Перейти к содержанию

Шатили

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шатили

Шатили — ақырҭуа аргыларатәи ҟазара иуникалу абаҟақәа руакы. Ацаҟьаҿ иаҿоу ақыҭа аамҭаказ анхарҭагьы акәын, абаагьы. Уи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа иахьчон Қырҭтәыла аҩадатәи ааирҭақәа (иахьа ирҿыцуп).

Ақыҭа аварақәа иацаауоит иааигәаны иргылоу абаа-ҩнқәа реишьҭагыла, еиҿкаахоит азеиԥш, уахьзымнеиуа ахьчаратә ҭӡы, иарбану уақәгәыӷыртә ианаркуеит ақыҭа. Адәахьтәи дунеи аҟны Шатили Арӷуни аԥсҭа аҟны иалсуа иҭшәоу амҩа заҵә еиманадоит. Шатили аргылара атерассала иҟаҵоуп. Ахыбрақәа ихадоу ртипқәоуп ахыб ҟьаԥс змоу аҩны, абааштә анхарҭа. Ақыҭа аргыларақәа рыбжьара аҳаракыра зегь аҟны ихалоит ахаҳәтә иҭшәоу амардуан, амна-абра иаанханы иҟоуп абаҩқәа рыла еидкылоу ӷәыла иҟаҵоу - ахыҵырҭақәа, иарбанқәоу рыла аӷа иқәылараан алшара ыҟан ақыҭа зегь акәшара амҩахь ацәырҵрада.

1970 ашықәсқәа раан иалагеит Шатили ареставрациа-адаптациа (архитекторцәа Ҭ. Абрамишвили, Н. Миндораӡе, И. Шарашениӡе).

2007 шықәсазы абҵарамза 24 аҟынтә Шатили иҭагалоуп Аиунеско адунеи ҭынхара аԥышәаратә сиаҿ.[1]

  • ქართული საბჭოთა ენციკლოპედია, ტ. 10, თბ., 1986. — გვ. 692.