Урыстәыла-Қырҭтәыла аибашьра (1921)
Урыстәыла-Қырҭтәыла аибашьра 1921 ш., иара убас идыру, Армиа ҟаԥшь Қырҭтәыла алалара еиԥш, асоветтә, Қырҭтәыла аибашьра (жәабранмза 15 — хәажәкырамза 17, 1921) — асоветтә Урыстәыла Армиа ҟаԥшь арратә кампаниа Қырҭтәыла адемократиатә Республика иаҽагыланы аҭыԥантәи Асоциал-демократиатә (Аменшевиктә) аиҳабыра ахцара, атәылаҿ Абольшевиктә режим ашьақәырӷәӷәара, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл анексиа-ампыҵакра иахықәкны.
Аконфликт асоветра аекспансиатә политика алҵшәа акәын, изхықәкыз Урыстәыла аимпериа аҵакырадгьыл зегь аҟны аконтроль ашьаҭакра акәын. Уи аҟны акрызҵазкуа ароль ихәмарит Урыстәыла аҟны амаҵураҿ иҟаз ақырҭуа Абольшевикцәа, иарбанқәоу измамыз Қырҭтәыла ауааԥсыраҿ авагылара, Абольшевиктә режим ашьаҭакраз атәым тәылатә инвестициа рҭахын.
Иаԥхьааиуа аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Актәи адунеитә аибашьра, Урыстәыла аҟны иҟалаз ареволиуциақәа рсериа иалҵшәаны, 1918 шықәсазы Қырҭтәыла иарҿыцит ахьыԥшымра.
Раԥхьа ақырҭуа елита иаҭахӡамызт Урыстәыла алҵра, аха Кавказтәи афронт аиԥырҵра, атәым тәылақәа рқәылареи ахаоси ашәарҭара уи ацашьа амамызт иаԥнаҵар аҳәынҭқарра Қырҭтәыла ахьчаразы, арратә еиԥш, убас аполитикатә аилашыкьымҭақәа рҟынтә - Абольшевикцәа рҟынтә, анти-большевикцәа рҟынтә, аҭырқәцәа рҟынтә, иарбану хықәкыс измаз ахатә анырра аларҵәара аладатәи Кавказаҿ. Азербаиџьан, Аермантәыла Қырҭтәыла иацныҟәеит.
Қырҭтәыла адемократиатә Республика, асоциалистцәа ахаҿы, аизҳара бзиа иаиуит адемократиатә ҳәынҭқарра аԥҵара аусаҿ. Аха абри апроцессаҿ атәыла иаҿагылеит ауадаҩра рацәа: арратә конфликтқәа Ҭырқәтәыла аҟны, Аермантәыла аҟны, иара убас аладатәи Урыстәыла “Аҟаԥшьқәа”, “Ашкәакәақәа” рыҟны, аекономикатә блокада амраҭашәаратә аҳәынҭқаррақәа рганахьала, 1920 шықәса аҟынӡа адунеижәларбжьаратәи азхаҵара агхара, аҩныҵҟатәи аконфликтқәа аетникатә аиҵарақәак рыҟны, аҭыԥантәи Абольшевикцәа рдиверсиаатә ауранагӡара, иарбану Москва аҟынтә, Акремль адҵақәа нарыгӡон.
1920 шықәса жәабранмза аҵыхәтәаны еиқәыршәахеит алианс Ҭырқәтәыла акемалисттә аиҳабыреи Урыстәыла асоветтә аиҳабыреи рыбжьара. Алианс ҿыц хықәкыс иаман, ҩ-тәылак рыбжьара иҟазарц астабилтә адгьылтә аимадара. Абри ахықәкы анагӡаразы иахәҭан, аладатәи Кавказтәи х-ҳәынҭқаррак - Азербаиџьан, Аермантәыла, Қырҭтәыла адемократтә Республикақәа еихшахар Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара. 1920 шықәса лаҵарамза 31 рзы Урыстәыла 11-тәи Армиа ҟаԥшь иалалеит Азербаиџьан, иҟалеит уи асоветтәра. Ԥшь-мзак рышьҭахь Ҭырқәтәыла иалалеит Аермантәыла, зышьҭахьгьы ари аҵыхәтәантәи цашьа амамызт ахатә аҵакырадгьыл абжа рынамҭар, иаанхаз аҵакырадгьыл убриҵәҟьа ашықәс аҵыхәтәаны Армиа ҟаԥшь иампыҵанакит. Қырҭтәыла Адемократиатә Республика, аҵыхәтәантәи ихьыԥшым Кавказтәи аҳәынҭқарра, иарбану амраҭашәаратә бастионны иԥхьаӡаз, иҭакын акемалистцәеи Урыстәылеи рыбжьара, убриазы, иалгарц аҭырқәуа-асоветтә проект Кавказаҿ, убригьы еилаҳаракәын.
