Ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Ақәранҵыра ду змоу ауаҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп 90 шықәса ирҭысхьоу дарбанызаалак. Ус еиԥш ауаҩы иҟазаара документла ишьақәырӷәӷәазар ауп. Ус еиԥш иҟоу документқәоуп аиразы аршаҳаҭга, мамзаргьы ауахәаматә шәҟәқәа рҿы иҟаҵаз анҵамҭақәа. Ауаҩы ақәра ду шниҵыз азы адыррақәа агеронтологцәа рыҭҵааратә гәыԥ еиԥш иҟоу аиҿкаарақәа ашәҟәы иҭаргалоит.

Анкьа ауаа рықәра иаша ашьақәыргылара цәгьан, иҟан уи иацызҵозгьы, ианиҵәҟьаз ианаамҭаз ашәҟәы иахьҭагаламыз иахҟьаны. Аҩажәатәи ашәышықәсазы 10.000-ҩык ауааԥсыра рахьтә хәҩык ақәра ду нызҵыз, шәышықәса ирҭысыз ауаа ыҟазҭгьы, иахьатәи аамҭазы ари ахыԥхьаӡара 69–82% рҟынӡа илаҟәит. [1]

Изусҭцәада ақәранҵыра ду змоу ауаа?[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны – иуникалтәу ҭыԥуп Адгьыл аҟны, ара адунеи егьырҭ акәакьқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар, ақәранҵыра ду змоу ауаа еснагь рхыԥхьаӡара рацәан. Инхо ауааԥсыра жәа-нызқьҩык рахьтә хәҩык шәышықәса ирҭысхьаз ракәын.

Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны еснагь инхон милаҭрацәала ауаа. Аха, ақәранҵыра ду аганахь ала, ара аԥсуаа ираԥызго ыҟам. Агеронтологцәа ишазгәарҭо ала, ари афеномен аҭыԥантәи аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа рахь ашьцылара амазаара ауп еилкаарас иамоу, уи абиԥара еимырдон. Аԥсуаа рыҟны ауаа инеиԥынкыланы ауп ражәра шааиуа, уиаан дара рцәеижьи, мамзаргьы, даҽа органқәак алкааны иажәуам. Аԥсуа быргцәа инырҵыз рымзартә қәра аасҭа, рбиологиатә қәрала уахәаԥшуазар, еиҳа иқәыԥшуп. Ишырҳәо еиԥш, ркан бзиоуп.

Аспециалистцәа ишазгәарҭо ала, зегь реиҳа ақәранҵыраҟны ихадароу факторуп хылҵшьҭралатәи агенетика. Аӡәырҩы аԥсуаа рани раби, рандуи рабдуи шәышықәса ирҭысыз маҷҩым. Аԥсуаа – риммунитиет ӷәӷәан. «Аԥсҭазаара алыршара аген» хылҵшьҭрала ироуеит. Аԥсны ииз-иааӡаз аԥсуаа лассы-лассы ичмазаҩхомызт.[2]

Ҭоурыхла иуҳәозар, Аԥсны еснагь ақәранҵыра ду змоу ауаа рыла ибеиан. Урҭ рҭоурыхқәа, рықәранҵыра ду мзызс иамоу ҭызҵаауаз адунеи аҵарауаагьы маҷҩым.

СССР ахаан 500-нызқьҩык иреиҳамкәан ауаа ахьынхоз аҭыԥ аҟны иазгәаҭан 3000-ҩык рҟынӡа рықәра даара ишдууз. Аԥсуаа рыбжьара аҩажәатәи ашәышықәса азы зегь реиҳа ақәранҵыра ду змаз иреиуан:

Аԥсуа қәранҵыра ду нызҵыз зегьы гәацԥыҳәарала аԥсҭазаара иалахәын. Иаагозар ҿырԥштәыс, Осман Џьениа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа аколхоз аҟны аус иуан. Кәтол ақыҭан инхоз Хьфаф Лашәриаԥҳа лакәзар, лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсазы ачаи ахьхылхуаз анаҩсгьы, адунеи зегьы аҟны еицырдыруаз абыргцәа рансамбль «Нарҭаа» далахәын.

Аинтерес аҵоуп даара Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны Кәрыжәаа рышьҭра нхон ҳәа иҟоу адыррақәа, ари ашьҭра ауаа зегьы 200 шықәса инацны рыԥсы ҭан ҳәа азгәарҭоит.

