гелаҭтәи Анцәадзыхшаз Мариам ацқьа егвтертәи аҭыӡсахьа зынӡа аныӡӡара аҟнынӡа инеины иҟан. 2012 шықәса, ацҳаражәҳәырҭа ала афинансрка зыҭаз апроект аҟазаратә жәларбжьаратәи ацентр ала имҩаԥган, егьырҭ аконсервациатә усурақәа рымҩаԥгареи, иара убас архитектортә аструктура хырԥара змамз аҭышәынтәалара, ашьыхреи, аҿаханҵақәеи рҿыгҳақәа рырӷәӷәара, аџьыкхыш амхра анагӡара азԥхьагәаҭан. 2013 шықәсазы, ацҳаражәҳәаҩ ифонд Гелаҭтәи аберҭыԥтә комплеқс архитектуратә структура ареабелитациазы, анышәаԥшьлых ала ахыбра, ахақә ҟьаԥсқәа ррыцқьаразы, аҭӡысахьақәа рхылаԥшразы, хырԥашьа змам аконсервациа азын, иара убас егьырҭ аусурақәа рымҩаԥгаразы 600 000 $ алнахит. 2014-2016 шықәсқәа рзы ацҳаражәҳәаҩ ифонд, аберҭыԥ ареабилитациазы даҽа ҩ-проектк мҩаԥнагеит.[1]

Гелаҭтәи аберҭыԥ

Архитектура[аредакциазура | акод аредакциазура]

Анцәа дзыхшаз лылацәеиқәԥсара ахьӡ зху аҟәырӷ зхагылоу аныхабаа хада ҩ-шьаҟаки, аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ирықәгылоу аҟрыӷ амоуп, амрагыларатәи аган ала х-кыцак змоу иԥыҳәҳәоу абсида. Ауахәама азын еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы аԥыршьит: амраҭашәаратә аган- стоа, амрагыларатәи, аҩадала аеквдерқәа. Аныхабаа аҵакыра иаваргылақәоу налаҵаны 35 м. x 36 м, агылара 34 м. иаҟроуп. Адәахьала аныхабаа иҩычоуп еклартәи ахаҳәцәы ала, анаҿаԥшырсҭақәа акыр ицәгәьоу аритм змоу арԥшӡагатә ахыргьагьақәа рыла, зынӡагьы аџьоуҳар амашәа ауп ишыҟаҵоу. Иҭбаау ибзианы ирлашоу аҩнуҵҟатәи аҭыԥ аныҳәаратә нырра унаҭоит. Аҭӡы-камарақәа еизакны ихҩоуп еиуеиԥшымз аамҭақәа рзы иҟаҵаз асахьаҭыхрақәа рыла. Аныхабаа хада Амрагылара аган ала XII –тәи ашәышқәсатә Гьаргь ацқьа ихьӡ зху уахәамоуп. Аплани аформеи рыла уи аныхабаа хада еиԥшуп, аха еиҳа уи аҵкьыс ихәҷуп. Аҩнуҵҟа аҭыӡқәа хҩоуп XVI –тәи ашәышықәсазтәи асахьақәа рыла. Аныхабаа хада инадганы 9 м. игылоуп XIII-XIV-тәи ашәышықәса иатәу Николоз ацқьа ихьӡ зху ҩ еихагылак змоу ауахәама. Ҵаҟатәи аихагыла акәакь иаша амоуп, аԥшь-ҭӡы ахыргьагьа ала иаартуп, аҩбатәи аихагыла аџьар еиԥшу ауахәама хәҷы ауп. Аныхабаа хада аҩада амраҭашәарала XIII-тәи ашәышықәсатәи асаркьал асырҭа, уи ҵаҟатәи ахәҭа – ахыргьагьақәа рыла иаарту ахаҳәтә амчандыр- ахыҵхырҭа аваргылоуп. Уи аханы ацәахырҭа хәҷы амоуп, еиҳа ишьҭыхны, хыхь- асаркьал. Гелаҭтәи ансамбыль иалоуп академиа, ҳара ҳаҟнынӡа арбгара аҳасаб ала иааит. Акәакь иашала иргылоу аргылара (аҵакыра 300 м2 .) амрагыларала х-ҩналарҭак аман. Насшәа абжьаратәи аҩналарҭа ибеиаз ирԥшӡаз агәашә ҿарҵит. Аҭӡамцқәа рҟны ахаҳәлых тәарҭақәа аман. Аргылара аԥенџьр ду иарлашон, аҭӡамцқәа асахьақәа рнын.

