Қьач ауахәама
Қьач ауахәама (ақырҭ. ქიაჩის ეკლესია) — архитектуратә баҟа Аԥсны Џьгьарда ақыҭан. Қьач ҳәа изышьҭоу аҭоурыхтә ҭыԥаҿы игылоуп. Ауахәама VIII-IX ашәышықәсқәа ирыҵаркуеит. Уи Аԥааимбар хада Михаил ихьӡала идыргылазаарын. Аҟазараҭҵааҩцәа ргәаанагарала, Қьач ауахәама Григол Ханӡҭели иҵаҩцәа идыргылаз Неӡви ауахәама (Борџьомтәи амуниципалитет) иеиԥшуп. Ауахәама аҟынтә аҭӡамцқәа мацара аанхеит. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы ҳәам. Қьач ауахәама аҟынтә иаанхаз аҭоурыххҳәаа аԥсуаа раҳ Гьаргь II (922- 957 шш.) ихьӡ иадҳәалоуп. Ари атәы аҳәоуп иашьашәалоу ақырҭуа асомҭаврули адҩылаҿы. Аҭоурыххҳәаа араӡнытә аҭра иҭоуп. Ауахәама иргылан заатәи абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама абашҳа (травертин) ала ихҩоуп. Қьач ауахәама аныхаҷаԥа аҿы иаанханы иҟоуп Гыртәыла аҳ Леван Дадиани 1640 шықәсазы иҟаиҵаз адҩыла:
«მოვაჭედვინეთ და შევამკეთ თუალითა და მარგალიტითა ხატი ესე მთავარანგელოზისა და დავაბრუნეთ ქიაჩს.»
|
XVII ашәышықәсазы, аԥсуаа абри аҭыԥаҿы рышьаҭа андыркы ашьҭахь, Қьач ауахәама Қьач-абаа ахьӡарҵеит.