Перейти к содержанию

Тәанԥҳа, Лиолиа Сулҭан-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Лиолиа Сулҭан-иԥҳа Тәанԥҳа
Леля Султановна Тванба

Лиолиа Сулҭан-иԥҳа Тәанԥҳа
Аира ажьырныҳәамза 191952 ш.
Ешыра ақыҭа, Аҟәа араион, Аԥснытәи АССР
Аусура 22

Лиолиа Сулҭан-иԥҳа Тәанԥҳа (аур. Леля Султановна Тванба; ажьырныҳәамза 191952 ш., Аԥсны, Аҟәа араион Ешыра ақыҭа – абҵарамза 222006 ш., Аҟәа) – аԥсуа поет. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан аԥсышәала.

А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1975). 1977 ш. аусура далагеит аныҟәарақәеи аекскурсиақәеи Аҟәатәи рбиуро аҟны. Ашьҭахь атәылаҿацәҭҵааратә ареспубликатә библиотекаҿ аҟәша деиҳабын, Д.И.Гәлиа иҩны-музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дыҟан. Ахәыҷ-баҳча «Иаирума» аҟны ааӡаҩын. Лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҟәатәи аҩнусбарҭа №3 аҟны аус луан.

Заа ажәеинраалақәа лыҩуа далагеит. Лҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», аизгақәа «Еҵәаџьаа», «Однажды в апреле» (Қарҭ, 1982), «…Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни» (Аҟәа, 1994), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. – Песнь Мужества. Стихи. Рассказы. Статьи» (Аҟәа – Сухум, 1995), «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа.

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп.

  • аԥсышәала: Ашамҭаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1981.
  • Аҵх алакәқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Аҳақашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2001.
  • Алахьынҵа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2006.
  • Сышьҭа. Ажәеинраалақәа. Жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа. Асалам шәҟәқәа. Агәалашәарақәа. Астатиақәа. Аҟәа, 2012.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 939