Перейти к содержанию

Қәычбериа, Сҭеԥан Михаил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Сҭеԥан Михаил-иԥа Қәычбериа
Степан Михайлович Кучбериа

Сҭеԥан Михаил-иԥа Қәычбериа
Аира 1912
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Очамчыратәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион)
Аԥсра хәажәкырамза 181942 ш.
Аусура аԥсуа поет, апрозаик

Сҭеԥан Михаил-иԥа Қәычбериа (аур. Степан Михайлович Кучбериа; 1912, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Очамчыратәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) – хәажәкырамза 181942 ш.) – аԥсуа поет, апрозаик. Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара иҵон Рекатәи алагарҭатә школи Аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школи рҟны (1927 ш. инаркны). Далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (1939). Мызқәак аус иуан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ашьҭахь абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут ахь диасуеит. Еизигон афольклортә поезиа (асовет аамҭа иаҵанакуаз). Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) анҵысы аррамаҵура иԥхьеит. Дҭахеит афронт аҟны.

Алитература дазхьаԥшит ашкол данҭаз. Авторс дрымоуп асахьаркыратә ҩымҭақәа жәпакы. Ирҿиамҭақәа зегьыҵәҟьагьы еиқәымхеит.

  • аԥсышәала: Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1958.
  • Аиҭаира. Ажәабжь. Аҟәа, 1983.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 910