Аибашьратә нагӡамҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Алагамҭа
[аредакциазура | акод аредакциазура]1921 шықәса жәабранмзаан, Москва аинструкциақәа ирышьашәаланы, Армиа ҟаԥшь Қырҭтәыла Адемократиатә Республика иалалеит. Асуверентә аҳәынҭқарра иаҿагылаз ари анагӡамҭа, излеилагахаз 1920 шықәса лаҵарамза 7 рзы Урыстәыла-Қырҭтәыла аҭынчратә аиқәышаҳаҭра, ԥыҭрак ашьҭахь асоветтә литератураҿ аилыркаара зызууз, иаарԥшын, аҭак еиԥш Қырҭтәыла Адемократиатә Республика иацхраазшәа Дагестан апартизантә аиҭаҵра, аҭыԥантәи Абольшевикцәа ирҿагылаз арепресиақәа рзы, асоветтә Аермантәыла аекономикатә блокадазы.
Қырҭтәыла амассатә ажәлара алагара асоветтә “Жәлартә ақәгылара” Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аиҳабыра иаҿагыланы, ихаданы, аерманцәа ахьынхоз Борчало Амазраҿ, иара убас, иӷәӷәоу аҳәаатә аиҿасрақәа ақалақь Закатала аҟны, иззы апретензиа асоветтә Азербаиџьан иаанарԥшуаз.
1921 шықәса жәабранза 11 рзы асоветтә Урыстәыла, асоветтә Аермантәыла арратә мчқәа иалалеит Қырҭтәыла Адемократиатә Республика ала аконтроль зызуз Борчало аҟны, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхыраарала иақәлеит арратә гарнизонқәа Санаиг аҟны, Воронцовка аҟны (Ташир).
Уззыԥшым ихьанҭоу ажәылара аҟынтә Қырҭтәыла Адемократиатә Республика арратә адгылақәа ихьаҵит аҩадеи амраҭашәареи аганахьала. 68 асааҭ ашьҭахь урҭ ироуит аԥкра змаз ацхыраара (мацара абатальонк), инарыгӡеит иӡыз аҵакырадгьылқәа рырхынҳәраз илҵшәадоу аҽазкра. Иқәҿиарадоу аконтржәылара ашьҭахь Қырҭтәыла Адемократиатә Республика ар еиҳа аҩада ихьаҵит: Аирум-Садахло ацәаҳәаҿы (Санаин агәыԥ), Екатериненфелд аганахь (Воронцовка агәыԥ).
