Шартава, Жиули
Шартава, Жиули | |
---|---|
ჟიული შარტავა | |
| |
| |
Ахатәы хьӡы | ჟიული შარტავა |
Аира |
хәажәкырамза 7, 1944 ш. Аҟәа |
Аԥсра |
цәыббрамза 27, 1993 ш. Аҟәа |
Аԥсыжра аҭыԥ | Сенаки |
Атәылауаҩра | Қырҭтәыла |
Аусура | аполитик |
Анашьамҭақәа |
орден Национального героя орден Дружбы народов |
Жиули Шартава (ақырҭ. ჟიული შარტავა; (хәажәкырамза 7, 1944 ш. — цәыббрамза 27, 1993 ш.) — Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа, ақырҭуа аполитикатә, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә аусуҩы, Аԥсны Автономтә Республика аминистрцәа рхеилак, ахыхьчаратә ахеилак ахантәаҩы, аинрал-маиор.
1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы - Аҟәа аилаҳара амшаан - Аԥсны Автономтә Республика аиҳабыра даҽа ахаҭарнакцәа ицны (Гурам Габискира, Рауль Ешба, Вахтанг Гегелашвили, Маиа Аласаниа, Александр Берулава, уб егь.) асепаратистцәа иршьит.
Аԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьоуп Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ.[1]
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Жиули Шартава диит Сенаки аҟны, 1944 шықәса хәажәкырамза 7 рзы, апедагогцәа, Калистрат, Нино Шартаваара рҭаацәараҿ. 1951-1961 ашықәсқәа раан аҵара иҵон Сенаки аҩбатәи ашколаҿ, иарбану иахьа уи ихьӡ зху.
Абжьаратә школ ахьтәы медалла алгара ашьҭахь Жиули Шартава иҭиит аполитехникатә институтаҿ автоматикеи аԥхьаӡаратә техникеи афакультетаҿ.
Уи активла далахәын астуденттә аҭҵаарадырратә аконференциақәа русураҿ. Аинститут аихьӡарала иалгара ашьҭахь Жиули Шартава дҭалеит аспирантура, аха иреиҳаӡоу аҵара аком-едгыла акомитет ахаҭыԥуаҩыс алхра иахҟьаны уи инаимыгӡаӡеит аҭҵаадырратә усура.
Заатәи акариера
[аредакциазура | акод аредакциазура]Лассы Жиули Шартава деиҳартәит Қырҭтәыла аком-едгыла ихадоу акомитетаҿ, зны аҩбатәи ахаҭыԥуаҩ, мацара анаҩс актәи ахаҭыҧуаҩ имаҵураҿы. Абри амаҵураҿы уи 8 шықәса аус иуит, ановатортә алагамҭа рацәа аҵыхәтәанынӡа инаигеит. Жиули Шартава ихьӡ иадҳәалоуп Шавнабада аҟны аҿартә комплекс аԥҵара. Жиули Шартава Қырҭтәыла АЛКК ихадоу акомитет актәи ихаҭыҧуаҩра апериод иадҳәалоуп иара убас есышықәсатәи ақырҭуа-аԥсуа аҿартә ахәылԥазқәа реиҿкаара Рухи аҟны. Идыруп уи иалкаау амилаҭтә ипозициа 1978 шықәса мшаԥымза 14 акризисаан, ақырҭуа аҿар фырхаҵала иаԥхьа иангылаз аимадаратә центр аҽазкра Қырҭтәыла ССР аҿыц конституциа аҟынтә иалырхырц ахәҭаҷ ақырҭуа бызшәа аҳәынҭқарратә статус иазкны.
1980 шықәсазы Жиули Шартава даҭахоит Қырҭтәыла акомпаниа ихадоу акомитет апропагандеи агитациеи, ԥыҭрак ашьҭахь аорганизациатә-апартиатә усура аиҟәша анапхгаҩыс. Ииашаны абри аамҭа аҟынтә уи дҟалоит Қырҭтәыла апартиатә лидер Едуард Шеварднаӡе изааигәоу аицықәԥаҩыс. Жиули Шартава уи “иҭынхасгьы” дазгәаҭан республика актәи ахаҿы ипозициаз, аха, уи акариератә аизҳара иԥырхагахеит аиҳабыра аԥсахра 1985 шықәсазы. Жиули Шартава иқәшәеит ихадоу акомитет аҟынтә ацара , апартиатә усура Русҭави аҟны инаигӡеит 1980 ашықәсқәа раан дыҟан Қырҭтәыла ССР иреиҳаӡоу ахеилак алахәылас.
