Ҭевдоре ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама
Внешний вид
Ҭевдоре ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама, Фиодр ацқьа ихьӡала Ахалшени иҟоу ауахәама (ақырҭ. ახალშენის წმინდა თევდორეს ეკლესია) — Аԥсны Ахалшени ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп заатәи абжьарашәышықәсақәа раан.
Ауахәама иргылан Фиодр ацқьа ихьӡала. Иаанханы иҟоуп 1,5 м. аура змоу аҭӡамкәа мацара. Аҩналарҭа мраҭашәарахьтәи аган аҿоуп иахьыҟоу. Азал аплан еиҵыху акәакьҭаиаша аформа амоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рыцыԥ хьаӡаҿы аҿаԥсак змоу абаҟәқәа иҟоуп. Аргыларатә маҭәахәы аҳасабала ахархәара рыман аҳаши аҳаштә аиларшьышьи. Ауахәамаҿы иҟоуп аквадраттә рамка иҭаргылоу Болонтәи аџьар. Аџьар аганқәа рҿы адҩылақәа игәылԥ ҟаауп.