Жәабранмза 16 рзы асоветтә арратә мчқәа Урыстәыла 11-тәи Армиа ҟаԥшь 96-тәи, 60-тәи, 20-тәи ахысыҩцәа рбригада аполкқәа, асоветтә Аермантәыла аҽыуаа рбригада, Абольшевикцәа аҭыԥантәи рыдгылаҩцәа алакны, иалалеит ақыҭа Шулавер, Аермантәыла аҳәаа аҟынтә аҩада-амраҭашәарахьала 25 километранӡа, абра еиҿкаахеит “Қырҭтәыла ареволиуциатә комитет”, иарбану аҟаԥшь ахадацәеи аҭыԥантәи Абольшевикцәеи рҟынтә ишьақәгылаз. Убриҵәҟьа амшаз акомитет ахы рнардырит Қырҭтәыла алегитимтә аиҳабыраны, адҵа анаҭеит асоветтә Урыстәыла иззыԥштәым арратә интервенциаз. Сааҭқәак рышьҭахь 11-тәи армиа 54-тәи, 58-тәи ахысратә бригадақәа иалалеит Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аҵакырадгьылаҿ Ацҳа ҟаԥшь иалсны, иарбану изцааз 12-тәи аҽыуаа рдивизиа, 55-тәи акәылӡытә архәҭа. Убриаамҭаз 26-тәи ахысратә бригада, а-9-тәи ахысратә дивизиа аҽыуаа рполк иалалеит Қырҭтәыла Адемократиатә Республикаҿ Мтквари(Кура) иалсны Поилу аихамҩатә ацҳа аҟны, иарбану уаанӡа иԥыржәаз аҵыхәтәантәи Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аҳәаахьчаҩцәа, иҟамларц асоветтә икәылӡырку адәыӷбақәа, атанкқәа аԥхьа реиҭаҵра. Аҩбатәи амшаан Қырҭтәыла Адемократиатә Республикаҿ, аҳәаатә ақалақь Закатала аганахьала иара убас иалалеит 11-тәи армиа 59-тәи ахысыҩцәа рбригада, 18-тәи аҽыуаа рдивизиа. Анатоли Гекер, дарбану убри аамҭаз 11-тәи армиа ахадас иҟаз, иуоуит ишиашоу адҵа Москва аҟынтә, иааныикыларц Қырҭтәыла аҳҭнықалақь жәабранмза 19 иахмырԥакәа.
Убриаамҭаз, асоветтә Урыстәыла 98-тәи ахысратә бригада Ҭерги аҽыуаа рдивизиа ацны иармазеиуан Қырҭтәыла Адемократиатә Республика ақәлара Ҭерги аокруг аҟынтә Роки, Мамисон ашьхахыҵырҭақәа рыла, мацара а-9-тәи армиа ижәыларакәын Аԥсны аҟынтә, инаскьаракәын амшын Еиқәа аԥшаҳәа иавакны.
Асоветтә Урыстәыла Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аасҭа акырӡа хыԥхьаӡарала аиҳара аман. 1921 шықәса жәабранмза 16 рзы асоветтә арратә мчқәа 11-тәи, а-9-тәи армиа алакны, ахатә адгылаҩцәак ацны - 98-тәи ахысратә бригада, асоветтә Аермантәыла аҽыуаа рбригада, Бақәа абригада ҟаԥшь алакны, хыԥхьаӡарас иаман 40 нызқь етҳагы аибашьҩцәа 4300 акавалериала урҭ рыбжьара, иара убас урҭ ирыман 196 цырак артилериатә аиҿартәыра, 1065 ахыԥсаҟьага, 50 аҳаирплан, 7 акәылӡытә адәыӷба, 4 танк, ирацәаны акәылӡытә машьына.
Абри амчқәа Қырҭтәыла Адемократиатә Республика алшара аман иаҿанаргылар мацара 1, а-2-тәи ахысратә дивизиа 11 нызықьҩык аруаа, ашьхатә артилериатә дивизиа, Аҟәа 1 аҳәаатә полк, а-2-тәи аҳәаатә полк.
Қарҭтәи ақәԥара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Қырҭтәыла ар рԥыза, аинрал Гиорги Квинитаӡе иӡбеит аҵыхәтәантәи ақәԥара Қарҭ агәашәаҿ инаигӡар. Жәабранмза 19 рзы Қарҭ аҟны ушьҭа иуаҳауан аурыс армиа абзарбзанқәа рыбжьы. Ақырҭуа артилериа уи активла аҭак анаҭеит. 2-3 мшы рыҩныҵҟа ақырҭцәа аконтржәыларахь иасит 1500 уаҩык тҟәас иргеит. Акавалериа амамзаара иахҟьаны ақырҭуа ар изрышьҭамлеит аҿагылаҩцәа, иарбан Армиа ҟаԥшь ианаҭеит аԥсшьареи аҽеихшареи аамҭа. Аиҳабыреи арратә штаби рыӡбамҭа, иаанрыжьырц Қарҭ, адеморализациа аланагалеит афронтаҿ, апаника арҿиеит анырхараҿ. Жәабранмза 25 рзы Армиа ҟаԥшь иҭацәыз Қарҭ иалалеит.
