Перейти к содержанию

Шьхеԥи абаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шьхеԥи абаа

Шьхеԥи абаа — абжьаратә ашәышықәсақәа ирхаану абаа амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны, Гыртәыла аҟны, Сенаки азааигәара. Абаҟаҿы ԥшь-аргыларатә цәаҳәа алкаауп, урҭ рҟынтәи зегь раасҭа заатәи а-4-тәи ашәышықәса алагамҭоуп. Зегь раасҭа игәиану 16-17 ашәышықәсақәа ирыдҳәалоуп. Ианыԥшуеит анаҩстәи апериодқәа реиҭаҟаҵара ашьҭа.

Иҳәоуп агәаанагара, Шхеԥи абаа убриҵәҟьа абаа Оногури шакәу. Шхеԥи абаа ласс-лассы апату зқәу абаандаҩцәа рҭакразы рхы ишадырхәоз. Абра 1590 атҟәараҿы иԥсҭазаара далҵит аҳ Леван. Аҳ ибаа XIX ашәышықәса алагамҭазгьы аус ауан. 1979 имҩаԥгахеит археологиатә аҵхрақәа. XVI ашәышықәса абжьаранӡа иалан Ҷалаӡераа аҭауадра.[1]

Абаа апланаҿ иауу аформа амоуп, еиҵыхуп амрагыларатә-амраҭашәаратә ацәаҳәаҿы; абаа ишьақәгылоуп ҩ-гәашәк аҟынтә (абаагәара амрагыларатә ахәҭаҿы), х-баашк аҟынтә (алада-амраҭашәаратә, агәҭантәи, алада-амрагыларатә), имаҷу азалтә уахәама аҟынтә (абаа аҩада-амрагыларатә акәакьаҿ, иадҟаҵалоуп аҩадатәи абаагәара), арезервуар аҟынтә, абаагәара аҟынтә. Абаа адәахьала икәыршоуп ахыхьчаратә аҭыжаа. Абаа аргылараҿ ихархәоуп ацаҟьатә хаҳә, акьыртә ашьыхга, аҭӡқәа ихагалоуп араанқәа рыхьчарала. Алада-амраҭашәаратә, агәҭантәи абаашқәа ԥшь-кәакьҭак рымоуп, урҭ рҟынтәи аҵыхәтәантәи апирамида еиԥшу ԥшь-еихагылак змоу аргылара.

Аҩналарҭа аладатәи аганахь 4 м аҳаракыраҿ иԥҟоуп. Ахԥатәи абааш, уи иҭагалоуп абаа алада-амрагыларатә акәакьаҿ, ихагьежьу аформа амоуп, х-ехагылак аманы. Аҩналарҭа амоуп адгьыл агдыраҿ амраҭашәаратә аганахьала. Аҵарауаҩцәа ргәаанагарала уи анхарҭа аргылара акәын. Ауахәама азал апсида ацны иҭагалоуп адәахьтәи аԥшькәакьҭаҿ, аҩналарҭа иамоуп амраҭашәаратә аганахьала, апсида амрагыларатә алгамҭаҿ.

2006 шықәса жьҭаарамза 7 рзы, Қырҭтәыла апрезидент идҵара иашьашәаланы ианашьахеит амилаҭтә ҵакы змоу акультура имеиҭаҵуа абаҟа акатегориа.[2]

  • ნ. ზაქარაია, ქართული ციხესიმაგრეები, კრებული „ფრესკა“, თბ. 1985 წ.
  • ადამია ი., შხეფის ციხესიმაგრე, ძეგლის მეგობარი, 1979, N51.
  • ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ქალაქები და ციხეები, თბ., 1973.
  • ზაქარაია პ., ქართული ციხე-ქალაქები ციხესიმაგრეები ციხე-დარბაზები ციხე-გალავნები კოშკები, თბ., 2001.
  • ზაქარაია პ., საქართველოს ძველი ციხესიმაგრეები, თბ., 1988.
  • ბერაძე თ., ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 11, თბ., 1987. — გვ. 66.
  1. ე. გვენეტაძე, გ. გაგუა „საჯავახოს მხარე“ „პარალელი“ N5, გვ. 217 — თბილისი, 2013 წ. ISSN 0235-8417
  2. "საქართველოს პრეზიდენტის ბრძანებულება № 665, 2006 წლის 7 ნოემბერი, ქ. თბილისი, კულტურის ზოგიერთი უძრავი ძეგლისათვის ეროვნული მნიშვნელობის კატეგორიის მინიჭების შესახებ". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2016-03-21 ахь. Ириашоу 2020-02-22 шықәсазы.