Аҭӡынҵара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аныхабаа хада аконза аҟны иануп еицдыру Гелаҭтәи амозаика, амраҭашәаратә стоиа аҟны XII –тәи ашәышқәса аҭӡысахьақәа, уаҟа иануп ауахәаматә аизара, амрагыларатә аеквдер аҟны –Давиҭ Нарин ҩба, XIII –тәи ашәышықәса иҭыхыз ипатреҭқәа. Аҭӡынҵара изныкымкәа ирҿыцын. Ҷыдала азҿлымҳара аҭатәуп аҭоурыхтә хаҽқәа рпатреҭқәа (XVI шәш.): аҩадатә аҭӡы аҟны иануп Имераҭтә аҳ иҭаацәа рхаҭарнакцәа. Иара абраҟа Давиҭ Аӷмашьенебели аҭӡысахьатә ипатреҭ, уи заанаҵатәи асахьаҭыхҩцәа рҭыхымҭа акәхап, аха XVI-тәи ашәышықәсазы еиҭарҿыцын ажәытә сахьа иақәырԥшны.

Гелаҭтәи аберҭыԥ

Аҭынха[аредакциазура | акод аредакциазура]

Гелаҭтәи аберҭыԥ аҟны ишьҭоуп даараӡа ибеианы ирҩычоу, аминиатиурақәа рыла ирԥшӡоу ақырҭуа анапынҵарақәа, уи афонд ду ажәытәынгьы иҟан, иара убас ақырҭуа ачаԥаратә ҟазара иатәу рацәа иџьашьахәытәиу аусумҭақәа (иаҳҳә. Хахулит Анцәадзыхшаз лныха). Гелаҭтәи аберҭыԥ абаагәара инахыганы 150 м. аҟны, уи аҩада-амрагыларала, иаанханы иҟоуп сахастертәи аберҭыԥ ( икыдгылоз аберцәа рынхарҭа) арбгарақәа. Аберҭыԥ алада-амраҭашәарала ишьыху ахәы аҟны Саба ацқьа ихьӡ зху азал ԥшра змоу уахәама (X-XI шәш.шәш.) арбгарақәа. Уи иазааигәаны, амҩа инахыганы Илиа ацқьа ихьӡ зху ауахәама. Инаскьаганы, аӡиас Ҵҟалҵиҭела аҩхаа аҟны «Мыс Давиҭ» ҳәа изышьҭоу, аӷа иҟнытә аберҭыԥ ахьчараз, идуу игьажьу абааш арбгара.[2].

Акультуратә баҟа[аредакциазура | акод аредакциазура]

1994 шықәсазы Баграт иныхабаа иацны ироуит Иунеско адунеи аҭынхатә баҟа астатус. 2006 шықәса абҵара 7, ианашьан Қырҭтәыла акультура амилаҭтә ахадара змоу акатегориа абаҟа астатус. 2010 шықәса Багра иныхабаа излагахьаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны ианашьан ашәарҭа иҭагылоу абаҟа астатус, уи иара убас Гелаҭтәи аберҭыԥгьы ианашьан. 2010-2017 шықәсқәа рзы ианын ашәарҭа иҭагылоу абаҟақәа рсиа, асиа аҟнытә иалырхит 2017 шықәса ԥхынгәын 10. 2017 шықәса инаркны Баграт иныхабаа аҟнытә ихьԥшымкәа иҭаҩуп адунеи аҭынха асиа аҟны.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • ციციშვილი ი., ლომინაძე ბ., მენაბდე ლ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 3, თბ., 1978. — გვ. 37.
  • Элемент маркированного списка
  • ლომინაძე ბ., გელათი, თბ., 1955;
  • მისივე, გელათი (მეგზური), თბ., 1959;
  • Меписашвили П. С., Архитектурный ансамбль Гелати, Тб., 1966;

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]