Жәабранмза 16 рзы - Армиа ҟаԥшь архәҭақәа Ацҳа ҟаԥшь ала Қырҭтәыла аладатәи аҳәаа иахысит, ақыҭа Шулавер ааныркылеит. Абра урҭ ахатәгәаԥхарауаҩцәа ргәыԥқәа Кахети аҟынтә Стефан Ахметели ихадарала ирҿагылеит. Анаҩс Абольшевикцәа аҩадахьтәи Қарҭ ахьы рҿынархеит.
Жәабранмза 17 рзы - арратә мчқәа раԥхьа дгылеит ар рԥыза аинрал Квинитаӡе. Жәабранмза 18 рзы - Иаӷлуџь акәша-мыкәшаҿ ақырҭуа аибашьцәа ироуит ақәԥаратә аизҳара. Иалукаартә ахьӡ ргеит Қарҭ арратә школ аиункерцәа, иарбанқәоу аӷа Қороҟани абаа, Кумис, Вашловани анаҩс иқәызцаз. Ушьҭа жәабранмза 19 рзы, убри иамыхәаԥшыкәа, раԥхьа аурысцәа реиҳара иубартә ишыҟаз, ақырҭуа ар Армиа ҟаԥшь иӷәӷәаны ааха анаҭеит, ашьҭахь иархынҳәит. Ақырҭцәа 1000 атҟәақәа ргеит.
Жәабранмза 20 рзы, Коџьори араионаҿ 11-тәи Армиа ҟаԥшь архәҭақәа еиҭа иаҵахеит, иахьықәԥоз абзарбзанқәа, ахыԥсаҟьагақәа аанрыжьит, ашьҭахь рҿынархеит.
Жәабранмза 19-20 рзы, ақыҭа Табахмела аҟны, Қарҭ азааигәара 11-тәи армиа архәҭақәа 510 аиункерцәа ирҿагылеит. Ақыҭа ақырҭуа аиункерцәа ирзаанхеит, аха Армиа ҟаԥшь урҭ ирывсит, ажәылара нарыгӡеит.
Жәабранмза 23 рзы, аихамҩатә аиҭаниааира ирҿыцхеит (аинрал Ҵулакиӡе арельсқәа ԥижәеит, амҩақәа ирбгеит, аӷа иааира ааникыларц), иарбан Урыстәыла арезерв ахарҭәаара зырҿиаз, урҭ ржәылара дырӷәӷәеит аҳҭнықалақь аганахь.
Жәабранмза 17-24 рзы ақәԥарақәа имҩасуан Қарҭ анеирҭақәа рҿы. Аихьацрақәак ирыхәамԥшыкәа, жәабранмза 24 рзы Урыстәыла-Қырҭтәыла аибашьра афронттә цәаҳәа Кахети аҟынтә 90 километраҿ еиҵыхын, зыхьчара арезервқәа рмаҷра иахҟьаны алшара ыҟамызт. Қарҭ анеирҭақәа араионқәак рҿы зынӡа ахьчрада иҟан.
Жәабранмза 24 рзы, уахынла асааҭ 10 рзы, аиҳабыра, аинрал Г. Квинитаӡе ирыӡбеит Мцхеҭа аганахь ахьаҵра, аҿыц ирӷәӷәоу ацәаҳәа арҿиара. Аиҳабыра иааннажьит Қарҭ. Жәабранмза 25 рзы аҳҭнықалақь аҟны Урыстәыла 11-тәи Армиа ҟаԥшь архәҭақәа қәԥарада иалалеит. Бақәа аҟынтә Серго Орџьоникиӡе Ленин ашәҟәы изииҩит: “Қарҭ ахаҿы абираҟ ҟаԥшь ахагылоуп, нагӡара ақәзааит асоветтә аиҳабыра!”
Қарҭ ишааргазҵәҟьа ар ҟаԥшь архәҭақәа апарад мҩаԥыргеит ақалақь ихадоу ашҭаҿ. Аҩбатәи амшаан ауааԥсыра аҽгаратә процессиа еиҿыркааит Русҭавели апроспектаҿ. Ауаа ақырҭуа аиункерцәа аурыс Собора ашҭаҿ анышә имардеит. Армиа ҟаԥшь апроцессиа иаԥырхагамхаӡеит.
