Перейти к содержанию

Ҟьинҵвиси

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ҟьинҵвиси

Ҟьинҵвиси — ақырҭуа аҟазацәа рбаҟа, аберҭыԥтә ансамбль ақ. Ҟьинҵвиси аҟынтә 10 км рҟынӡа, зыргыларақәа рҟынтә иахьанӡа раԥхьатәи ахаҿсахьала иаанхеит XIII ашәышықәса алагамҭазтәи Николоз цқьа аџьартә-аҟәырӷтә, апланла зкәакьҭа иашоу аныхабаа.

Азеиԥш хаҿсахьала иазааигоуп Тимоҭесубани. Аргылара ақьырмытла. Апсидақәа рыла инагӡоуп адикәанрагьы. Аҩныҵҟатәи аиужьра арҿиоит аџьар ԥшь-махәҿак, зҟынтәи амрагыларатәи амахәҿа ада зегь ркәакьҭа иашоуп. Амраҭашәаратә махәҿа еиҳарак иауп. Аҟәырӷ аҵаҟатәи квадрат аҟынтәи агьежьахь аиасра инагӡоуп аԥрақәа рыла, иахьхагалоу 12 - ԥенџьырк змоу аҟәырӷ ахәда. Аԥенџьырқәа еибыҭоуп ақьырмыттә еиқәҵарала иалкаау ахыргьагьақәа рыла. Аныхабаа х-ҩналарҭак амоуп - аҩадахьала, аладахьала, амраҭашәарахьала. Аргылара аҩныҵҟа раԥхьа иршьыххьан, асахьа анырҵахьан, афрескақәа рыхәҭа дуу ааха амоуп, аха иаанхаз, асахьаркырала абжьаратә шәышықәса ақырҭуа амонументтә аҿыханҵақәа руакы иреиӷьу, акрызҵазкуа абаҟа ауп. Аҩадатәи аҭӡаҿы ианыԥшуеит Гиорги III, Ҭамара аҳкәажә, Гиорги Лаша.

Аԥшьарҭаҿ анцәахша лмонументтә фреска ыҟоуп. Аҩадатәи аҭӡаҿы анцәа иира акомпозициа аҟынтә иазгәаҭатәуп ауоԥшәыл исахьа. Улаԥш адхалоит афрескақәа рколорит агормоналра. Афоназ ихархәоуп аиҵәа атон, ашаравандқәа рзы - ахьы. Афигурақәа апластик иалхуп, ахаҿсахьақәа - иуацәажәозшәа иҟоуп. Акомплекс аргыларақәа рҟынтә иаанхеит иара убас XIII ашәышықәсатә анцәахша ауахәама ахыжәжәарақәа (афрескақәеи аканкелқәеи рыла), аизҳәара амоуп абжьаратә шәышықәсақәа ауахәама маҷ, игәиану абжьаратә шәышықәсақәа даҽа аргыларақәак.

2019 шықәса нанҳәамза алагамҭаз асоциалтә аимадарақәа рҿы ирыларҵәахеит аинформациа, Ҟьинҵвиси аберҭыԥаҿ амармалташь иалху зыхә цәгьоу ахаҳәҟьаԥс ишышьҭарҵаз. Қырҭтәыла акультуратә ҭынха ахьчаратә амилаҭтә агентра аҭыԥантәи адоуҳатә хаҿқәа рыла ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵара, “ахатәгаԥхара”, “азакәандара” ахырҳәааит, ҷыдалатәи арзаҳал рыладырҵәеит.

Агентра арзаҳал иашьашәаланы, аҳәынҭқарратә аинституциақәа, иақәнагоу ареставрациатә методологиақәа абсолиуттә тәамбарыла инагӡоу аусумҭақәа иаҿагылоуп аус зуа азакәанԥҵара аҟны, абаҟақәа рыхьчаратә апринципқәа рыҟны, имҽыӷны иаԥырхагоуп амилаҭтә аԥсазаара, акрызҵазкуа ааха анаҭоит акультуратә ҭынха. Убарҭҵәҟьа реилыркаарала, имҩасуа аусумҭақәа изиндоу нагӡамҭаны ахәшьара аҭахеит Қырҭтәыла апатриархат аҟазацәа, ареставрациа ацентр ахеилак, Қырҭтәыла акультуратә ҭынха имеиҭаҵуа абаҟақәа рхеилак аганахьалагьы.

