Перейти к содержанию

Ҭаркьыл, Сарион Хыгә-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл
Сарион Хигович Таркил

Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл
Аира жьҭаарамза 15, 1936 ш.
Дәырԥшь ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР
Аԥсра лаҵарамза 26, 2005 ш.
Аҟәа, Аԥсны
Аусура аԥсуа поет
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Алма-матер Литературный институт

Сарион Хыгә-иԥа Ҭаркьыл (аур. Сарион Хигович Таркил; жьҭаарамза 15, 1936 ш., Аԥсны, Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭа – лаҵарамза 26, 2005 ш., Аԥсны, Аҟәа) – аԥсуа поет. СССР-и (1973) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.

1944 ш. дҭалеит Дәырԥшьтәи абжьаратәи ашкол, аха рацәак мырҵыкәа аԥсуа школқәа ақырҭуа бызшәа ашҟа ииаргеит. Иҩызцәа гәыԥҩыки иареи рҵара иацырҵеит Гәдоуҭатәи абжьаратәи аурыс школ аҟны. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1961), иара убас аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (латәарадатәи аҟәша) аҟны, иреиҳау аҵараиурҭа дагьалгеит, 1972 шықәсазы.

1961 ш. инаркны рҵаҩыс аус иуан Дәырԥшьтәи ашкол хәылԥазтәи аҟәша аҟны. 1967 ш. нахыс усура диасуеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциахь корреспондентс, ашьҭахь – еиҭагаҩыс, аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1979 ш. инаркны ажурнал «Аԥсны аҟазара» аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1985 ш. диасуеит ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс. 1989 ш. ажурнал «Амцабз» аредактор хадас дарҭоит. 2004 ш. акәзар, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс далырхуеит.

С. Ҭаркьыл иажәеинраалақәа ркьыԥхьуан ажурнал «Алашара» аҟны 1955 ш. инаркны. Иҩымҭақәа рнылон иара убас ажурнал «Амцабз», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советкая Абхазия», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009); аизга «Ахаҵарашәа». Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа – Сухум, 1995).

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.

Аԥсуа бызшәахь еиҭеигеит А. Ахматова, В. Хлебникова, К. Бальмонт, Н. Клиуев уҳәа ражәеинраалақәа.

  • аԥсышәала: Ақыҭантә саауеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1965.
  • Ицеит апҟақәа хыланы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969.
  • Аиԥылара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
  • Иахьатәи амш. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1979.
  • Агәаартра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983.
  • Ацәыкәбарқәа рашәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Азҳара. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1986.
  • Ажәаҳәара. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 2002.
  • Ахҭыс шанақәа. Ахәыҷқәа рзы ашәҟәы. Аҟәа, 2004.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 2010.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 927-928