Ҷыҭанаа, Виачеслав Михаил-иԥа
| Виачеслав Михаил-иԥа Ҷыҭанаа | |
|---|---|
| Вячеслав Михайлович Читанаа (Читанава) | |
|
Виачеслав Михаил-иԥа Ҷыҭанаа | |
| Аира |
абҵарамза 19, 1955 ш. Ԥақәашь ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра | жәабранмза 25, 2005 ш. |
| Аусура | аԥсуа поет |
Виачеслав Михаил-иԥа Ҷыҭанаа (аур. Вячеслав Михайлович Читанаа (Читанава); абҵарамза 19, 1955 ш., Аԥсны, Очамчыра арион Ԥақәашь ақыҭа – жәабранмза 25, 2005 ш.) – аԥсуа поет. СССР-и (1989) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҟәатәи ашкол-интернат №1 далгеит (1974). 1978 ш. акәзар, иҵара хиркәшеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изаанаҭ ала. Аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондентс (1978-1980). Ажурнал «Аԥсны Аҟазара» аҟәша аредакторс дыҟан, ашьҭахь аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан (1980-2005). Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) арадио «Би-би-си» акорреспондентс дыҟан, Аԥсны жәлар фырхаҵарала ахақәиҭразы рықәԥара иазкыз арадиоматериалқәа азирхион.
Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз инаркны. Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа: «Амцабз», «Алашара», агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.». (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Иажәеинраалақәа рахьтә Д. Чачхалиа, В. Краско аурысшәахь еиҭаргаз анылеит алитературатә еизга «Ерцахә» (Аҟәа, 1981), насгьы аизга «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Исызгәакьоу аҿыҭбжьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981.
- Ажәҩан баҳча. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
- Амш мҩас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1987: Сызхьымӡаз ажәа. Ажәеинраалақәеи апародиақәеи. Аҟәа, 2005.
- Иалкаау. Аҟәа, 2017.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Золотая нить. Стихи. М., 1987. (Библиотека журнала ЦК ВЛКСМ «Молодая гвардия», 1987, №9 (272).
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 939
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рсиа
- Читанаа (Читанава) Вячеслав Михайлович (аур.)
- Ҷыҭанаа Виачеслав Михаил-иԥа (аԥс.)
- ЛАГӘЛАА, Анатоли. Есымша исыцу сҩыза: апоет Виачеслав Ҷыҭанаа игәаларшәара. Спутник Аԥсны. абҵарамза 22, 2020 ш..