Перейти к содержанию

Ихадоу адаҟьа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Бзиала шәаабеит Авикипедиаҿы!

Авикипедиа — зхы иақәиҭу интернет-енциклопедиоуп дарбанзаалак дҭалар ҟалоит.

Иахьа сабшоуп, 2024 шықәса рашәарамза 8. Уажәы Аԥсуа Википедиаҿы 6188 статиа ыҟоуп.


Астатиа бзиа

Дырмит Есыф (Урыс)-иԥа Гәлиа (жәабранмза 9 (21), 1874 ш., Уарча ақыҭа — мшаԥымза 71960 ш., Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы.
Убас иҵегьы...

Иахьа иалкаахаз афото

Лыхнытәи ауахәама
    

Шәара ижәдыруама?

Рашәарамза 8 — иахьатәи ахҭысқәа...

Сфинксы на Университетской набережной
Сфинксы на Университетской набережной
  • 1783 — Исландиа авулкан Лаки хәыҵыҩрит, уи иахҟьаны амлакра мамзаргьы агаз рԥырхагаханы исландиаа хыԥхьаӡара рацәала иҭахеит
  • 1832 — Петербург Асахьаҭыхратә академиа ахыбра аҿаԥхьа ишьақәыргылоуп агранит иалху Фиватәи асфинксқәа (асахь.)
  • 1843 — Николаевсктәи аихамҩа аргылара иалагеит (ацәаҳәа Петербург — Москва)
  • 1861 — ареферендум аҟны аштат Теннесси алхыҩцәа ҩыџьара ишаны ахԥатәи ахәҭа ЕАА рылҵразы рыбжьы арҭеит
  • 1930 — Румыниа аҳәынҭқар иԥсахра иалҵшәаны акрал хәыҷ Михаи I дахҳәан, II Акрал ихьӡала аҳтәарҭа ааникылеит уи иаб
  • 1949 — Џьорџь Оруелл иантиутопиа «1984» акьыԥхь ахь иҭыҵит
  • 1958 — СССР ашьапылампыласратә еизга акоманда адунеи ачемпионат аҟны актәи аматч мҩаԥнагеит, Англиа иацхәмарит 2:2 ҳәа
  • 1960 — Лев Троцки дызшьыз Рамон Меркадер Кремль Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа аеҵәа иоуит

Еимадоу проектқәа