Ԥақәашь ақыҭан инхо Џьата Наҷҟьебиа, 130 шықәса зхыҵуаз, игәылацәа иқәра ианазҵаауаз дахыхәмарны абас еиԥш аҭак ҟаиҵон: «Сара имԥсуа абааш Мур-Абаа сақәлоуп» ҳәа. Аԥсуа ҵарауаҩ С.П. Басариа идыррақәа рыла, ари ԥақәашьтәи Мафусаил иан аԥснытәи аҳәса рыбжьара ақәранҵыразы зегьы дреиҳан, уи 200 шықәса инарзынаԥшуа инылҵит. Лара Аԥсны абжьыуаа рыҟны абас еиԥш лзырҳәон: «Абырг, Џьата Начҟьебиа иан, дзымԥсуа, ҽнак зны жәҩангәашәԥхьара лбеит азоуп ҳәа».

1953 шықәса мшаԥымза 15 рыҽны агазеҭ «Известиа» аҟны адырра ҟаҵан, Самырзаҟан иаҵанакуа Гал 132 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ҳәа зегь реиҳа қәрала еиҳабыз Қьецба Ҭлабган ҳәа, иара азеижәтәи ашәықәықәсазтәи ахҭысқәа акыр дырхаанын. Иара иоуп раԥхьаӡа Гал инхаз, ихылҵшьҭра ракәзар, 135-ҩык иреиҳан. Иқәра акыр ишнеихьазгьы, абырг ибзианы иаҳауан, иблақәа ирбон, агәырҵҟәыл бзиа иман, шәышықәса раԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа зегьы игәалашәон.[3]

Маӡас иаҵоузеи ақәра ду?[аредакциазура | акод аредакциазура]

Жәаҳәарада, аԥсуаа рықәранҵыра ду амаӡақәа маҷым, зегь раԥхьа иргыланы, дара ахьынхо аԥсабаратәи аҳауатәи ҭагылазаашьақәа, рыфатә, ирҟазшьоу агәҭынчра уҳәа абарҭқәа зегьы ауаҩы иқәранҵыра иацырҵоит ҳәа рыԥхьаӡоит аҵарауаа. Насгьы, ара амшын ааигәоуп, ашьха ҳауа уҳәа аҭагылазаашьа бзиақәа маҷым.

Аԥсуаа дара реиҿартәышьала изцымыз, изгыз уаан еснагь, реинаалашьа, рычаԥашьа ҳәсеи хацәеи алшара рнаҭон анхаразы – ус аҟазаара хымԥадатәин, иара убасгьы, ашәарыцара маншәалазы (ауаҩы деилҟьа - еилӷәыцәӡа дыҟазар акәын), аҳәса ракәзар, аҭаацәара ду ныҟәыргон, аҩны усқәа рацәаны ирыман аҟнытә, урҭгьы еилҟьаӡа иҟазар акәын. Иара убасгьы, иазгәаҭатәуп аҳәса даара реиҿартәышьа ишацклаԥшуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, аԥҳәызба лыкәашараҿы лычаԥашьа бзиазар акәын.

Аԥсны жәытәнатә аахыс изцыз ауаа агәамбзиара змоу рахь ирыԥхьаӡон. Иҟан уи иацназгоз ажәаԥҟагьы «зымгәа азага ззымдыруа ихы дацәыԥхашьо дҟалоит» ҳәа зҳәоз.[4]

Ақәранҵыра рацәа змаз аԥсуаа рыҭҵаара аан аҵарауаа ишьақәдыргылаз фактқәоуп, дара еснагь рҭыԥ иахымҵкәан џьарак иахьынхоз, еснагь ирдыруаз уск ахьынарыгӡоз, рыкрыфара акәзар, знык ирфашаз акәын иҟарҵоз, ирфозгьы дара иаадрыхуаз акәын.

Аԥсуаа ирҟазшьа ҷыдоу ааҭышәантәалара, дара уи ргәалаҟазаара бзиа мзызс иамоу акакәны иԥхьаӡоуп. Еиҭакра змам рымшеихша- ракрыфара, русура, рыԥсшьара уҳәа рҟны рхы-ргәы арҭынчуеит, уи иабзоуроуп рықәранҵыра дугьы.[5]

Ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рыкрыфара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа рыкрыфара - чара аҟны еиуеиԥшымыз аалыҵ рхы иадырхәон, аха еиҳа аԥыжәара арҭон аҵиаақәа. Еснагь ирфоз хкуп абысҭа, уи аԥш лаганы ируан.

Абысҭа ауаҩы ицеи икьатеии русура даара иацхраауеит. Иазгәаҭатәуп аԥш ишалоу криптофан ҳәа захьӡу аминокислота. Уигьы ақәранҵыра ду змоу аԥсуаа рфеномен иадҳәалоуп иԥхьӡоуп.

