Уџьарма
Уџьарма — аҭоурыхтә абаа-ақалақь Қырҭтәыла аҟны. Ишьҭоуп Сагареџьо амуниципалитет ақыҭа Уџьарма аҩадахьала 4 км бжьаҵаны, Гомбора ашь-хеибаркыра азааигәара, аҩныҵҟатәи аҳәынҭқарратә аҵакы змоу амҩа, Қарҭ-Ҭелави аҿықәан, аҭоурыхтә-агеографиатә провинциа адәахьтәи Кахети аҟны, аӡиас Иври арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]- “Аспагур иргылеит абаа-ақалақь Уџьарма”
Уџьарма аргылара апериодны III-IV ашәышықәсақәа рынҵәамҭа, аҳ Аспагур иаҳра апериодны иԥхьаӡоуп. Уи арԥшӡара-арӷәӷәара иахӡыӡаауан Вахтанг Горгасали, Дачи. Урҭ рхаан иргылахеит ацитадель иӷәӷәоу абаашқәа рыла, иӷәӷәоу аҭӡқәа рыла, аҳҭынрақәеи ауахәамақәеи рыла. Вахтанг Горгасали V ашәышықәса аҩбатәи абжаҿ Уџьарма ихатә арезиденциақәа руакны ианыҟаиҵаз ашьҭахь, абаа-ақалақь иалукааша аизҳара аиуит. IV-VIII ашәышықәсақәа раан Уџьарма акрызҵазкуа ароль нанагӡон атәыла аҭоурыхаҿ.
914 шықәсазы Уџьарма арабцәа иргеит, еиларыжьит. Абри ашьҭахь Уџьарма аҵакы икаҳауеит, аҟазаара нанагӡоит, ауаа ахьықәынхоу апункт маҷ еиԥш. XII ашәышықәсан Уџьарма ирҿыцит аҳ Гиорги III (1156-1184 ш.), ихатә аҭаҵәахырҭаны иҟаиҵеит.
XIII ашәышықәсан амонголцәа рхатәара, XV ашәышықәса аҵыхәтәаны Қырҭтәыла аҳра аилабгара аҳра-самҭавроны аихшара еиҳа-еиҳа иканажьит Уџьарма аҵакы, аамҭаказ аизҳара змаз ақалақь ақалақь хәыҷны иҟалеит.
Архитектура
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абаа-ақалақь иргылоуп аӡиас Иври арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҿы ишьҭоу иҳараку абахәаҿ, Иври иҭшәоу адәылҵырҭа азыркуа гәашәын. Ақалақь акымкәа ашә аман. Ихадоу ашә абаа амраҭашәарахьала иҟан. Абаа-ақалақь ихадоу ацитадельаҿ иҭагалоуп ахьчаратә баашқәа. Абаа аҩада-амрагыларахьала акәакьаҿ иаадырԥшит ҩ-еихагылак змоу анхарҭа хыбра ахыжәжәарақәа.
Абаа аҟны иргылоуп аџьаркыдҵа ахьӡ зху ҩ-еихагылак змоу ауахәама. Актәи аихагыла еиҳа иажәуп, аҩбатәи аихагыла X-XI ашәышықәсақәа раан иахадыргылеит. Иахаргылоу ауахәама иҳараку анышьазаҵә змоу ауп, аԥенџьырқәа иамоуп амрагыларатәи, амраҭашәаратә аганахь. Ауахәама аҭӡқәа иеихагалоуп ахаҳә ижәпоу ахаҳәҟьаԥсқәа рыла, хәҭакала ажәытәтәи аиқәҵаратә аквадрқәа рыла.
Абаа абаагәара инагӡан аҩадахьтәи аганахьала, инаау ацаҟьатә анаараҿ, аӡиас аԥшаҳәанӡа. Абри аҭӡқәа рҿы еиҟароу абжьаӡарала 9 баашк иҭагалан. Абаашқәа аҩбатәи, ахԥатәи аихагылақәа иазкын абаа зыхьчоу ар рынхаразы. Абаашқәа ирыман ихҩоу, анышәла ихҩоу ахыб. Анышәла ихыбу апериметраҿ иҟан ахыжәжәарақәа, мацара урҭ рышьҭахь ауадабжьара-адәылҵырҭа.
Аӡиас Иври ахықәаҿ иаанханы иҟоуп Квирацховели ахьӡ зху ауахәама. Уи аҭӡқәа ахаҳәԥслымӡла, ақьырмытла иргылоуп, аҳамԥ аромб аформа змоу аиқәҵала инагӡоуп. Аладахьтәи аганахьала иадҟаҵалоуп ауахәама ҿыц, зыҵаҟа еиқәыршәоуп анышәынҭра. Иубоит иажәу аҭӡы ашьҭа. Иҟалап, абра иҟазар аҳ Аспагур ила иргылоу абаа ацәынхақәа.
Аҭынхара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵхрақәа ирылҵшәаны абаа-ақалақь аҵакырадгьылаҿ ирыԥшааит асаркьеи аџьази иалху анапхаҵақәа; аџьазтә мацәазқәа, аҳәынҵәрақәа, аҳаԥшьақәа, ачаӡырҭа, анышәынҭрақәа (XII-XIII ашә.).
Иинтересу афактқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Уџьарма аҟны иԥсҭазаара далҵит ихьанҭаны ихәыз Вахтанг Горгасали.
- Ажурнал Forbes Уџьарма 2012 шықәсазы иҭанагалеит адунеи 9 зегь раасҭа ижәытәу абаақәа рсиаҿ.[1]
2006 шықәса жьҭаарамза 7 рзы, Қырҭтәыла апрезидент идҵара иашьашәаланы ианашьахеит амилаҭтә ҵакы змоу акультура имеиҭаҵуа абаҟа акатегориа.[2]
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- „საქართველოს არქეოლოგია“ / რედ: აფაქიძე ა., თბილისი: თბილისის სახელმწიფო უნივერსიტეტის გამომცემლობა, 1959. — გვ. 351-353; 375-377.
- „ციციშვილი ი., უჯარმა“, // ჟურ. ძეგლის მეგობარი, №. 6 თბილისი: საბჭოთა საქართველო, 1966 წელი. — გვ. 26-29
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Уџьарма |