Адунеизегьтәи амш аимҳәаду аҿагыларазы

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Адунеизегьтәи амш аимҳәаду аҿагыларазы (Хәажәкырамза 24).

Аимҳәаду — ари даара ишәарҭоу чымазара ҿкуп. Дарбанзаалак ауаҩы аимҳәаду абактериақәа злоу иҿку аҳауа лбааидар алшоит. Насгьы заҟа ирацәаны, ма ирлас-ырласны ас еиԥш иҿку аҳауа ахьыҟоу ауаҩы дақәшәо аҟара, убри аҟара иҳаракуп ашәарҭара ауаҩы аимҳәаду ихьыр алзыршо.

1902 ш. рзы Гәылрыԥшь костроматәи аамсҭа Николаи Смецкои иргылоит аимҳәаду змоу ачымазцәа рзы асанатори. Х-еихагылак змаз ахыбраҿы 110 ҭыԥ аман, ачымазцәа аҽыхәшәтәра иахыршәаауан 60 мааҭ, уи ахарџьқәа иҟаз зегьы рҟынтә иаацқьаны абжа акәын иартәоз, егьырҭ иаанхоз аицҵалыҵқәа Николаи Смецкои ихатә ԥара ахишәаауан, ари аҩыза аҭагылазаашьа иалнаршон зылшарақәа маҷыз ачымазцәа ргәабзиара ишьахәыз акурортологиатә хәышәтәырҭаҿы аиӷьтәра.

1913 ш. рзы Смецкои иргылоит асанатори аҩбатәи акорпус. Ари ахыбра Аԥсны зегь реиҳа идууз ԥшь-еихагылакны иҟаз, 250 ҭыԥ змаз хыбран. Асанатори акыр ааха ӷәӷәа аиут Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәеи Аԥсны аблокада ианҭагылази раан.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш
  • Агрба Р. Обращайтесь в диспансер: [о борьбе с туберкулёзом]//РА. - 2003. - С.4.
  • Нерсесян М. Туберкулез: борьба продолжается...: [о Гульрыпшской туберкулезной больнице, которая нуждается в ремонте]//НГ. - 1999. – 1 марта, (№ 9). - С. 2.