Ҷаниа, Терент Михаил-иԥа
| Терент Михаил-иԥа Ҷаниа | |
|---|---|
| Терентий Михайлович Чаниа | |
|
Терент Михаил-иԥа Ҷаниа | |
| Аира |
жәабранмза 10, 1937 ш. Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР, СССР |
| Аԥсра |
жәабранмза 3, 2021 ш. Аҟәа ақалақь, Аԥсны |
| Аусура | аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы |
| Анашьамҭақәа | орден «Честь и слава» |
Терент Михаил иԥа Ҷаниа (аур. Терентий Михайлович Чаниа; жәабранмза 10, 1937 ш. Кәтол ақыҭа – жәабранмза 3, 2021 ш. Аҟәа) — аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. СССР ажурналистцәа Реидгыла алахәыла (1971), СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1981), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла. Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп (2012), ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Дышқәыԥшыз иаби иани игхеит; иаб 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы дҭахеит.
Аҵара иҵон Ачаарқыҭ, Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол аҿы, нас иҵара хиркәшеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҿы (1955). Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала (1960). Аинститут даналга, аус иуан Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат №1 аҟны рҵаҩыс- ааӡаҩыс. 1966 шықәсазы, аԥсуа радио аҿы аамҭа кьаҿлатәи иусура ашьҭахь, диасит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциахь, раԥхьа – аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс, нас – аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс. 1975 шықәсазы Апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет ддәықәнаҵеит аҵаразы Москваҟа, КПСС Ацентр Комитет аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ ахь. Аҵара далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, 1987 шықәсанӡа аус иуан Апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет агитациеи апропагандеи рыҟәшаҿы. 1987 шықәсазы диаган Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа «Алашара» ахь директорс.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәыла еибашьраан Т. Ҷаниа иуадақәа дырҳәит, ирблит инапылаҩырақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟан ипиеса «Актәи амш – адкылара амш», аусрысшәахь еиҭаганы акьыԥхь иазирхиаз ипоезиатә рҿиамҭақәеи ахәыҷқәа ирызкыз ажәеинраалақәеи. Аибашьра раԥхьатәи амчыбжьқәақәа раан уи ҭаацәала амацәаз иҭакыз Тҟәарчал днанагеит, нас – агәыҳалалратә реис ала Гәҭоуҭаҟа диасит. Уи араҟа ар ргазеҭ «За наше Отечество» редактор хадас дҟарҵеит. Аибашьра шеилгазҵәҟьа Аҟәаҟа дхынҳәит, ҩаԥхьа - аҭыжьырҭа «Алашара» адиректорс. Ашьҭахь Аԥснытәи еидҵоу аҭыжьратә-полиграфиатә комбинат адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2007 шықәса рзы уи далхын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд адиректорс. 2010 шықәса апрель 6 инаркны 2011 шықәса апрель 15 рзынӡа – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол аҿы аҵара аниҵоз. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт данҭаз редакторс даман анапылаҩыратә журнал «Арҩаш». Раԥхьаӡа акәны Т. Ҷаниа иажәеинраалақәа кьыԥхьын ажурнал «Алашар» аҟны 1955 шықәсазы. Уи иҩымҭақәа рнылеит иара убас ажурналқәа «Амцабз», «Молодаиа гвардиа» (М., 1971); агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Аԥсны», «Еҵәаџьаа», «Пионерская правда» (Москва), «Общеписательская Литературнаия газета» (Москва); аизгақәа «Памятник нам сыновей не заменит» (1994), «Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа (Аҟәа – Сухум, 1995); «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашәышықәса» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001); аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009) аҟны уҳәа убас егьырҭгьы.
Уи авторс дрымоуп 20 иреиҳаны ажәеинраалақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еидызкыло ашәҟәқәа.
Акыр иажәеинраалақәа ашәақәа рылхуп.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Сылашара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965.
- Ашымҳа амҵан. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970.
- Ашлақәа рқәыԥшра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975.
- Иҭынчым амшқәа. Ажәабжьқәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1979.
- Асовет ԥсҭазаашьа (Апублицистикатә усумҭа). Аҟәа, 1979.
- Ааԥынтәи ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1980.
- Аԥсуа баллада. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981.
- Бара быда. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983.
- Ииасуа аԥхын. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987.
- Шәышьханхыҵ. Аповестқәеи аромани. Аҟәа.
- 1989.
- Аҷнышқәа амшын ихыҵуеит. Ароман, аповестқәа. Аҟәа, 1991.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1997.
- Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2000.
- Ҭагалантәи ашәа. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи. Аҟәа, 2003.
- Ақәыԥшра агьама. Ажәеинраалақәеи алаф ажәабжьқәеи, Аҟәа, 2005.
- Иҩымҭақәа реизга. 1-3 атомқәа. Аҟәа, 2007, 2008, 2009.
- Уԥры, сара сашәа! Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2010.
- Ҳазшаз илԥха. Ажәеинраалақәеи алибреттои. Аҟәа, 2015.
- Иалкаау. 1-2 атомқәа. Аҟәа, 2017, 2018.
- аурысшәахь еиҭаганы: Аԥсуа баллада. Аповесҭқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1985.
- Шәышьханхыҵ. Аповестқәа, ажәабжьқәа, ароман. Аҟәа, 2011. Ақырҭшәахь еиҭаганы: Шьемодгомис ца. Қарҭ, 1986.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 928