Сурамтәи ақәԥара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Қарҭ ааныжьра ашьҭахь ақырҭуа ар Армиа ҟаԥшь аҟны акымкәа аиҿагылара аман Мцхеҭа аҟны, Гори аҟны, Осиаури аҟны, Сурами ашьхахыҵырҭа аҟны. Аиҳабыра Баҭымахь иасит. Даара иуадаҩу аҭагылазаашьа иамыхәаԥшыкәа уи акапитулиациа ҟанамҵеит.
1921 шықәса хәажәкырамза 4 рзы Армиа ҟаԥшьи Қырҭтәыла Адемократиатә Республика амчқәеи рыбжьара имҩасуаз апериодаҿ Армиа ҟаԥшь авангардтә архәҭа (3-4 нызықьҩык) иазааигәахеит авокзал Михаилов, хәажәкырамза 5 рзы иалагеит ақырҭуа армиа апозициақәа рыштурм. Ажәылара иаҿагылеит, уахынла Михаилов ахьчаҩцәа аконтржәыларахь ииасит, изылҵшәангьы ашьҭахь ихьаҵит архәҭа Армиа ҟаԥшь ашьаҟартә х-бригадак, акавалериа аполк.
Адемократиатә Республика амчқәа иарбоу реизҳара Қарҭ асоветтә армиа ахалара аҭынчратә аиҿцәажәара иаӡбартә иҟанаҵеит, аха хәажәкырамза 6 рзы уахынла аинрал А. Кониашвили иузымҳәо амзызқәа ирыхҟьаны иаанижьит апозициақәа, амраҭашәаратә аганахь дхьаҵит. Аинрал Гиорги Квинитаӡе ашьҭахь дхьамҵыр аԥсыхәа имамызт. Хәажәкырамза 6 рзы ирӷәӷәоу Армиа ҟаԥшь аидгыла иааннакылеит Михаилов, анаҩс Сурами аҳаԥкылҵа. Қырҭтәыла ар, 10000 ауаа иахьаанхаз, аӡиас Риони армарахь, Саџьавахо аҟны иаанҿасит. Абри ада, Баҭым игылан 3000 уаҩык агарнизон.
Амраҭашәаратә Қырҭтәыла акаҳара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Қарҭ иалалаз Армиа ҟаԥшь анапхгара иахәҭоуп ҳәа иаԥхьаӡеит амраҭашәаратә Қырҭтәыла аҟны иҟаз Қырҭтәыла азакәантә аиҳабыра аҟны аиҿцәажәара. Абри ахықәкыла Филип Махараӡе, Мамиа Орахелашвили, Шьалуа Елиава Жорданиа иахь ақырҭуа аинтелектуалцәа рыхәҭа нарышьҭит. Аделегациаҿ иалан Михако Ҵереҭели, Геронт Қиқоӡе, Ҭедо Ӷлонти. Армиа ҟаԥшь анапхгаҩцәа Адемократиатә Республика аиҳабыра аҟынтә акапитулиациа иаҳәон, Жорданиа асоветтә Қырҭтәыла аҟны аанхара идыргалон, аха Ное Рамишвили агарантиас акагьы ирҭомызт. Жорданиа адгаламҭа дақәшаҳаҭымхаӡеит. Қиқоӡе имемуарқәа ирыхәаԥшны Ленин Орџьоникиӡеи Буду Мдивани дрыцәгәааит, избанзар урҭ Жорданиа Қырҭтәыла аҟны дырзаанымкылеит
Баҭым аҟны Қырҭтәыла Ареспублика аиҳабыра аҟазаараан иалалеит Османтәыла аимпериа ар. Урҭ иақәлеит апортқәа, шьоукы иркит, аха аҿагылара ӷәӷәа рықәшәеит ақырҭуа ар аҟынтә, ақалақь аанрыжьит. Армиа ҟаԥшь урҭ ирҿамгылаӡеит, избанзар Брест-Литовски аинааларала Урыстәыла Османтәыла ианаҭон Баҭымтәи араион Артвин аокруг, Ҟарсис, Артаан аокругқәа.
