Ҵәыџьба, Радион Акәын-иԥа
Внешний вид
Радион Акәын-иԥа Ҵәыџьба (аур. Радион Акунович Цвижба; мшаԥымза 13, 1941 ш., Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион — цәыббрамза 19, 1995 ш., Ҷлоу ақыҭа) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1941 шықәса мшаԥымза 13 рзы Ҷлоу ақыҭа Акәыдра аҳаблаҿ Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1995 шықәса цәыббрамза 19 рзы. Джуп иқыҭа гәакьаҿ.
Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол даналга, 1959 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт. Далгеит 1963 шықәсазы.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵит а-60-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Агәы ахьаа. Аҟәа, 1996 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 935