Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Светицховелтәи акафедратә аныхабаа (ақырҭ. სვეტიცხოვლის ტაძარი ) — Қырҭтәыла аиашахаҵара ауахәама апатриархтә акафедратә уахәама хада, Қырҭтәыла Ан-аныхабаа, Қырҭтәыла акатоликос-апатриарх иқәгылара аҭыԥ, ашәышықәсабжьаразы ирацәаҩны ақырҭуа аҳцәеи рҭаацәра алахәылацәеи апатриархцәа анышә раҭара аҭыԥ ауп, XI ашәышықәса ақырҭуа аргылара абаҟа, ԥшьба акафедратә ныхабаақәа ируаку (Ошки,Баграт иныхабаа, Алаверди). Игылоуп Қарҭ аҟнытә 20 километр инахыганы, ақалақь Мцхеҭа аҟны. Светицховели аҟны ишьҭоуп Иҳақәиҭу ихарԥ, Елиа Азԥхьаҳәаҩ ишәҵа. Иунеско адунеи акультуратә аҭынха абаҟа.

Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Светицховели аҭоурыхтә аныхабаатә аргыларақәа зегьы реиҳаӡа идуу ауп иахьанӡа еиқәханы иҟоу рҟнытә. Уи ашәышықәсақәа рыбжьара ақьырсианратә Қырҭтәыла адинхаҵаратә центрны иҟоуп. IV-тәи ашәышықәсазы ирқьырсианыз Мириан Аҳ, Нино ацқьа лыбжьагарала араҟа раԥхьаӡатәи ауахәама иргылеит, уи ҳара ҳаҟнынӡа изымааит. 1970-1971 шықәсқәа рзы аиҭаргыларатә- арестоврациатә аусурақәа рымҩаԥгара аан, иҭҵаан уи ауасхыр, иара убас ари абазилик зегьы ахсаалагьы ҟаҵан, иара абраҟа иргылан Нино ацқьа луахәама андырбга аамышьҭахь, Вахтанг Горгасали V – тәи ашәышқәса II-тәи азбжазы. XI- тәи ашәышықәсазы иԥхасҭахаз абазилик аҭыԥ аҟны қарҭлтәи акатоликос Мелқиседек аҽыц ауахәама иргылеит. Уи аргыларазы Арсукисӡе дааиԥхьеит. Аргылара 1010 шықәса иалагеит 1029 шықәсазы иалгеит. Иара аҟазаара ахаан Светицховели изныкымкәа еиҭаҟаҵан. 1283 шықәсазы аныхабаа адгьылҵысра иԥхасҭанатәит. XIV ашәышқәсазы Гьаргь Алаша аныхабаа аҟәырӷ еиҭаҟаиҵит. Иара уи ашәышықәса анҵәамҭазы «Иаварҳҟватә аспацәа Ланг-Ҭемырисаҭа»- идырбгеит амраҭашәаратә ажәҩа аҵә-шьаҟақәа, ихыржәеит аҟәырӷ ахәцәа аха аныхабаа зегьы арбгара рылымшеит. XV-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҳ Алеқсандыр Ду аныхабаа ибзиаӡыны еиҭаҟаиҵит. 1656 шықәсазы Аҳ Ростом, Мариам Аҳԥҳәыси еиҭадыргылеит аҟәырӷ ахәцәа. 1813 шықәса жьҭаара мза 30 аеқзарқос Варлаам иаамҭазы ирҿыцын Светицховелтәи аҭаларҭа-агәашә, уи иунарбоит аепиграфтәи анҵамҭа.

Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Археологиа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Светицховелтәи аныхабаа Амрагылара аҟнытә амраҭашәара ахь акыр иҵәрыԥсоу акәакьҭаиаша планс иаман. Аџьар асахьа ақәыԥшылараҿы иргылоу аҟәырӷ аԥшьганк рыла еимадоуп аԥшьба жәҩахырқәа. Ажәҩақәа акәакьҭаиаша рымоуп, амрагыларахьтәи ажәҩа ада, уи аныҳәарҭа аԥсида ала инҵәоит. Аныҳәарҭа аладеи аҩадеи рыҟны ҩ-цәаҳәак ала иҟаҵоуп ацәахырҭақәа. Аҟәырӷ иӷәӷәоу ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп, аҟәырӷ ахәцәа 16 ԥенџьыр амоуп. Аныхабаа акырынтә ахаҿсахьа шаԥсаххьазгьы, ажәытә аҭӡысахьақәа реиҳарак ыҟаӡам, аҭӡамцқәа рыршкәакәара иамнахит уи асахьаҭыхратә акра ахымԥадара егьырҭ аоргантә хәҭақәагьы, уи иахьагьы даараӡа идуу аџьашьахәыра амоуп.