Жиули Шартава аамҭала Урыстәылахь диасит. Уи Москва аҟны далгеит ССР асовет адәахьтәи усқәа рминистрра адипломаттә академиа, 1990 шықәсазы иԥсадгьылахь дхынҳәит. Абриҵәҟьа апериодаз дазкын активтә аҭҵаадырратә-аҭҵааратә ауранагӡара Қырҭтәыла атехникатә ауниверситетаҿ, апрофессор Нодар Ломинаӡе инапхгарала иахьирҿыцыз, аихьӡарала ихьчеит акандидаттә диссертациа атемаз: “Адискреттә усура апланшьҭыхреи аоптимизациеи,, амодельқәеи аметодқәеи рыҭҵаара, аус рыдулара “.
1992 шықәсазы дыҟан Қырҭтәыла Ареспублика аҳәынҭқарратә ахеилак алахәылас.[2] 1992 ашықәс аҟынтә - Қырҭтәыла Ареспублика апарламент адепутат Русҭави амажоритартә округ аҟынтә 1993 шықәса ҽаҩраҭагалан, Жиули Шартава амонографиа “Аоптималтә алхымҭа” атыжьра, адоктортә диссертациа адгалара иазкны: “Адискреттә процессқәа рмодельирреи роптимизациеи рнапхгараҿы”.
Ихьыԥшым Қырҭтәыла
[аредакциазура | акод аредакциазура]1992 шықәсазы Жиули Шартава далырхит апарламент алахәылас Русҭави амажоритартә округ аҟынтә. Лассы уи иқәшәеит акрызҵазкуа аҳәынҭқарратә адҵа анагӡара - 1993 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Аԥсны аҟынтә еилашуаз арратә нагӡамҭақәа раан Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахада, иреиҳаӡоу ар рԥыза Едуард Шеварднаӡе Жиули Шартава ихьыԥшымкәа афронт аԥхьатәи ацәаҳәахьы дишьҭит, Аԥсны аминистрцәа рхеилак, ахыхьчаратә ахеилак ахантәаҩыс даиҭеит.
Жиули Шартава активла далагеит ихатә усура Аԥсны Автономтә Республика анапхгаҩы ирангаҿ. Аха уи игәҭакы, џьаракала иааникыларц аибашьра, Аԥсны аҟны аҭынчра наигӡарц, ибашахеит - ахҭысқәа даҽа сценариак ала иҿиеит.
Аԥсны аҟны бџьарла еибыҭоу аконфликт аан, 1993 шықәса рашәарамзаз, Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахада идҵала даҭахеит Аԥсны Автономтә Республика аминистрцәа рхеилак, Аԥсны ахыхьчаратә ахеилак ахантәаҩыс. 1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы анапхгара азиуан аиҳабыратә ҩны ахьчаратә операциа, заамтазы аԥсуа асепаратистцәа реидгыла аицеибашьцәа ицны тҟәас дганы, дыршьит. Ԥыҭрак ашьҭахь, Жиули Шартава иԥсыбаҩ ақырҭуа аганахь иарҭеит.
Анышә дамадоуп, Ваке апантеонаҿ. 2004 шықәсазы, аԥсҭазаара алҵра ашьҭахь, ианашьахеит амилаҭтә фырхаҵа иорден.
Агәалашәара
[аредакциазура | акод аредакциазура]2004 шықәсазы Жиули Шартава ианашьахеит Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ. Ианашьоуп “Гиорги ацқьа” ахьтәы, “Вахтанг Горгасали” актәи аҩаӡара змоу аорденқәа. Сенаки аҟны иаԥҵахеит Жиули Шартава имузеи. Уи ихьӡ ирынашьахеит амҩақәа, ашколқәа Қарҭ, Қәҭешь, Баҭым, Русҭави рҟны. Иргылахеит абаҟақәа Русҭави, Сенаки рҟны. 2014 шықәсазы Қырҭтәыла атехникатә университетаҿ иашьаҭакхеит Жиули Шартава ихьӡ зху аҳәынҭқарратә политика, анапхгара адоктортә школ.
2020 шықәсазы иҭыжьхеит Жиули Шартава иԥошьҭатә марка 2019-2020 шықәсатәи амаркақәа ртематикатә план аҩныҵҟа “Амилаҭтә фырхаҵа”.[3]
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ჟიული შარტავა — საქართველოს ბიოგრაფიული ლექსიკონი
- ჟიული შარტავა — საქართველოს პარლამენტის ოფიციალური საიტი
- შარტავა ჟიული: პარლამენტის წევრობასთან დაკავშირებული ინფორმაცია. საქართველოს პარლამენტი, 1992
- (аур.) ჟ. შარტავას მემორიალური გვერდი
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ საქართველოს ეროვნული გმირის ორდენის 18 მფლობელი
- ↑ ჯონსი ს., „საქართველო: პოლიტიკური ისტორია დამოუკიდებლობის გამოცხადების შემდეგ“ = Georgia: A Political History of Independence, თბილისი: სოციალური მეცნიერებების ცენტრი, 2013 [2012]. — გვ. 117, ISBN 978-9941-0-5972-8.
- ↑ „საქართველოს ფოსტამ“ ჟიული შარტავას საფოსტო მარკა გამოსცა. marketer.ge (18 თებერვალი, 2020).