Шервашиӡеаа рхан

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Шервашиӡеаа рхан (ақырҭ. შარვაშიძეების სასახლე) — Қырҭтәыла иҟоу ахан, Аԥснытәи автономтә республика, Гәдоуҭатәи амуниципалитет, Лыхны ақыҭа.

Ахан гылоуп Лыхны ашҭаҿы, Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәы ԥсара ахьӡала иҟоу ауахәама иа ԥнуп. Аханатә ахан ҩ-еихагылак аман, еиуеи ԥшым аматериалқәа ирылхны иргылан (аҳаш, а ԥслымӡ, ақьырмыт уб.егь..). Аҭӡамцқәа рышьаҟақәа рҿы иубарҭоуп иакымкәа аргыларатә ҟабаҭқәа. Иара убас, XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа аҳаштә хаҳәҟьа ԥсқәагьы. XIX ашәышықәсазы ахан ирҿыцны идыргылан, акырӡа идырҭбааит.

1866 шықәса ԥхынгәы 26 рзы абраҟа иалагеит Урыстәылатәи ацаризм иаҿагылаз а ԥсуаа рықәгылара, уи ахәаҽраан, убри ашықәс нанҳәазы, Қәҭешь агубернатор, аурыс аинрал-леитенант Свиатополк –Мирски ахан амца ацреиҵеит. Шервашиӡеаа рхан дуӡӡа аҟынтә аҭӡамцқәа мацара аанхеит.

Ахан ҭагылазаашьа цәгьоуп, зы ԥшра ҟамҵакәа аконсервациа-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа азымҩа ԥгатәуп.

2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа инақәыршәаны, ахан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан.