Хәарцкиа, Игор Иван-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Игор Иван-иԥа Хәарцкиа (аур. Игорь Иванович Хварцкия; лаҵарамза 151955 ш., Жәандрыԥшь аҟыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, ажурналист, апублицист.

Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Хәарцкиа Игор Иван-иԥа - Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, ажурналистцәа Реидгыла Аконфедерациа алахәыла, Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла, Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан Аԥсуа радиои агазеҭ “Аԥсны Ҟаԥшьи” рҿы корреспондентс, ашәҟәҭыжьырҭа “Алашара” редакторс дыҟан, агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы аус иуан. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәеи апрозатә ԥҵамҭақәеи реизгақәа ԥсышәалеи урысшәалеи. 2009ш. рзы Аԥсуа шәыҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит иажәабжьқәеи иессеқәеи реизга “Гора мудрецов”. Игор Иван-иԥа Хәарцкиа авторс дрымоуп акыр усумҭақәа адинҭҵааратәи аҭҵаарадырратәи хәыцшьақәа зныԥшуа аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рыспицифика иазкны, иара убас аусумҭақәа Урыстәыла аҭыԥ ԥшьақәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи ирызкны. Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа иреиуоуп Л. Регельсони иареи иаԥырҵаз ашәҟәы “Земля Адама”. Иара убас, И.И. Хварцкиа акыр ҩымҭақәа аурыс классика аҟынтә аԥсуа бызшәахь еиҭагоу ажәеинраалақәа авторс дрымоуп.

Абиблиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акьыԥхь аҟны - 1980 шықәса инаркы.

  • Ӡыда аҟәара. Аҟәа, 1985 шықәса.
  • Аԥаимбар абра диаст. Аҟәа, 1991 шықәса.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 941
  • Абхазское поэтическое слово - на русском и армянском языках://РА[permanent анеишьа амам азхьарԥш]. - 2013. - 4-5июля, (№73). - Ст. 5. - С.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]