Шрек

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шрек (2001)» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Шрек Аголивуд аҿы

«Шрек» (англ. Shrek) — Америкатәи акомпиутер ала иҟарҵаз фентези, иччараху хҭыс злоу амультфильм[1].

Асиужет[аредакциазура | акод аредакциазура]

Шрек - идуӡӡо аогр иеҵәа (ауаҩ ижьы зфо адауы европатәи алакәқәа рҟынтәи) зхала зыӡмах аҿы инхо, Диулок аҿы, ауааи, еиуеиԥшым агыгшәыгқәеи, акьанџьақәеи убас егьырҭгьы алакәқәеи алегендақәеи рперсонажқәа инхоит. Иџьоушьаратәы иҟоуп, аха уи игәыҳалалра зын ауаа ифаӡом. Убри азыҳәан зны-зынла дыршьырц зҭахыз ауаа ианааиуоз, ус баша иршәаны икеицон. Адауы иԥсҭазаара деигәырӷьаны қьаф иуан.

Аха зны иԥсҭазаара зегь иԥсахуеит лорд чичиак, иара идгьылқәа ҟынтәи иқәынхауаз алакәқәа рхылҵыз агыгшәыгқәа зегь Шрек иӡмах ахь икеицеит. Нас Шрек иҟалаз ианиарҳәа, ҭынч инхарц иҭахын азы Фаркуад иахь диацәажәарц дцеит. Иара убри Фаркуад ҳәа захьӡу дышлордыз игәы ԥҵәеит, дҭауадхарц даара иҭахын, аха убри азыҳәаны, аԥхьа апринцесса ԥҳәысыс дааигарц акәын.

Зыԥсы ҭоу асаркьа ианирҭа, асаркьа ԥҳәысыс иааигаша иҟаз авариантқәа зегь ианарбеит, Фаркуад Фиона дигәаԥхеит. Фиона абааш датҟәны дшамаз амца зыҽҟьоз агәылшьаԥ бааԥс дшахьчоз зегь иарҳәеит.

Фаркуад атурнир ду ҟаиҵоит, иалыихыша аибышьҩы замана диԥшаарц азы, Шреки аҽадеи лорд еиқәаҭаццы ибааш ахь ианааи ааигәа атурниргьы иалагеит, нас Фаркуад Шрек даниба, Шрек дызшьуа ҳәа апринцесса лхы лақәиҭра азин иоуеит ҳәа аибашьцәа раиҳәеит. Убри Шрек ирласны ахацәа зегь ианииԥҟа Фаркуад, Шрек диҳәеит уи апринцесса иа иахь дааигар ҳәа, Шрек ҭынч анхашьа зԥырхаго агыгшәыгқәа зегь иӡмах аҟынтәи ишкеицо ҳәа иаиҳәеит.

Шреки аҽадеи еицны апринцесса лхы лақәиҭны, агәылшьаԥ захьчоз абааш аҟынтәи иандәылц, Апринцесса длыҳәеит, Шрек ихаҿсахьа лирбарц, ашлем хых ҳәа иалҳәеит, аха адау данылба даара иџьалшьеит, уи моу Шрек лара дирҭынчит. Рыхҩыкгьы Диулок ахь ацара иаҿын, аха аамҭа цон аамҭа шцозгьы урҭ бзиа шеибабоз иргәарҭеит.

Лорд Фаркуад мчыла Фиона ԥҳәысыс дааигарц акәын аха Шрек данааи Фаркуад дирццит, уи дзыхьчоз ахацәагь Шрек иирццит , Шрек зегь дыриааит.

Аҟаҵара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акомпиутертәи арежиссерцәа: Ендриу Адамсон, Вики Џьенсон.

Шьаҭас иамоуп: Уиллиам Стеиг ишәҟәы.

Асценари ԥҵаҩцәа: Тед Еллиот, Терри Россио, Џьо Стилман, Роџьер С.Х. Шульман.

Абжьы иахарҵеит:•Маик Маиерс, Едди Миорфи, Камерон Диас, Џьон Литгоу.

Акомпозиторцәа: Гарри Грегсон-Уилиамс, Џьон Пауелл.

Аҳәынҭқарра: Еиду Америкатәи Аштатқәа.

Абызшәа: англыз.

Апродиусорцәа: Аарон Уорнер,  Џьон Х. Уильиамс, Џьеффри Катценберг.

Асахьаҭыхҩы: Џьеимс Хьегьедус.

Амонтажер: Сим Еван-Џьонс.

Амультфильм цоит : 90 минуҭ

Астудиақәа:DreamWorks Аnimation, PDI/DreamWorks.

Адистрибиуторқәа: UIP Duna[d], DreamWorks.

Ианыҭрыжьыз: Амультфильм иҭрыжьит: мшаԥымза 22, 2001[2](атеатр «Mann Village») Лаҵарамза 18, 2001 (ЕАА Америка) Абҵарамза 31, 2001 (Урыстәыла)

Абиуџьет: 60млн$.[3]

Аизгарақәа: 488 351 320 $.[3]

Ахранологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Уи аанӡа иҟаз амультфильм:

Анеҩстәи амультфильмқәа:

Анырра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Адунеи аҿы Шрек еиҵырдыруа персонаж иоуп. Шрек изкны ирацәаны алафқәа аинтернет иҭарыжьуеит.

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]