Асахьаҭыхра[аредакциазура | акод аредакциазура]

XI-тәи ашәышықәсазы аныхабаа зегь исахьаҭыхын. Абри аамҭатәи асахьаҭыхрақәа иаанхаз зынӡа имаҷуп: аныхабаа амраҭашәаратә ажәҩа амраҭашәаратә аҭыӡы аҟны, асаркьал аҩадатәи-асцена агәырӷьаҽҳәала: Қьырсеи самариттәи аԥҳәыси, анышьа агәҭа алада амраҭашәаратәи ахыргьагьа аҟны – аҵиаатә аџьоуҳар, алада анышьа ажәҩан аршь аҟны еилкаам асцена ацәынхақәа. Егьырҭ аҭыхымҭақәа ихьшәоу аамҭа иатәуп. Аныҳәарҭа аҟны иаанханы иҟоуп асахьаҭыхра хыхьтәи арегистрқәа ҩба. Аконх аҟны иҭыхуп аҳ иҟәардә иантәалоу Қырса иаартна икуп анцәа ишәҟәы, амца зку агьежьқәа ирықәгылоу ҩыџьа амаалықьцәа, ахыргьагьа аҟны азгәыбылҩы сахьа змоу амаалықьцәа ԥшьҩык, аҭӡы аҟны ҩыџьа амаалықьхадацәа. Уажәтәиаамҭатә аҭыхымҭа XVI, XVII ма XVIII ашәышықәса иаҵанакуазаргьы ҟалоит. Ирҿыцуп XIX-тәи ашәышқәсазы. Еиҳа аинтирес амоуп аныхабаа аҩнуҵҟа, аиаша уҳәозар «Свети» (абаашеиԥшу аргылара) XVII-тәи ашәышықәса анҵәамҭаз асахьаҭыхра, уаҟа ақырҭуа ахымҩаԥгаратә аепизодқәа аарԥшуп (аҭыхрақәа анапхгаҩы асахьаҭыхҩы Григол Гулџьаварасашвили, аиҳабы – Николоз акатоликос). Адәахьылагьы иԥсаху даараӡа ирацәоуп: аҟәырӷ ахәцәа, аҿаԥшылара ахарԥ ахәҭа (уи ахаҳә еҵәала ирҩычоуп) XV-тәи ашәышықәса I азбжа иатәуп (арестоврациа Алеқсандруе I адуӡӡа ила инагӡоуп, Ҭемурленг ижәылара аан аныхабаа даараӡа аԥхасҭа ду азун, уи аамышьҭахь иҟаҵоуп), арелиефтә аҭыхымҭақәа шьоукы рҭыԥ ԥсахуп, XVII-тәи ашәышықәсатә алагамҭақәагьы ыҟоуп, аха арҭ арестоврациақәа еиларымгеит аргылара ишьагәыҭу аформақәеи, апропорциақәеи.

Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Аныхабаа ажәытәӡара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Археологиатә маҭәарқәа рыла ишьақәыргылоуп, аԥсыжырҭатәи аҭыԥ уи раҭхьаӡатәи ауахәама андыргылаз инаркны иҟоуп. Идырым ари аҭыԥ аҟны ижу ауаа зусҭоу IV-тәи ашәышықәсанӡа, дҳамԥхьаӡар аивреи Сидониа Иҳақәиҭу ихарԥ игәы инадиҵан, уа иԥсыз анышә дарҭит ахарԥ ашьаҟа аҭыԥ аҟны. Светицховели анышә иаҭоу иазку адырра Вахтанг Горгасали иамадоуп. Иахьазы Вахтанг Горгосали раԥхьатәи иԥсыжырҭатә ахаҳә аанымхеит. Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла Светицховеи аҟны Вахтанг Аҳ нас ауп анышә данарҭаз Евстаҭи Мцхеҭатәи. Акгьы дырым аҩыратә хыҵхырҭақәа рылагьы VI-XI –тә ашәышықәсақәа рзы уа анышә иаҭоу рзы. Ишдыру ала 10101029 шықәсақәа рзы Светицховелтәи х-нышьак змоу абазилик ирҿыцын, еиҭаҟаҵан акатоликос-апатриарх Мелқиседек I –тәи иаԥшьгарала. иара Мелқиседек I –тәи иакәын раԥхьаӡа анышә иарҭаз ҿыц иргылаз Светицховели аҟны. «Мелқиседек иуасиаҭ-шәҟәы) ала. Уи 1896 шықәсазы иаларҵәан Ҭ. Жорданиа ила. 1049 шықәсазы Мелқиседек иаамышьҭахь, иара иадиргылаз алада еквдер аҟны анышә дарҭоит Қырҭтәыла анаҩстәи акатоликос-апатриарх Иоане V ахьҿа. XII –тәи ашәышықәса инаркны ақырҭуа аҩымҭатә хыҵхырҭақәа рыла, анашә иамоу рыҟнытә раԥхьаӡа Светицховели анышә иарҭаз дыруакуп Демна аҳиԥа, Давиҭ V –тәи иҷкәын Гьаргь III –тәи иашьаиԥа. Иҟоу агәаанагарала, уи дыҟан светицховели аҟны Багратиониаа рыжәлашьҭра ахаҭарнак анышә иаҭара раԥхьаӡатәи ахҭыс. XIII –тәи ашәышқәса Светицховели иҟалоит Багратиониаа рыԥсыбҩа ҭыԥны. 1248 шықәса Светицховели аҟны анышә дарҭит Ула Давиҭ раԥхьатәи иԥҳәыс Аҳԥҳәыс Џьигда-Хаҭуна. 1271 шықәса Светицховели анышә дарҭит Лаша-Гьаргь иԥа Улу Давиҭ. Уи ари аныхабаа аҟны Аҳ Багратиониа анышә иаҭара раԥхьатәи ахҭысуп.[1]