Агентра иара убас иазгәанаҭоит, иахаз ахҟьа ҿыц ишашьашәалоу аныхабаа аинтериер асахьаркыратә архитектуратә асахьа аҟны, ахатә асаркьатә ахҟьала имҽыӷны иаԥырхагоуп аҭӡқәа рҿы иаанхаз XIII ашәышықәса алагамҭатә ҭӡы ауникалтә асахьаркыра. Агентра иара убас иазгәанаҭоит, ишылҵшәадахаз урҭ рганахьала азин ыҟамкәа аусумҭақәа ианаамҭаз рҿахҵәара зныкымкәа рҽазкра. Агентра ахылаԥшратә усура агәыԥ аҭыԥантәи аберцәа иҩнармыжьлеит аберҭыԥтә комплекс аҵакырадгьылаҿ, иарбану азакәанла иҳәаақәҵоу анагӡамҭақәа рынагӡара алшара азымҭаз. Акультуратә ҭынха ахьчаратә агентра ауаажәларра рыҟны аизыҟазаашьатә усура анапхгаҩы, Беқа Барамиӡе иеилыркаарала, иарбану уи аҭыжьымҭа нетгазеҭ иаиҭаз, аполициа ирыԥхьазтгьы, абриала убри нарыгӡазҭгьы, азин арымҭар аныхабаа аҵакырадгьылаҿ ахылаԥшратә усура убра имҩасуа апроцессқәа аҭыԥанҵәҟьа ргәаҭаразы, абри иарҿион ахамҵарратә моментқәа Қырҭтәыла апатриархат аҟны, зыҟны аҳәынҭқарра аконституциатә аиқәышаҳаҭрала аусеицура змоу. Аҭыԥантәи адоуҳатә хаҿқәа ринициативала илагаз апроцесс иаанымкылац Қырҭтәыла апатриархат иреиҳау аиерархиатә хаҿқәа иаарту рылаҳәарақәа рышьҭахьгьы, иарбану иаҿагылоу агентра апозициа.

Акультуратә ҭынха ахьчаратә амилаҭтә агентра ахәшьараҭара иамыхәаԥшыкәа, Ҟьинҵвиси аберҭыԥ анапхгаҩы, адикәан Еԥрем, ишьақәырӷәӷәамҭала иажәыз ахаҳәҟьаԥсқәа акультуратә ҭынха акәымызт, “ахә злам ахаҳәҟьаԥсқәа ракәын”. Иараҵәҟьа ихәшьараҭарала “ахә змоу амармалташьла иԥсаххеит, еиҳа еиӷьны иҟалеит”.

2019 шықәса нанҳәамза 12 рзы Қырҭтәыла ирыланарҵәеит арзаҳал, иахьазгәанаҭоу, азхаз адиссонансаҿ ишыҟоу аныхабаа аҟны, ишахәҭоу иахьа иҟоу ареалра аанҿасрада ариашара. Апатриархат иара убас иазгәанаҭеит абри аҩыза ахкы змоу ауранагӡара акультуратә ҭынха агентра аҟны аиқәышаҳаҭра ахымԥатәизаара. Арзаҳалаҿ апатриархат иара убас адҵа инаҭоит аепархиа анапхгаҩы абер-хада - Иакоб (Ақишвили) - “Ауахәаматә аканоник иалҵшәаны, ҳшазыԥшу аепархиа анапхгаҩы абер-хада иреагирра Ҟьинҵвиси аныхабаа аԥхьагыла ихатәгәаԥхаратә нагӡамҭа азы”.

  • ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 10, თბ., 1986. — გვ. 645.