Перейти к содержанию

Тапаӷәуа, Џьота Константин-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Џьота Константин-иԥа Тапаӷәуа
Джота Константинович Тапагуа

Џьота Константин-иԥа Тапаӷәуа
Аира цәыббрамза 20, 1924 ш.
Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, ССР Аԥсны, СССР
Аԥсра лаҵарамза 1, 2013 ш.
Аусура аԥсуа хәыҷтәы поет, апрозаик, аиҭагаҩ
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алма-матер Абхазский государственный университет

Џьота Константин-иԥа Тапаӷәуа (аур. Джота Константинович Тапагуа; цәыббрамза 20, 1924 ш. Кәтол ақыҭа – лаҵарамза 1, 2013 ш.) — аԥсуа хәыҷтәы поет, апрозаик, аиҭагаҩ. Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1978). Аԥсни (1966) Қырҭтәылеи (1975) зҽаԥсазтәыз арҵаҩы. СССР-и (1959) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьоуп СССР аибашьратә орденқәеи амедалқәеи, насгьы Н.К. Крупскаиа лыхьӡ зху амедал (1985) уҳәа егьырҭгьы. Дыҩуан аԥсышәала.

1939 ш. Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратәи ашкол даналга дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа, аха аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз афронт ахь дцоит. Аибашьра анеилга иҵара наигӡоит. Рҵаҩыс аусра далагоит Кәтолтәи ашкол аҟны. 1953 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт дҭалоит, дагьалгоит 1957 шықәсазы. Аусра хациркуеит ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿ, уи нахыс – Аҟәатәи аԥсуа школ арҵаҩыс дыҟан. Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны аҵара аминистрра аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы аинспекторс диаргоит. 1992ш. инаркны атәанчара ашҟа диасуеит, аха 2004ш. азынӡа арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара аԥсуа институт аҟны аус иуан.

Џь.Тапаӷәуа илагала бзиа ыҟоуп аԥсуа педагогика аусхк аҟны. Алагарҭатә классқәа рзы аԥсуа литература ахрестоматиақәа жәпакы еиқәиршәеит, иара убас арҵагашәҟәқәеи, апрограммақәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи уҳәа авторс дрымоуп. Уахь иалоуп: «Аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара азҵаарақәа» (1962), «Аҳамҭа. Ашколқәра азынӡатәи ахәыҷқәа рзы» (1964), «Адиктантқәа реизга. Алагарҭатә классқәа рзы (1972), «Аиҭаҳәақәа рыҩразы астатиақәа реизга» 1-3,4-8 аклассқәа рзы» (1972, 1973) уҳәа егьырҭгьы.

Џь.Тапаӷәуа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 1943 шықәсазы, афронт аҟны даныҟаз, убасҟан акьыԥхьгьы абеит иан илзааиҭиз раԥхьатәи иажәеинраала. «Ан лахь асалам шәҟәы». 1957ш. инаркны иҩымҭақәа лассы-лассы ирнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа ргәылоуп аизга «Ахаҵарашәа» (Аҟәа, 1980), «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009). Жәохә инареиҳаны ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизгақәа дравторуп.

Џь.Тапаӷәуа иажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыси ақырҭуеи бызшәақәа рахь, хазы шәҟәқәангьы иҭыжьын. Џь.Тапаӷәуа аԥсшәахь еиҭеигеит С.И.Маршак, К.И. Чуковски, А.Л. Барто, О.Т. Туманиан, С.Б. Капутикиан, И.Г. Ҷавҷаваӡе уҳәа рырҿиамҭақәа.

  • аԥсышәала: Аԥхьатәи ашьаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1958.
  • Иҷырҷыруеит ажәҵыс». Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1961.
  • Аҳамҭа. Ашколқәра аҟынӡа имнаӡац ахәыҷқәа рзы. Актәи аҭыжьра. Аҟәа, 1964.
  • Арҵу-каԥа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1966.
  • Арбаӷь ԥагьа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1970.
  • Кәадац имархәац. Аҟәа, 1973.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1974.
  • Сареи саҳәшьа хәыҷи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа 1979.
  • Адеи анбани. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1982.
  • Сара бзиа избоит ашьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Иухоумыршҭын… Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986.
  • Иахьа мҽышоуп. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988.
  • Сҩызцәа хәыҷқәа шәахь. Аҟәа, 1990.
  • Схәыҷ баҳча. Ажәеинраалақәа ашколқәра иаҵанамкыц рзы. Аҟәа, 2002.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 2004.
  • Иҩымҭақәа. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аҟәа, 2010.
  • Аҩбатәи атом. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Люблю я утро. Стихи. Сухуми, 1976.
  • Мы любим родную Абхазию. Сборник песен для детей. М., 1986.
  • Джигитовка. Стихи для детей младшего школьного возраста. Черкесск, 1996.
  • Кама и Чама. Стихи для детей дошкольного возраста. Черкесск, 1996.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 921