Светицховелтәи акафедратә аныхабаа

Абаагәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Светицховели иаакәыршаны иамоуп аквадрат форма змоу аанда (121,6 м; X 110,5 м.). Уи ргылоуп 1787 шықәса, Ерекле II –тәи идҵала , уи шьақәнарӷәӷәоит аладатәи аган аҭаларҭа ахы аҟны иҭырҿҿоу анҵамҭа: Иара абри анҵамҭа ала иубоит, Светицховели уаанӡагьы ишамаз аанда-акәырша, уи ахәҭақәа алоуп уажәтәи амрагыларатәи аҭӡы аандаҿы. Абаагәара ажәытә ахәҭа иҟаҵоуп ахаҳә-цәы ала, џьара-џьара аҭыԥынтәи ахаҳәгьы рхы иадырхәон.Ерекли иаамҭатәи аргыларақәа реиҳараӡ аӡииас хаҳә ала ауп ишыргылоу. Аҭӡы иалҳәҳәо аҵәқәеи акылҳарақәеи ақьылмытгьы алоуп. Аанда ҩ-еихагылак амоуп: ҵаҟатәи ахәҭа зегьы зынӡа ишәаҳауп, хыхьтәи иамоуп аиқәԥаратә мҩахәасҭа, аҭӡамц иҭаҟаҵоуп ашәақьқәа, акылҳарақәа. Аанда иалоуп ф-цилиндр форма змоуи ҩба аԥшькәакьҭа змоу абаашқәа. Абаашқәа ҩба-хԥа еихагыла рымоуп. Аҵыхәтәантәи аихагыла ацәахырҭа ауп. Аанда кәырша ладатәи аҭӡы аҟны агәашәхәҷы амоуп. Уи адагьы аладатәи аҩадатәи аҭӡамцқәа рҿы иҭшәоу ашәқәа ҩба амоуп. Аанда амрагыларатәи аган ала аҭӡы иалоуп XI-тәи ашәышқәса аԥенџьыр, асаркьал, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иргылаз аԥсҭазааратәи, ақыҭанхамҩатәи аргыларақәа. Аҟәырӷ хәыҷы зхагылоу ауахәама, аладатәи адыргыларақәа Диубуа де Монперес иҭыхымҭақәа рҿы.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

ბერიძე ვ., ძველი ქართული ხუროთმოძღვრება, თბ., 1974;
  • ჩუბინაშვილი გ., ქართული ხუროთმოძღვრება საშუალო საუკუნეებში და მისი სამი მთავარი კათედრალი, კრ.:არილი, ტფ., 1925;
  • Гвердцители Р., Мцхета, Тб., 1962
  • ”საქართველოს ისტორიისა და კულტურის ძეგლთა აღწერილობა” რედკოლეგია: ვ. დოლიძე, ს. კინწურაშვილი, უ. სიდამონიძე, თბილისი 1990, ტომი 5
  • Натроев А. Мцхет и его собор Свэти-Цховели. Историко-археологическое описание. 1900
  • Ашаблон:ძმ
  • Ашаблон:ძმ
  • კუდავა ბ., ქართველი მეფის დაკრძალვის ადგილი: პიროვნული არჩევანი, ტრადიცია თუ პოლიტიკური გადაწყვეტილება?, „ისტორიანი“ (სამეცნიერო კრებული, მიძღვნილი როინ მეტრეველის დაბადების 80 წლისთავისადმი), თბ., 2019, გვ. 139-167.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]