Егьырҭ аҵиаа иалху афатәхкқәа аҭыԥантәи ауааԥсыра аҟәыд, ахәыл абӷьы, акапусҭа, ахәац уҳәа излырхуа рацәоуп. Ауҭраҭыхқәа ирылхны - аџьыка, акакан, аххыла зырҭо ачаԥақәа ҟарҵоит.

Аԥсуаа рыфатә аҟны абнаҿы ииуа аҵиаақәагьы ахархәара рымоуп, урҭ рахь иаҵанакуеит – ахәац, аҳаршьыл, амақьындол, абадырбӷьы, еиҳаракгьы абырҷман. Даара бзиа ирбоит ахьа жәны, мамзаргьы иҵкәаны иӡны.

Абра иҳәатәуп аԥсуаа, еиҳаракгьы зықәра наӡахьоу, аџьыкхыш рацәак ишазгагам. Уи, ҳәарада, афатә аҟаҵара аҟны рхы иадырхәоит, аха еиҳарак аџьыка анырхуа иарҭо аздырхоит.[6]

Аԥсуаа ашәырқәеи аргәыцқәеи ӡынгьы-ԥхынгьы ирфоит. Урҭ рымазаара уадаҩым, избанзар Аԥсны иахьаҵанакуа хкы рацәала ашәыри аргәыци рааӡоит – аҵәа, аҳа, аҵыҵындра, ажь, [[ажьынҵәры, абиа, аца, атама, амаахыр, амыҵмыџь, алаҳа, ахәырма, амандарин, апатырқал, алимон, афеихоа уҳәа хкыла еиқәуԥхьаӡаша рацәоуп.

Аԥсуаа рыкрыфара-чара аҟны аҭыԥ ду ааныркылоит ахши ахшаалыҵқәеи. Ахш ма иршны иржәуеит, мамзаргьы харҵәны идырҵәуеит. Ахарҵәы ажәхш, аџьмахш, акамбашьхш иалырхуеит. Даара пату рзақәуп, еиҳаракгьы ашоурақәа раан ахарҵәыӡҩа, иара убасгьы ахарҵәы ацха аҭаны ирфоит. Ари афатә ахәыҷқәеи абыргцәеи рзы даара ихәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.[7]

Ирымфо арбану ақәранҵыра ду нызҵыз аԥсуаа?[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ақәранҵыра ду нызҵуа рыфатә аҟны даара имаҷны ахархәара аман ашьақар, аџьыкахыш, азеиҭынхәша, аԥсыӡ. Акәац хкқәа ракәзар, еиҳарак ирфоз баша ижәыз ажәжьи, насгьы акәтыжьи ашәишәи ажьи ракәын.

Аԥсуаа рыҟны даара ахархәара амоуп аџьыка, уи змам фатәык уԥылом уҳәар алшоит. Иара апырпыли, аххыла хкқәеи, аџыши, аџьыкхыши рыла ишьақәгылоуп. Капсацин зыхьӡу апырпыл ҟаԥшь иалоу аелемент ауаҩы ицәеижьи аусуразы даара ибзиоуп. Аџыш акәзар, ауаҩы ишьа аҟны ахолестерин ацҟьоит, уи атеросклероз аҿиара аанакылоит. Акәац ҳазыгьежьуазар, аԥсуаа рҟны ижәу аџьмажьы пату рзақәуп. Атәан иалху афатәқәа ракәзар, уарлашәарла ауп абыргцәа ишырфо. Зегь реиҳа аԥсуаа бзиа ирбо аалыҵқәоуп – аҟәыд, аԥш, акакан, аџьымшьы, аџыш, аҭыԥан иаадрыхуа ауҭраҭыхи ашәыри, насгьы ахарҵәы. Аԥсуаа ақәра ду нызҵыз рымаӡа зынӡа имариоуп. Акрыфараҟны ахынкылара, ашша рацәа змоу афатә адымкылара, рацәак ихаам, аџьыкхыш змам афатә афара - абарҭқәа роуп ауаҩы ақәранҵыра ду изҭо.

Аха иҟоуп даҽакгьы, аԥсуаа рықәра иацызҵо аҭагылазаашьақәа, уи агәҭынчреи, инамыцхәым аџьабаа ахы арбареи, аԥсҭазаарахь агәазыҳәареи роуп.[8]

Ашьха ҳауа цқьа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡан аԥсуаа рынхарҭақәа, рқыҭақәа еиҳарак ашьха иаԥнын. Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ашьха ҳауа цқьагьы ауаа рыԥсҭазаара иацнаҵон.

Ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа иаадырԥшит, Аԥсны инхо абыргцәа рыԥсыԥ лага-ҩагара даара ишырзымариоу, ррыԥҳақәа шыцқьоу. Уи инамаданы, арԥҳачымазара шмаҷыз.

Аԥсуаа рыкрыфареи, ашьхақәеи амшыни рзааиргәара рынхара анаҩсгьы, рықәранҵыра ду иацхраауеит акраамҭатәи ринтимтә ԥсҭазаара. Аԥсуа хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа ихьшәаны аҭаацәара иалалон. Ахацәа ракәзар, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рхыҵаанӡа. Аҭыԥҳацәа 25-29 шықәса анырхыҵлак.

Абри анаҩсгьы, аԥсуаа аџьа пату рзақәын. Уи рыԥсҭазаара иахәҭакын. Дара акыр инықәларгьы, аџьа рнапы алакын. Шәышықәса зхыҵуазгьы ихы дахәон, иҭаацәа ныҟәгатәыс ихы риҭомызт. Убри аҟынтә акраамҭагьы инхон.[9]

Иахьатәи аамҭазы иабанхо ақәра ду нызҵуа аԥсуаа?[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсуа рықәранҵыра афеномен, ишаҳҳәахьоу еиԥш, аҩажәатәи ашәышьықәсазы аҵарауаа даара аилкаара иашьҭалеит. Аԥснытәи Аексперементалтә патологиа анаукаҭҵааратә институт (НИИЭПиТ) аҟынгьы ари афеномен иадҳәалоу аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Аинститут анаукатә усзуҩы еиҳабы, абиологиатә наукақәа ркандидат Алиса Матуаԥҳа ишазгәалҭо ала, адунеи зегьы аҟны еиԥш, аԥсуаа рҟынгьы ауааԥсыра рыԥсҭазааратә аамҭа иацлеит, аха анкьа еиԥш шәышықәса ирҭысхьо рхыԥхьаӡара маҷхеит. 2017 шықәса рзын, Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, Аԥсны инхо ақәранҵыра ду змаз 919-ҩык ашәҟәы иҭагалан. 2013 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 12% иеизҳаит.

Ҿырԥштәыс иаагозар, 1970-тәи ашықәс аҽеиҩшамҭазы, Дәрыԥшь, Џьгьарҭа, Ҷлоу имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан, арҭ ақыҭақәа зегьы рҟны инхоз 7000-ҩык рахьтә 74-ҩык 100 шықәса ирҭысхьаз шракәыз шьақәыргылан, иахьазы ус еиԥш ақәра ду зманы инхо 16-ҩык заҵәык роуп. Иара убасгьы, иахьазы 90 шықәса ирҭысхьоу зегь реиҳа иахьынхо Гәдоуҭа араион аҟны ауп ҳәа ишьақәыргылоуп, уа ашәҟәы иҭагалоуп 171- ҩык, аҩбатәи аҭыԥ аҟны иҟоуп Аҟәа – ара инхоит 149-ҩык зықәра дуу ауаа, ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Очамчыра. Зегьы иреиҵаны ақәра ду змоу ауаа нхоит Аҟәа араион аҟны, уа 50-ҩык роуп инхо.

Аофициалтә дыррақәа рыла, 2017 шықәсазы ауааԥсыра рира 0,4% рыла еизҳаит. Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа адыррақәа рыла, ақәранҵыра ду змоу 16-ҩык рахьтә 15-ҩык аҳәса роуп. Аџьазы аминистрра адыррақәа рыла, зегь реиҳа зхыҵуа хәҩык ауаа нхоит Гудоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рҟны. Урҭ ауаа рықәра шмаҷымгьы, џьарак итәам, ршьапы иныҟәнагоит, аԥсуа чысқәа рфоит, атәым чысхкқәа ирызгагам. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, абиологиатә наукақәа ркандидат Ҭеона Каландиаԥҳа акыр шықәса инеиԥынкыланы ақәра ду нызҵыз ауаа ршьа ҭылҵаауеит, урҭ ршьеи зықәрабжа иахысхьо ауаа ршьеи еиҿлырԥшуеит.

Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа иахьазы иаадырԥшыз акоуп, зықәра абжа иҭысхьоу ауааи ақәра ду змоу ауааи ршьақәа еиԥшуп уҳәар алшоит, иҷыдоу еиԥшымзаарак рымам. Абиолог лажәақәа рыла, аҭҵаара иахыжьыз реиҳараҩык актәи агәыԥ иаҵанакуа ашьа рымоуп. Ари зегь реиҳа зхыҵуа ақәра змоу ашьақәа рахь иаҵанакуеит.

