Ҳашыг, Никәала Ҷыф-иԥа
| Никәала Ҷыф-иԥа Ҳашыг | |
|---|---|
| Николай Чифович Хашиг | |
|
Никәала Ҷыф-иԥа Ҳашыг | |
| Аира |
жәабранмза 11, 1932 ш. Хәаԥ ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра |
лаҵарамза 23, 2014 ш. Аҟәа ақалақь |
| Аусура | аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист |
Никәала Ҷыф-иԥа Ҳашыг (аур. Николай Чифович Хашиг; жәабранмза 11, 1932 ш., Аԥсны, Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭа – лаҵарамза 23, 2014 ш., Аҟәа ақалақь) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1973), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) дрылан. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1992) ҳәа ахьӡ ихҵан. Ианашьоуп «Ахьӡ- Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]А. М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1962). 1962 ш. инаркны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рклуб деиҳабын. 1968 ш. нахыс – ажурнал «Алашара» аредакциа алитературатә усзуҩы. 1971ш. инаркны – ашәҟәыҭыжьырҭа «Алашара» аредактор. 1975 ш. февраль 13 инаркны – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ареферент; Қырҭлитфонд Аԥсны аганахьала анапынҵа ҷыдақәа змаз. 1980 ш. инаркны – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультант. 1980 шықәса апрель 1 нахыс – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны иҟаз асахьаркыратә литература аларҵәаразы абиуро аиҳабы. 1986 ш. маи 16 нахыс – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ, Алитфонд аиҳаби уи имаҵуреи еидибалон. 1997 ш. апрель 17 инракны – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитфонд аиҳабы, 1991 ш. нахыс – ажурнал «Амцабз» аҟәша аредактор, 2010-2014 шш. раан – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультант.
Ирҿиаратә мҩа хациркит 1950-тәи ашықәсқәа раан ажәеинраалақәа рыла. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьын 1956 ш. Гәдоҭатәи араионтә газеҭ «Аколлективтә џьа» аҟны. Иажәеинраалақәа рнылеит иара убас аизга «Ашьаҟьар» (1960) аҟны. Дышнеи-шнеиуаз Н. Ҳашыг апрозахь диасуеит. Истатиақәеи иочеркқәеи, иажәабжьқәеи (ахәыҷқәа ирызкугьы), иповестқәеи, ироманқәеи, рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», аизга «Ерцахә», аочеркқәа еиуеиԥшым реизгақәа «Аамҭеи ауааи», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Аидгылара», «Республика Абхазия» уҳәа.
Жәохә инрареиҳаны аԥсышәала ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.
1980-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа нахыс Н. Ҳашыг иҩуеит Аԥсны ауаажәларра-политикатәи акультуратәи ҭагылазаашьа иазку апублицистикатә статиақәа жәпакы, иара убас аибашьреи егьырҭ азҵаарақәа дырзааҭгылон. («Аҽалагаларада… СССР жәлар рдепутатцәа аҩбатәи реизара ду аҟны М. Мгелаӡе иқәгылара иазкны» (Аидгылара. 1990. №1(003), ианвар. Ад. 6.; «Едуард Шеварднаӡе: аиҭаира мамзаргьы аиҭарҿыцра» (Аидгылара. 1991. №8(017), август, Ад. 5; «Уроки памяти. («Республика Абхазия . 1991. №67, 26 декабря. С. 2; «Аҳәынқарра ҿыци ажәлар рпроблемақәеи» (2006) уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсшәахь еиҭеигеит А. П. Чехов иажәабжь «Ахәмарра», Г. Д. Гәлиа иажәабжьқәа «Аҩны аԥшәмаԥҳәыс», «Адилижанс», ачерқес шәҟәыҩҩы А. Н. Охтов («Џьигиҭ»), аҟабарда шәҟәыҩҩы Б.Б. Мазихов («Аџь-ҵла»), адыга шәҟәыҩҩы П. К. Кошубаев («Билимготоваа рарбаӷь») уҳәа ражәабжьқәа.
Ашәҟәыҩҩы игәы иҵхон амилаҭтә-етикатә традициақәеи Аԥсуареи рлахьынҵа, урҭ аныԥшит ишәҟәы «Аԥсуара» (аҩынтәраан –ихарҭәааны аҭыжьра – «Аԥсуара ашьаҭақәа»).
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Ашьха рҩашқәа ахьеилало. Ароман. Аҟәа, 1967.
- Иҿымшәаз ашәҭ. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1969.
- Акорпус хада. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1972.
- Абду Ажьгьери. Аповест. Аҟәа, 1975.
- Аԥсабара ахәыҭҳәыҭбжьқәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1980.
- Иалкаау. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1981.
- Аԥышәара. Ароман. Аҟәа, 1984.
- Ашьха уарба. Аповест, ажәабжьқәа, аскетчқәа, Аҟәа, 1988.
- Ахаҵа дызқәымшәо иҟоузеи. Ажәабжьқәа, Аҟәа, 1991.
- Мирод Гәажәба. Ауаҩы лаша исахьа. Аочерк. Аҟәа, 1995.
- Аибашьра, аибашьра… Ажәабжьқәа, аочеркқәа, адрама. Аҟәа, 2006.
- Аԥсуара. Аҟәа, 1994.
- Аԥсуара ашьаҭақәа. Аҟәа, 2002.
- Аҳәынҭқарра ҿыци ажәлар проблемақәеи. Аҟәа, 2006.
- Ашәҟәыҩҩцәа ирызку ажәа. Аҟәа, 2008.
- Аԥсуа ҳәынҭқарра аидеологиа. Аҟәа, 2011.
- Абду Ажьгери. Ароман. Аҟәа, 2013.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Рассказы пастушьего двора. (Для детей).Сухуми, 1979.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 931
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рсиа
- Хашиг Николай Чифович (аур.)
- Ҳашыг Никәала Ҷыф-иԥа (аԥс.)