Смыр, Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа
Внешний вид
Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа Смыр (аур. Рушбей Хазаратович Смыр; жәабранмза 13, 1950 ш., Аацы ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи АССР — ԥхынгәымза 29, 2019 ш.) — Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет.
Фбиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Диит 1950 шықәса жәабранмза 13 рзы Аацы ақыҭа Гәдоуҭа араион. 1971 - 1973 шықәсқәа рзы аҵара иҵоит А.М.Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт аҿы иҟоу Иреиҳау алитературатә курсқәа. Дрылгоит 1987 шықәсазы.
Акьыԥхь аҿы дцәыпҵит 1966 шықәса инаркны. Иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ппремиа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аеҵәақәа рыкәашара. Аҟәа, 1973 шықәса.
- Ашьанҵа. Аҟәа, 1976 шықәса.
- Ахҿа. Аҟәа, 1979 шықәса.
- Сышьхақәа. Аҟәа, 1981 шықәса.
- Ашыцқәа рашәа. Аҟәа, 1985 шықәса.
- Акәукәуқәа еиқәҿырҭует. Аҟәа, 1988 шықәса.
- Сҽыласқәа. Аҟәа,1990 шықәса.
- Рада гәшьа. Аҟәа,1994 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 933-934
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Смыр Рушбей Хазаратович (аур.)
- Смыр Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа (аԥс.)