Аԥсны, иара убасгьы адунеи аҟны ақәранҵыра ду змоу ауаа рхыԥхьаӡара агхара мзыз хаданы иԥхьаӡоуп урҭ рынхашьа-нҵышьа, рыфара-рыжәра аҽахьеиҭанакыз, насгьы рыԥсҭазаараҟны агәыԥжәарақәа ахьеиҳахаз агәырӷьарақәа раасҭа. Аха, ус шакәугьы, зхылҵшьҭраҟны ақәра ду нызҵыз ауаа ахьыҟоу, урҭ рхылҵшьҭрагьы ақәра ду нырҵыр алшоит. Убри ауп аген аҵакы даара иӷәӷәаны изыԥхьаӡоугьы. Иҳәатәуп даҽакгьы, аԥсуаа рыбжьара ақәра ду нызҵыз ауаа рыхшыҩ цаны ҳәа ишыҟамыз. Дара аԥсуаа рытрадициақәеи ркультуреи инырықәыршәаны, ауаажәларратәи асоциалтәи ԥсҭазаара еиҳагьы иалахәуп.

Иахьатәи аамҭазы зегь реиҳа ақәра змоу рахь иԥхьаӡоуп: Хәаԥ инхо Ҭина Бебиаԥҳа, уи 112 шықәса лхыҵуеит, уи длышьҭанеиуеит Дәрыԥшь инхо, 105 шықәса зхыҵуа Ҭамара Гәымԥҳа, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Мысра инхо Ҭуча Жьиԥҳа – 104 шықәса зхыҵуа. Аԥшьбатәии ахәбатәии аҭыԥқәа рҟны иҟоуп Ҷлоу инхо Нелли Адлеиԥҳаи, Џьгьарда инхо Фениа Лацәышԥҳаи, урҭ рықәрақәа еилауҵар 207 шықәса нырҵхьеит. Игәаумҭарц залшом, раԥхьатәи ахә-ҭыԥк аанызкылаз аҳәса роуп, урҭ рахьтә ԥшьҩык лаҵарамзазы иит.[10]

Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • П. Гарб – Долгожители, Москва — "Прогресс" — 1986. [2]
  • С. Бенет – Abkhasians: the long-living people of the Caucasus / Абхазы: долгожители Кавказа, Ниу-Иорк: Холт, Раинхарт & Уинстон, 1974. ад. 112. ISBN 0-03-088040-8 [3]
  • Ш. Д. Инал-иԥа, В. И. Козлов – Среди долгожителей Абхазии, "Академия наук Грузинской ССР - Абхазский институт языка, литературы и истории им. Д. И. Гулиа АН Грузинской ССР" – 1987. [4]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. Шариа, Витали Валериан-иԥа (2010-06-22). "Абхазия – родина долгожителей". Эхо Кавказа (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.
  2. Гарб Пола, Долгожители, Москва: Прогресс, 1986. — ад. 184.
  3. "Дожить до 100 лет: секреты здоровья долгожителей Абхазии и долины Хунза". Med Oboz. 2015-05-27. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.
  4. Сметанина, Светлана (2017-07-17). "«Доброта и любовь к людям – общая черта для всех долгожителей»". Русский Мир (аурыс бызшәала).
  5. "Долгожители Абхазии. Как питаться, чтобы жить долго?". dzen.ru (аурыс бызшәала). 2019-10-09.
  6. "Почему в Абхазии много долгожителей". kakprosto.ru (аурыс бызшәала). 2014-09-26.
  7. Абхазские долгожители! Замечательная бабушка! YouTube. ажьырныҳәамза 262012 ш.. Онлаин
  8. Сула Бенет, Abkhasians: the long-living people of the Caucasus.
  9. Григулевич Н.И., Проблема долгожительства и традиции винопития в Абхазии // Современная сельская Абхазия: социально-этнографические и антропологические исследования / Ред.: Дубова Н.А., Козлов В.И., Ямсков А.Н. М.: изд. Института этнологии и антропологии РАН. М., 2006. - С. 129 -157 [1]
  10. "ФЕНОМЕН ДОЛГОЖИТЕЛЬСТВА В АБХАЗИИ НУЖДАЕТСЯ В ДАЛЬНЕЙШЕМ ИЗУЧЕНИИ". kavkazoved.info (аурыс бызшәала). 2016-02-07.