Қырҭтәыла аҵахара амзызқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҭоурыхдырҩы Димитри Силақаӡе Қырҭтәыла аҵахара амзызны акымкәа афактор дахцәажәоит. Актәи абри аҩыза афактор ауаҩтәы ресурс ахархәара апроблема акәын. Арратә аминистрра амобилизациатә сиақәа рҿы 150000 ауаҩы ыҟан, аха урҭ рыбжьара амобилизациа алымҵит, абџьар, аибашьратә маҭәахәқәа рмаҷра, ихьанҭоу аматериалтә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Убри иамыхәаԥшыкәа, бџьарла еибыҭоу амчқәа атәыла абиуџьет ахԥатәи ахәҭа ишхархәахоз, ари аԥара иазхомызт акыраамҭа аҩныҵҟа абжала амобилизациа азухар ар.
Еиҭа акрызҵазкуа афакторк, иарбану Қырҭтәыла аҵахара иақәзыршәаз, иҟан аинициатива, иарбану аурыс армиа аибашьратә актәи аетап аҟынтә анапахьы ишьҭнахыз, аибашьра аҵыхәтәанынӡа иоунамыжьӡеит. Аинициатива знаԥахьы ашьҭыхра, азааныжьра макьана 1920 шықәса ԥхынҷкәынмзаан ихадоу афакторны иԥхьаӡон 11-тәи армиа ахада, Ҳекер. Иаҿагылоу аҭагылазаашьаан, уи дақәгәыӷуамызт аиааира. Иашаны абри аинициатива инапахьы ишьҭнахит жәабранмза 11-16 рзы ақәԥарақәа раан 11-тәи армиа, аибашьра амҩасра ахаҭа иаҵанаҳәон. Абри абзоурала акрызҵазкуа аетапқәа зегь рҿы, иаманшәалоу аамҭаз инарыгӡон минимум ҩынтә хыԥхьаӡарала аиҳара аиура.
Қырҭтәыла иҟанаҵаз агхақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҭоурыхдырҩы Димитри Силақаӡе иазгәаиҭоит, аибашьра аԥхьа, 1920 шықәса ԥхынҷкәынмзаан Қырҭтәыла аԥшыхәра анапахьы ишьҭнахит 11-тәи армиа ахада иплан, ари аплан анализ азура иалҵшәаны ахадара иаԥхьаӡеит аҿагылаҩ мшаԥымзанӡа дшаламгоз аинтервенциа.
1921 шықәса жьырныҳәамзаан, иҟалеит ар адемобилизациа, аҩныҟа ирышьҭит уи аруаҩцәа, иарбанқәоу арратә усура аҿҳәара шықәсык аԥхьы изцәынҵәахьоу, усгьы адезертирра иаҿыз. Иаадкыланы иуҳәозар, афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны, убри иамыхәаԥшыкәа, абиуџьет ахԥатәи ахәҭа ар рзы ишхархәахоз, амзақәа рыҩныҵҟа ар амобилизациа ҟаломызт. Абри ацынхәрас, жәабранмза 6-15 рзы арра ирго ҿыц рааԥхьара аплан шьҭыххеит, иарбанқәоу 6 мчыбжьыктәи азыҟаҵара ашьҭахь еиқәышәшәа иҟалон.
Агха ҟаҵан акадртә политикаҿ. Ар рԥызас даҭахеит аинрал Илиа Одишелиӡе, даара аԥышәара иахысхьоу аинрал, аха абриаамҭаз ахадаратә харизма, аҩныҵҟатәи амч згыз, имарианы дҟалон аполитикцәа рнырра аҵаҟа.
Абриаамҭаз, зегь раасҭа акрызҵазкуа, алада-амрагыларатә афронт ахадас уи аинрал Иосиф Гедеванишвили даиҭеит, иԥышәадоу аруаҩ. 1906 шықәсазы Душети ахазынарҭа арҳәраҿы арра далырцеит, мацара 1917 ашықәсан дхынҳәит. Уи даара активла, аха абриаамҭаз иԥышәадоу абри аҩыза аҭакԥхықәразы.
Борчало ауезд аладатәи ахәҭаҿы иҭаргылаз ар ахадара адҵала, мацара абри ахадацәа рҳәарала, аполитикцәа рҽалагарала, иԥсаҟьоу, иҽеимкәа иазыҟаҵан.
