Ҷанба, Нодар Виктор-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ҷанба, Нодар Виктор-иԥа
Аира хәажәкырамза 10, 1955 ш. (68 ш.)
Гәдоуҭа
Алма-матер Сухумское музыкальное училище
Аусура композитор
Амаҵура Министерство культуры Республики Абхазия (1991 ш.–1993 ш.)

Нодар Виктор-иԥа Ҷанба (диит хәажәкырамза 101955 ш.) — аԥсуа акомпозитор, адирижиор, аҟазараҭҵаара акандидат, аԥсуа жәлар рмилаҭ-ҳақәиҭратә қәԥара далахәын.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иара еиҿикааз аӡәырҩы аҿар еидызкылоз Аԥсны арҿиара знапы алакыз аҿар Реидгыла аполитикатәи, асоциалтәи, акультуратәи сферақәа рҿы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа рымҩаԥгара иадгылон, анаҩс дара Аԥсуа Жәлар Рфорум «Аидгылара» иалалоит, уи апрограмма аԥҟарақәа рынагӡараҿ рылша ҕәҕәа аларгалон. Нодар Ҷанба илагала дууп Аԥсны амузыкатә ҟазареи, аԥсуа милаҭтә музыкеи рыҿиараҿы. Иара авторс дрымоуп хыԥхьаӡара рацәала ахортә, асимфониатә, аинструменттәи, афортепианотәи ашәақәеи, иара убас аус рыдиулахьеит аԥсуа жәытә ашәақәеи адоуҳатә шәаҳәарақәеи.

2007 шықәса рзы Нодар Ҷанба амузыкатә рҿиараҿ илагала ду азы Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ ихҵан. Иахьатәи аамҭазы Н.В. Ҷанба Сеультәи ауниверситет Сан Мьен (Алада Кореиа) аҿы профессорс аус иуеит.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Королевский цветок Нодара Чанба//РА. - 2010. - 16-17 нояб., (№130). - С.5.