Перейти к содержанию

Сангәлиа, Шьалуа Михаил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шьалуа Михаил-иԥа Сангәлиа
Шалва Михайлович Сангулиа

Шьалуа Михаил-иԥа Сангәлиа
Аира лаҵарамза 7, 1922 ш.
Џьгьарда ақыҭа, Очамчыра араион араион, ССР Аԥсны
Аԥсра ԥхынгәымза 26, 1982 ш.
Аҟәа ақалақь, Аԥснытәи АССР, СССР
Аусура апоет, апрозаик, адраматург
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла
Алма-матер Литературный институт

Шьалуа Михаил-иԥа Сангәлиа (аур. Шалва Михайлович Сангулиа; лаҵарамза 7, 1922 ш. Џьгьарда ақыҭа – ԥхынгәымза 26, 1982 ш. Аҟәа ақалақь) — аԥсуа поет, апрозаик, адраматург. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩыцәа Реидгылақәа дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Дыҩуан аԥсы-шәала.

Аҵара иҵон Џьгьардатәи, Аӡҩыбжьатәи, Очамчыратәи ашколқәа рҟны. А. С. Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1952), иара убас А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәа дырхысит. Аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы.

Иҩымҭақәа акьыԥхь рбоит 1939 ш. инаркны ажурнал «Алашара», агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» рҟны. Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.». (Аҟәа - Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа – Москва, 2009). Иҩымҭақәа еиҭаганы ианылеит 1958 ш. Москва иҭыжьыз «Антология абхазской поэзии».

  • аԥсышәала: Сымҩанызаҩ. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1957.
  • Апиесақәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1958.
  • Сыԥсадгьыл ааԥынра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Ажәабжьқәеи, алакәқәеи, асатирақәеи. Апиесақәа. Аҟәа, 1972.
  • Ицәажәоит Бзыԥҭа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1976.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алегендақәа. Аҟәа, 1982.
  • Аԥсҭазаара амҩала. Ажәабжьқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 1983.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 916-917