1921 шықәса жәабранмзаан 11-тәи аурыс армиа ахада, убри иамыхәаԥшыкәа, ишимамыз уи амчқәа иарбану ԥхынҷкәынмзаан дызҳәоз иӡбеит игәаӷьыр, жәабранмза 11-12 рзы Борчало ауезд анеитралтә ацәаҳәаҿы иԥсаҟьоу ақырҭуа ар дақәлеит.
Аофициалтә версиала, аҭыԥантәи ауааԥсыра иқәгылеит, аишаҵәҟьа 11-тәи армиа архәҭақәа иажәлеит убра игылаз ақырҭуа ар, аҭыԥантәи адиверсантцәа рыцны, иарбанқәоу ушьҭа акыраамҭа аҩныҵҟа иазыҟарҵоз.
Қырҭтәыла аиҳабыра аевакуациа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Баҭым аҟны имҩаԥгыхеит ашьаҭакҩы аизара аилатәара, иарбану ишьақәзыргылаз Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аиҳабыра аемиграциахь рцара, убрантәи аибашьра анагӡара Урыстәыла иампыҵанакыз Қырҭтәыла ахы ақәиҭтәра иахықәкны. Ахаҭа ашьаҭакратә аизара, атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә орган еиԥш, ахатә азинмчра иамнамхӡеит. Абасала, азинтә агәаанагарала, Қырҭтәыла иҟалеит Урыстәыла аинтервенциа ашасыс, Урыстәыла инанагӡеит Қырҭтәыла ампыҵакра. 1921 шықәса хәажәкырамза 17 рзы Қырҭтәыла Адемократиатә Республика аиҳабыра Баҭым иааннажьит, аемиграциахь ицеит.
Алҵшәақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Урыстәыла-Қырҭтәыла аибашьра 1921 шықәса жәабранмза-хәажәкырамзаан иалгеит Қырҭтәыла Аменшевиктә аиҳабыра аемиграциала, Абольшевиктә анапхгара ашьақәырӷәӷәарала. Хазы иформаркхеит Аԥсны Асоветтә Асоциалисттә Республика, еиқәыршәахеит аимадаратә аиқәышаҳаҭра Қырҭтәыла ССР аҟны. 1921 шықәса абҵарамза 12 рзы ишьҭаҵахеит Ҟарси аиқәышаҳаҭра, иарбану хәажәкырамза 16 рзы Москва аҟны еиқәыршәоу аиқәышаҳаҭра аԥҟарақәа реиҭахысра. 1922 шықәсазы Қырҭтәыла зны Кавказтәи СФСР аҟны иаларҵеит, мацара анаҩс убриҵәҟьа ашықәсан, афедерациа иацны Асоветтә Асоциалисттә Республикақәа Реимадара иадырҵеит.
1990 шықәса Қырҭтәыла ССР иреиҳаӡоу ахеилак 1921 шықәса Урыстәыла-Қырҭтәыла аибашьра ахәшьара анаҭеит ампыҵакра еиԥш, афакттә анексиа аполитикатә хәаԥшырала. Қырҭтәыла ССР иреиҳаӡоу ахеилак изинданы, иаԥыхуп ҳәа ирыланарҵәеит 1921 шықәса лаҵарамза 21 рзы аусуҩцәа-анхацәа реимадаратә аиқәышаҳаҭра Қырҭтәыла Асоветтә Асоциалисттә Республикеи Урыстәыла Асоветтә Асоциалисттә Афедератәивтә Республикеи рыбжьара, 1922 шықәса хәажәкырамза 12 аимадаратә аиқәышаҳаҭра Кавказтәи Республикақәа Афедератәивтә аимадара аԥҵара иазкны.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Soviet-Georgian War and Sovietization of Georgia, II-III. 1921. By Andrew Andersen and George Partskhaladze Revue historique des Armées, Numéro 254, 1/2009
- Советско-грузинская война 1921 г. ომის ქრონოლოგია
- Особая папка – СЧАСТЬЕ НА ШТЫКАХ, Секретная борьба в большевистском руководстве по поводу «советизации» Закавказья
- ყველაფერი „25 თებერვლის“ შესახებ, ჯიმშერ რეხვიაშვილი 2019.