Ҭаниа, Амиран Владимир-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Амиран Владимир-иԥа Ҭаниа (жәабранмза 101935 ш., ақыҭа Ԥақәашьԥхынҷкәынмза 92001 ш., Аҟәа) — Аԥсны жәлар рартист. Абаҩхатәра ҷыда змаз, иналукааша атеатри акинои рактиор, ашәаҳәаҩ, акәашаҩ ҟаза, асценаҿы дрылукаауан даҽаӡәы иламҩашьоз ихаҭарала, ихымҩаԥгашьала.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

А.В. Ҭаниа аԥсуа музыкатә-хореографиатә фольклор бзиаӡаны идыруан. Илагала рацәоуп аԥсуа профессионалтә театртә ҟазара аизҳараҿы. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абаҩхатәра злаз ауаҩ гәыраз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы астудентцәа актиортә ҟазара алекциақәа дырзаԥхьон, итеатр гәакьа азы артистцәа азыҟаиҵон. Амиран Ҭаниа актиор ибаҩхатәра анаҩсгьы илан ауаҩытәыҩса иҟазшьа бзиаӡақәа: аразра, арыцҳашьара, иџьоушьаратә аиумор, иԥсадгьыли ижәлари рахь абзиабара.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Аргун А.Х. Амиран Тания: творческий путь народного артиста. - Сухум: АГУ, 2002.
  • Аргун А.Х. Театр абхазов конца XX века. - Сухум: Алашара, 2001.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]