Урыстәыла амш

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Урыстәыла амшрашәарамза 12, 1990 шықәса рзы РСФСР жәлар рдепутатцәа актәи Реизара ду иаднакылеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа, уаҟа ирылаҳәан Урыстәыла Аконституциеи уи азакәанқәеи шракәу ихадароу мчраны иҟоу. Урыстәылатәи аҳәынҭқарра арӷәӷәара аус иадҳәалаз азҵаарақәа инарываргыланы, акырзҵазкуа усны иҟалеит аҳәынҭқарра ахьӡ ҿыц аҭара – Урыстәылатәи Афедерациа (Урыстәыла) ҳәа. Ари аныҳәа ҳаргьы иаҳзааигәоуоп, аха уи заҳзааигәоу Аԥсны ауааԥсыра рыбжеиҳараҩык Урыстәыла атәылауаҩра ахьрымоу акәӡам, уи ҳзааигәоуп, избанзар ҳаҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа акыр еиларсуп; насгьы Урыстәыла ҳара иҳадгылоу ҳәынҭқарроуп, активла ацхыраара ҳтәыла иазҭо. Уи иҟанаҵо адгылара шьақәзырӷәӷәо акоуп Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи аҭоурых аҿы хашҭра зқәым арыцхә, анаҩс иҳәынҭқарратә ныҳәамшны ирылаҳәо – нанҳәамза 26, 2008 шықәса, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ианазханаҵаз амш.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Акрызҵазкуа арыцхәқәа рамзар, Аҟәа, 2015 ш.
  • Кучуберия А. День России в республике отметили торжественным маршем и танцами//Комсомольская Правда. - 2013. - 14 июня, (№20). - С.6.